Урҭ ркандидатурақәа шьақәырӷәӷәахеит жәабранмза 3, 1990 шықәса рзы имҩаԥысыз Афорум II Аизара Ду аҿы. Агазеҭқәа рҭыжьра шымҩаԥысуаз атәы Аԥсныпресс акорреспондентцәа иреиҭеиҳәеит апоет, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент актәи ааԥхьара адепутат, еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатә уусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Геннади Аламиа. Иара иазгәеиҭеит ари амш Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» иадҳәалаз зегьы рзы акыр зҵазкуаз мшны ишыҟалаз. «1988 шықәса рзы еиҿкаан жәлар рфорум "Аидгылара". Анаҩс ацәажәарақәа цон афорум иҭнажьуа акьыԥхьтә хархәагақәа ыҟамзар ада ԥсыхәа ыҟам ҳәа. Уажәы аинтернет ала иҟауҵалак ауеит, ахақәиҭра ыҟоуп, аха усҟантәи аамҭазы аофицалтә ҭыжьымҭақәас иҟаз зегьы ҳара иаҳҿагылан. Аԥсны иҭыҵуаз акьыԥхь, аԥсуаа ишаҳҭахызҵәҟьаз, иахәҭаны иаҳаԥхьаӡоз инҭкааны ианаҳзымҳәоз аамҭан усҟан. «Аидгылара» ажәлар ҳәаақәызҵоз, хырхарҭак рыманы рхықәкахьы инеирцаз еидызкылоз акакәны еиҿкаан. Афорум ахаҭа ус иҟан, уи аҭыжьымҭагьы ус иҟалар акәын. Усҟантәи аамҭазы акьыԥхь абжьы мгар, иаҳҳәоз зегьы аофициалла изеиԥштә усны изыҟалаӡомызт… Усҟан даара имариамыз аамҭан, Аԥсны ҩаԥхьа аԥҭа еиқәаҵәақәа ахаԥо иалагеит. Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы изныкымкәа убас еиԥш аҭагылазаашьақәа шьақәгылон, ажәлар рҽеидкыланы, рымчкәа зегьы ааизганы, аӡәк еиԥш еидгыланы мацара арыцҳара ацәцара анрылшоз. Убас, 70-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы, 80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы аҭагылазаашьа даара ихьанҭан. 1977-1978 шықәсқәа рзы Асовет Еидгыла маҷк иаҳхаҵгылан, ажурналқәа роума, ателехәаԥшра аума, ауниверситет аума иҟарҵаз рацәоуп, аха «ҳашьцәа» иҳанарыжьуамызт, иааҟәымҵӡакәа аҳәынҵәа ҳақәҭәара иаҿын. Иҭыҵуаз дара ргазеҭқәа ирнылоз иаԥхьоз рхы еиланагон, изамыԥхьоз ртәы хазуп», - иазгәеиҭоит Геннади Аламиа.
Усҟантәи аамҭазы аизарақәа мҩаԥысуан, афорум «Аидгылара» аус ауан, иҟазар акәын иара аҿахәы зҳәоз акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, ус азырыӡбеит Афорум апрезидиум аҟны. Убри инақәыршәаны ҩ-газеҭк – аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыҵуа рыӡбеит. Агазеҭ аԥсуа варианти аурыс варианти аамҭакала иҭыҵуан, аха урҭ ирнылоз аматериалқәа еиԥшӡамызт. «Ҳара зны-зынла «Единение» аҟынтә материалк еиҭаганы ҳгазеҭ адаҟьақәа рҿы ианаҳкьыԥхьуазгьы ыҟан. Даргьы убасҵәҟьа аԥсышәала иҩыз аматериал аурысшәахь еиҭаганы ианырҵар алшон. Ҳара ҳхаибарҭәаауан, избан акәзар ҳнапы злакыз уск акәын, ҳусура ҳажәлар рымаҵ аура, урҭ ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азықәԥара иазкын. Ҳхықәкы хаданы иҟаз аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара ауп. Уи ахьынӡаҳалшаз ахәшьара азҭаша ҳара ҳакәӡам, уи ажәлар роуп изылшо», – иҳәеит Геннади Аламиа.
«Иаагозар, ҳара агазеҭ аномерқәа Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ирзаҳшон, даара ирацәаны азхьаԥшрагьы аиуит. Исҳәар сылшоит, уи аредакциа аколлектив зегьы шракәу изыбзоуроу. Агазеҭ даара ароль ду нанагӡеит иҟоу аҭагылазаашьа аилыркаареи ажәлар реидкылареи рҿы. Ҳара имаҷымкәа аҭоурыхтә материалқәа ҳкьыԥхьуан, ҳҭоурых «имаӡаз» адаҟьақәагьы уахь иналаҵаны. Ауаа аиаша рызнагатәын. Аофициоз араҟа хәарҭа аманы иҟамызт», – иҳәеит Геннади Аламиа.
