Аныҳәатә еизара иалагаанӡа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аилазаара 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахази рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахази рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аветеранцәа ирыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалагеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рбираҟ ацәыргарал еи Аҳәынҭқарратә гимн арҳәаралеи. Аныҳәатә еизара иалахәыз иддырбеит ҷыдала уи азы иҭыхыз адокументтә фильм аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Рветеранцәеи урҭ Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы рлагалеи иазкын.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аветеранцәа дрыдныҳәалеит.
«Ҳара ҳветеранцәа – иуадаҩу аԥсҭазааратә мҩа ианысыз, зымчи зылшареи зегьы ацәгьоура аҿагылара иазызкыз ауаа роуп. Иахьа ҳара ҳаиҳабацәа, ҳколлегацәа еиҵагыло аусзуҩцәа рабиԥара реиҵааӡараҿы рлагала дууп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ирацәоуп афырхацәа, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы акыр зааԥсара дуу амилициа аусзуҩцәа. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам зыԥсҭазаара ахҭынҵаны ԥхьаҟатәи ҳԥиԥш зыхьчаз», – иҳәеит Роберт Киут.
Ршьапы иқәгыланы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит иҭахаз рҩызцәа.
Роберт Киут аԥсуа милициа 100 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит ҳәа азгәеиҭеит.
«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аус руеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа, урҭ русуратә ԥышәа апрофессионализми афицертә хьӡы-ԥшеи рҿырԥштәны иҟоуп, – иҳәеит аминистр. – Ҳара аветеранцәа рыла ишьаҭаркыз хра злоу атрадициақәа наҳагӡоит, уи иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит».
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟынтәи адныҳәалара даԥхьеит.
«Ари аныҳәа аԥҵара акыр зҵазкуа, аамҭа иақәшәо усны исыԥхьаӡоит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп зыԥсҭазаара зегьы ацәгьоура аҿагылареи азакәанра ашьақәырӷәӷәареи ирзызкыз аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәара», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа Рхеилак ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Владимир Џьынџьал Аԥсны раԥхьаӡа акәны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа Рымш азгәарҭоит ҳәа гәахәарыла дахцәажәеит. Иара аветеранцәа зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, ашықәснҵыра ду, аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Владимир Џьынџьал Аԥсны амилициа ашьақәгылара аҭоурых ихадоу апериодқәа дырзааҭгылеит, иара убас Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветерантә еиҿкаара аусура далацәажәеит. Иахьа Аԥсны иҟоуп 1500-ҩык инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа. Аԥснытәи аветеранцәа адныҳәаларатә цҳамҭа рзааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Игор Зубов.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра илахәыз Рассоциациа ахантәаҩы, ԥхьатәара иҟоу амилициа аполковник Аслан Дгьебиа аибашьра аан аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчаразы зхы иамеигӡаз аветеранцәа дрыхцәажәеит.
«Аибашьраҿы иҭахеит 41-ҩык, аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан – 72-ҩык. 28-ҩык аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа усзуҩцәа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵан, урҭ рахьынтә 8-ҩык аибашьраҿы иҭахеит, 7-ҩык –рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан. 62-ҩык Леон иорден ранашьоуп, 113-ҩык – «Агәамшәаразы» амедал. 392-ҩык аибашьра иалахәыз амилициа аусзуҩцәа рҟынтәи 203-ҩык аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп», – иҳәеит Аслан Дгьебиа.
Аԥснытәи рколлегацәа рзанааҭтә ныҳәа рыдырныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветерантә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.