Ш.Инал-иԥа инарҭбааны деицырдыруеит Аԥсны, уи анҭыҵгьы аԥсуаҭҵаареи кавказҭҵаареи хра злоу рпроблемақәа, аԥсуаа рҭоурых аҭҵаара иазикыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы равтор иаҳасабала. Аҵарауаҩ иҭҵаамҭа дуқәа иреиуоуп: «Аԥсуаа», «Аԥсуаа ретнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», «Атрадициеи аамҭеи», «Асаӡқәа», «Аԥсуа етикет аочеркқәа» уҳәа егьырҭгьы. Ш.Инал-иԥа иусумҭақәа алкаауп дзыхцәажәо инарҵауланы аҭҵаарала, ашьаҭаркрала, ихы иаирхәо ахыҵхырҭақәа рырацәарала.
Аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә интересқәа ирыҵаркуан абызшәадырреи, алитератураҭҵаареи, аетикеи, афольклористикеи еиуеиԥшым распектқәа, убрахь иналаҵаны Нарҭаа репосгьы.
Шалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа аҭауадшьҭра деиуан, диит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Аҵарауаҩ илахьынҵа ижәлар рлахьынҵа аиԥш, драматизмла еибаркын, 1922 шықәсазы иаб диԥхеит, 1935 ш. азы ддырбаандаҩит иашьа, академик Н.И.Вавилов иаспирант, аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа руак аниҭиуаз иан лыԥсҭазаара дшалҵыз атәы иарҳәеит. Ибзиаӡан далгеит Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи иҿырԥшыгоу ашкол 1936 шықәсазы, адкыларатә ԥышәарақәа ибзиаӡаны дырхысит МИФЛИ афилософиатә факультет аҟны.
Аха аинститут аҟны иҟаз аҟәшаҷыдала еилкаахеит иашьеиҵбы «ажәлар дышраӷаз». Иара иеилдыркааит усҟантәи аамҭазы ахьӡ-аԥша змаз аҵараиурҭаҿы аҟазаара иара ишиҭыԥым. 1936 шықәса сентиабр 28 азы аҵарахь дымнеизшәа ҽыҵгас иҟаҵаны, аинститут дҭырцеит.
Аԥсныҟа даныхынҳә абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аус иуан, аха ҩаԥхьа даҽа аахакгьы иоуит – агәыбжьанытә иашьа «ажәлар драӷоуп» ҳәа ддырбаандаҩит. Ихалазаҵәык адәы даақәхеит, уи моу иара имазҵаакәа рыҩнгьы рҭиит.
Иҩызцәа рыцхыраарала 1938 шықәсазы ҩаԥхьа Москваҟа дцеит, дагьҭалеит К.Либкнехт ихьӡ зхыз Арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Диплом ҟаԥшьыла далгеит 1941 ш. азы.
Аԥсныҟа даныхынҳә аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» ақыҭанхамҩатә ҟәша аиҳабыс.
1943 шықәсазы Ш.Д.Инал-иԥа Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭоурых Аинститут даспирантхеит. Идиссертациатә усумҭазы темас иалихит аԥсуаа рҭаацәаралалара азҵаарақәа.
1946 шықәса инаркны Ш.Инал-иԥа академик Н.Марр ихьӡ зхыз Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт (ашьҭахь –абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи ринститут) аҭоурых аҟәша аҟны ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс дахыԥхьаӡалан. 1958 шықәсазы аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи рыҟәша аиҳабыс дҟаҵан, аинститут аҩнуҵҟа аиҭакра-еиҿкааратә усурақәа анымҩаԥырга ашьҭахь, 1962 шықәса инаркны аетнографиа аҟәша аиҳабыс дыҟан.
1962 шықәсазы СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аетнографиа Аинститут аҟны «Аԥсуаа» атемала адоктортә диссертациа ихьчеит.
1968 инаркны 1988 шықәсазынӡа Ш.Инал-иԥа аҭҵаарадырразы абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи ринститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, 1988 шықәса инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡа аҭаарадырратә усзуҩ еиҳабыс дыҟан.
100 инареиҳаны аусумҭақәа ҭижьхьан. Акырынтә дрылахәхахьан Зегьеидгылоутәи арегионтәи асесиақәа, аконференциақәа, Адунеизегьтәи аконгрессқәа. Ш.Инал-иԥа Аԥснытәиа АССР Иреиҳаӡоу Асовет абжьбатәи аабатәи ааԥхьарақәа дырдепутатын.
«Шьалуа Инал-иԥа – аԥсуаа рмилаҭтә ҵарауаҩ ду иоуп. Иҭҵаамҭа дуқәа еснагь абжьықәыргара роуан, иаҳараӡак ақырҭуа ҭоурыхҩцәа рганахьала, избанзар урҭ аԥсуаа рхылҵшьҭра иазкыз аҵарауаҩ иҩымҭақәа рхы рыхнахуан», – иҳәеит Спутник иаиҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа.
Инал-иԥа активла дрылахәын СССР-и уи анҭыҵи имҩаԥысуаз аҭҵаарадырратә форумқәа. Иара иаԥшьгарала 1963 шықәсазы Аҟәа еиҿкаан Нарҭаа репос апроблемақәа ирызкыз Зегьеидгылоутәи аҭҵаарадырратә конференциа. Абри ажәалагала иадгылаз академик Иури Бромлеии иареи Аҟәа еицымҩаԥыргеит аетнографиатә, антропологиатә ҭҵаарақәа ирызкыз Зегьеидгылоутәи асессиа, далахәын Кавказ ақәрарацәа апроблемақәа ирызкыз асовет-америкатәи апроект.
Ш.Инал-иԥа иаспирант шықәсқәа раан ихациркит иҭҵаарадырратә усура. Уи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны ақыҭақәа дрылан, еизигон Нарҭаа ирызкыз аҳәамҭақәа уҳәа афольклортә, амифологиатә рҿиамҭақәа, алингвистикатә, ҷыдала атопонимикатә материал, ҷыдала хшыҩзышьҭра рзиуан хыԥхьаӡара рацәала истатиақәеи имонографиақәеи рзы шьаҭаны иҟалоз аҭоурых-етнографиатә материалқәа.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан, 1992 шықәса октиабр азы ақырҭцәа Аԥсуа институт амца ацрарҵеит. Уа иалаблит Шьалуа Инал-иԥа авторс дызмаз аусумҭа «Мраҭашәаратәи Қырҭтәылаҿы аԥсуа-адыга топонимика».
Ари аибашьра ԥышәара ӷәӷәахеит Ш.Инал-иԥа иҭаацәараҿы. Аԥсадгьыл ихы ақәиҵеит иҷкәын заҵә Адгәыр.
Аиааира ашьҭахь ҩышықәса ааҵуаны, 1995 шықәса сентиабр 22 азы иԥсҭазаара далҵит Шьалуа Инал-иԥа, 2024 шықәсазы – иԥшәма.
Шьалуа Инал-иԥа аҭҵаарадыррақәа Адыгатәи жәларбжьаратәи академиа ҳаҭыр зқәу лахәылан, Аԥснытәи АССР-и Қырҭтәылатәи ССР-и рҟны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз усзуҩын, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, иара убас СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа