«Ари аныҳәа хаҿра азнауеит Урыстәыла ажәларқәа рдоуҳамч, ракзаара, реилаҵәара, иарбанзаалак ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи риааира азхиара. Иахьа, Урыстәыла аҿаԥхьа зымҽхак ҭбаау аусқәеи аԥышәарақәеи анықәгылоу аамҭазы, милаҭрацәала еилоу ажәлар реилаҵәара атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иашьаҭоуп.
Аԥсны ԥсахрада иадгылоит наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵареи азеиԥш бзазареи шьаҭас измоу Урыстәылаҿы аиҩызаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Ахәшьара ҳаракы аҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиара азҵаарақәа рганахьала иҟашәҵо адгылара, иара убас арегион аҟны аҭышәыртәалареи ашәарҭадареи рызҵаарақәагьы налаҵаны», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Путини Урыстәыла атәылауаа зегьи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, уаҵәтәи амш агәрагара, ажәҩан цқьа.
* * *
Иара убас Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин идиныҳәалеит жәлар ракзаара Амш.