Геннади Аламиа иажәақәа рыла, аԥсуаа ирхарахазеи дара ианаамҭаз гәаартыла Мраҭашәарантәи Қырҭтәыла аҟынтәи ахҵәацәа здызкылаз, рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы ирԥылазар, ирылшоз ала ирыцхраауазҭгьы, иҟалазеи нас аамҭақәак рышьҭахь асасцәа аԥшәымара аанкыланы, Аԥсны аԥсуара иаҵанакуа зегьы мап рцәыркуа, уимоу, аԥсуа идгьыл имаркуа изалагазеи ҳәа азҵаарақәа рызцәырҵуа иалагеит. Ҳара арҭ азҵаарақәеи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак аԥшаара ҳҽазаҳшәон. Уи аҭоурых азы адагьы, еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа рызгьы акырӡа аанагон», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.
Иара ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны Жәлар Рфоруми уи акьыԥхьтә органқәеи Аԥсны жәлар риааира идеологиала иазыҟарҵеит. «Ҳара иара убас идеологиала Нхыҵ- Кавказ ажәларқәа – арыцҳара ду ҳанақәшәа ацхырааразы иаҳзааз ҳашьцәа реидгыларазы иҳалҳаршаз маҷӡам. Сара еснагь исҳәоит, уи зыбзоуроу Нхыҵ- Кавказҟа ицаны аиашьаратә жәларқәа рахь Аԥсны ацхырааразы ааԥхьара ҟазҵаз аӡәы, ҩыџьа хҩык ракәӡам. Уи жәаҳәарада, аидеологиатә усура иалҵшәоуп, аха раԥхьа иргыланы ишырҳәо еиԥш, «ашьа ахала аҽунардыруеит», ҳашьцәа шьала-дала ҳаидызкыло еилкааны рыжәҩахыр еибыҭа иҳавагылеит. Уи ауп зегьы ирыцку. Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа – аиашьаратә жәларқәоуп, аха доусы рхатәы ҭоурых, иҷыдоу атрадициақәа, аҵасқәа рымоуп. Иԥшаатәын убас акы – зегьы еидызкылоз, Аԥсныҟа ацхырааразы иаартә еиԥш агәазыҳәара рызҭашаз. Уи даара иуадаҩын, араҟа ароль ду нарыгӡеит афорум агазеҭқәа, аиҳарак урысшәала иҭыҵуаз акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа», – иҳәеит Геннади Аламиа. Жәаҳәарада, урысшәала иҭыҵуаз агазеҭ «Единение» аԥхьаҩцәа раудиториа ду аман, иара Нхыҵ-Кавказгьы, Москвеи. Жәлар рфорум агазеҭқәа рҿы икьыԥхьыз аматериалқәа Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы иҟаз егьырҭ аҭыжьымҭақәа рҿы еиҭаркьыԥхьуан.
«Иахьа ҳажәлар Жәлар рфоруми аџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭақәеи рзы еиԥшҵәҟьа аидгылара рҭахуп. Аҳәынҭқарра аргылара — ари аибашьра аасҭа акала имариам, акыр аҵак ду зҵоу усуп. Аиҳарак уажәы, адунеи аҿы аиҭакра ӷәӷәақәа анымҩаԥысуа, ӷәӷәала амчқәа реиҭаҽеихшара анымҩаԥысуа аамҭазы. Аидгылара аҭахуп ари уажәы-уажәы зҽеиҭазкуа адунеи уаламӡырц азы. Сара агәра ганы сыҟоуп, иахьагьы ҳара «Аидгылара», «Единение» реиԥш иҟоу агазеҭқәа шаҳҭаху», – иҳәеит Геннади Аламиа. Иара дрықәшаҳаҭӡам иахьа аинтернет аҟазаара инамаданы акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа уи аҟара азхьаԥшра рыҭатәӡам ҳәа зҳәо. Агазеҭтә кьыԥхьымҭақәа равторцәа игәаларшәо, Геннади Аламиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, «ихадоу авторцәаны иҳаман иналукааша аҵарауаа, аполитикцәа, зыуаажәлар ираҳәатәу атәы шьахәла издыруаз ауаа, зыгәра ргоз, згәаанагара иазыӡырҩуаз, Аԥсны иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи – 90-тәи ашықәсқәа рзы аҭыԥ змаз иуадаҩыз, ԥсыхәа змам аҭагылазаашьақәа ралҵшьазы авариантқәа рыдгалара зылшоз».
Аԥсны Жәлар рфорум агазеҭқәа ирнылоз акьыԥхьымҭақәа хшыҩзышьҭрала ирыцклаԥшуан Қырҭтәыла. «Иҵару азҵаара ала, иаагозар аҭоурыхтә тема шьҭаҳхуазар, иаразнак ақырҭуа прессаҿы ҵарауаҩык игәаанагара ркьыԥхьуан, акритикатә ақәҿыҭрақәа цәырҵуан. Ҳара ҳакәзар, ақырҭуа кьыԥхьымҭақәа цәахыхрала рҭак аҟаҵара ҳхы иаҭәаҳшьаӡомызт, ҳара анаукатә аргументациала ишьаҭарку акьыԥхьымҭақәа ҟаҳҵон. Урҭ рыгәра ргон Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿгьы. Афорум «Аидгылара» ала икьыԥхьхоз рҟынтәи аматериалқәа жәпакы Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Аԥснытәи адепутатцәа рықәгыларақәа, аиҳарак Владислав Арӡынба иҭоурыхтә қәгыларақәа ирныԥшит», – ҳәа иҳәеит Геннади Аламиа. Аибашьра ианалага Жәлар Рфорум «Аидгылара» аусура иаҟәыҵит, уи инамаданы агазеҭ аҭыжьрагьы аангылеит.
«Аибашьра анцоз иҭыҵуа иалагеит егьырҭ агазеҭқәа, еиҿкаан арадиодырраҭарақәа, ателедырраҭарақәа. Урыстәылатәи амассатә информациа ахархәагақәа рҿы акьыԥхьымҭақәа рацәан. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра атәы рыҩуан иара убас аҳәаанырцәтәи амассатә информациа ахархәагақәа. Аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа диаспора иамаз алшарақәа зегьы рхархәарала адунеизегьтәи ауаажәлар рҟынӡа иҟоу-шыҟоу азы адырра анагаразы аҽазышәарақәа ҟанаҵон. Жьҭаарамза 22, 1992 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуа институти рбылра мацара афакт абанӡанеиуеи. Агәра ганы сыҟоуп Афорумгьы уи агазеҭқәеи ахықәкы – ашәарҭара аҿаԥхьа ажәлар реидкылара анагӡара шрылшаз», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади Аламиа. Иара убасҵҟьа уи иазгәеиҭеит аӡәгьы Жәлар рфорум «Аидгылара» шаимыркыз, аӡәгьы уи шаԥимхыз. Аибашьра ашьҭахь Афорум аамҭақәак аус ауан. «Ари аиҿкаара аҭоурыхтә миссиа нанагӡеит. Абҵарамза 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит – исуверентәу, идемократиатәу азинтә ҳәынҭқарра – Ареспублика Аԥсны Аконституциа. Уи, Ареспублика Аԥсны асуверенитет ныҟәызго, амчра змоу ажәлар заҵәык – ареспублика атәылауаа роуп ҳәа иарбоуп. Аибашьраҿы аиааира згаз, зхақәиҭреи зхьыԥшымреи зыхьчаз ажәлар анаҩс анхашьаз аҵаҳәара рҭахны иҟамызт. Убри аан, аидеологиатә усура аӡәгьы мап ацәимкӡеит, аха уажәы зхы иақәиҭу Аԥсны уи нарыгӡон аибашьра ашьҭахь атәылаҿы иҭрыжьуаз агазеҭқәа зегьы», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Геннади Аламиа.
* * *
Агазеҭқәа «Аидгылара», «Единение» ҭыҵуан аԥхынра 1989 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа мызкахьы знык. Агазеҭ «Единение» атираж – 10- нызықь екземплиар рҟынӡа инаӡон, «Аидгылара» – 5- нызқь.
Адемократиатә ауаажәларра-политикатә ҵысра аҳасабала аҭоурых ианылаз Жәлар Рфорум «Аидгылара» аԥҵан 1988 шықәса рзы. Аԥсны апатриоттә мчқәа реидгыла ҿыц аԥҵара апроцесс акыр анырра анаҭеит еицырдыруа аинтеллигенциеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ашәҟәы. Уи XIX апартиатә конференциа ахьӡала идәықәҵан. Жәлар рфорум «Аидгылара» аԥҵара нахыс Аԥсны жәлар рмилаҭтә ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара азықәԥара иҿыцу астадиа иҭагылеит.