Тәанба Рудик Уасил-иҧа 1962 ш. рашәарамза 15 рзы Дәырҧшь ақыҭан диит. Тәанихәатәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Германиа арратә уалҧшьа ихигеит. Занааҭла дмашьынаныҟәцаҩын. Рудик иашьа иҧшәмаҧҳәыс Еҭери Ферзба-Тәанба лгәы иладуны лабхәында дихцәажәон: "Иоура, иҭбаара, игәаҕь, иҧсадгьыл абзиабара, зегьы ихы-иҿы ианубаалон. Гәеиҭаҧарак зцымыз хаҵан. Уи алеишәа ҷыдагьы иман. Ианаҭахыз, иахьаҭахыз дыҟан. Иара изы еилых дыҟаӡамызт. Аиаша ахьимбоз аӡәгьы зымшаҭоз уаҩын. Урҭ иҟазшьақәа зегьы аибашьраан иааирҧшит".
Тәанба Рудик арратә уалҧшьа ихганы данаа, Москваҟа дцоит. Уа асовет аамҭазы еицырдыруаз азауад "Серп и молот" аҿы аусура далагоит. Шықәсык аус аниу ашьҭахь, Владивостокҟа диасуеит. Уаҟа ахара иныҟәо аҕбаҿы аусура иҽазикуеит. 1986 ш. уахь данца, уаҟа аҭаацәара далалоит. Светлана Михаил-иҧҳа Черноваи иареи рыҧсҭазаара еиларҵеит.
Тәанба Мыта, Рудик иашьа игәалаиршәон: "Рудик Мазик ҳәа иаҳҳәон. Аибашьра ианалагоз иҧшәмеи иареи ҧсшьара иааны иҟан. Риҵа рыҧсы ршьон. Уаҟа акгьы имаҳаӡеит. Данылбаа иҟалаз шиаҳазҵәҟьа Дәырҧшьаа иҽырхьигӡеит. Абџьар имаӡамызт. Гәымба Мкан ртҟәацгак ииҭаз икын. Аҟәантә ихынҳәуаз ҳҭынхацәақәак рыла иҧшәмаҧҳәыс илзааицҳаит, дизымҧшырц, аҩныҟа лара лхала дхынҳәырц…
Аҟәа, Ацҳа ҟаҧшь ааигәара итәан. Иҩызцәа даарылҵын, ақалақь агәҭахьы иҟоу ибарц иӡбеит. Ихала, бџьарда ацҳа ахахьала дышнеиуаз, ақырҭцәа дрылашәеит. Урҭ зегьы бџьарла еиқәных иҟан. Рудик дааныркылеит. Дара рацәан, иараӡәк иакәын иҟаз. Аҭӡамц ахь иҿы рханы ддыргылеит. Аус ауа игылан амашьына ГАЗ-24. Даҳшьуеит ҳәа рҽырхианы ишгылаз, аганахь игылаз, иҟаз збоз қырҭцәақәак "шәиламкьысын" ҳәа ҿырҭит. Арҭ еицәажәонаҵы, Рудик амашьына аус зуаз, дақәтәан ддәықәлеит. Еихсуа иашьҭалеит, аха иара архәара иавеигалахьан. Уи амашьына иақәгылаз асиренақәа аркны Гәымсҭа ацҳаҿы, ҳаибашьцәа рҿы дааит. Ари ахҭыс, аибашьра аҧхьатәи амшқәа рзы иҟаиҵаз ажәлар еимкәкәаа ирҳәон. Уи аӡәгьы дҳаиҧшӡамызт".
Тәанба Рудик Гагратәи ахырхарҭахь Дәырҧшьаа анырышьҭуаз аламҭалазы ихатәы ҧарала автомат ааихәеит. Уи ргәыҧ иахагылаз Тәанба Џьонџьик дырҕьажәҩаны днаивагылеит. Иҩызцәа дрылагыланы Ҧсоу аҳәаанӡа днаӡеит.
Тәанба Рудик, уи аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҭагылазаашьа бзианы еилызкаауаз, уахь дцарц иӡбеит. Игәҭакы аҩны ианиҳәа, иан Сангәылиа-Тәанба даара ихьаалгеит, аҵәыуара даналага, ус иҳәеит: – Сан аҵәуара аҭахӡам. Очамчыра Аҧсны иатәуп. Ҳашьцәа ацхыраара рҭахуп. Уаҟа инхо баҳәшьа Акҷа дызбап, дыбзаасышьҭып… Макьана ара аибашьра ҕәҕәа ыҟам, Гагра ҭарцәуп. Сара аӡәкгьы акы саҧсахап, урҭ рыцҳами… Уаҟа издыруа рацәаҩуп, нас рыбла ҳазлахыҧшыларызеи?!" – ҳәа лыгәшәа иҳәеит. Жьҭаара 27, 1992 ш. Тҟәарчалҟа дыҧрит. Уи иҩызцәа хҩык ицын.
Тәанба Рудик Уасил-иҧа Мрагыларатәи афронт аҿы даннеи, иҩызцәа иҧшааит, ихьӡи ижәлеи еидкыланы ирҳәон. Бџьарла еиқәных инеиз иреигәырҕьеит, Иура Какалиа командирс дызмаз агәыҧ "Алан" иалалеит.
Ари акоманда имҩаҧнагаз аҧшыхәрақәеи ажәыларақәеи ирылахәын. Убас Аӡҩыбжьеи Аҭареи рыбжьара аиҿахысра ҕәҕәа анымҩаҧысуаз, агәыҧ "Алан" акомандир Иура Какалиа фырхаҵала дҭахеит. Усҟан телехәаҧшрала, Рудик Тәанба абас иҳәеит: "Сара сыхәда ихшьу абџьари, иҭоу апатронқәеи скомандир Иура Какалиа ихәда ихшьыз ауп. Сара ишьа зуеит. Изуаанӡа сыхәда ихысхӡом"– ҳәа Анатоли Шониа иҭихыз адырраҭараҿы дахцәажәеит.
Мрагыларатәи афронтаҿы Тәанба Рудик ихыҧша есааира иазҳауан. Ақырҭцәа уи иӡбахә анраҳауаз, рцәа иҭӡыӡаауан. Уи имчала еиҿцәажәарыла аибашьра аҧсуа ҭаацәарақәа рацәаҩны иалигахьан. Убас аҧсуа ҭоурыхаҿы иаанхаз Сакьан аҭыҧаҿы ааха ҕәҕәа зауз, аверталиот иҭаз хҩык ажурналистцәеи жәҩык итҟәаны иргаз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәеи ацхыраара рыҭаны, реиқәырхараҿы аџьабаа ду Рудик Тәанба ихигеит. Журналистцәас уа иҟаз: Акаба Ахра, Гамгиа Амиран, Сақаниа Слава ракәын. Араҟа Аминистрцәа Реилазаара аиҳабы Лабахәуагьы дҭатәан. "Арҭ реиҭныҧсахларазы, – иҳәеит иашьа Андреи, – Рудик илшаз рацәоуп. Данҭаха ашьҭахь, иаҳзеиҭеиҳәеит, аибашьҩы Џьынџьал Миро. Уахык ихы нықәҵаны дмыцәеит, урҭ аҕа инапаҵаҟа иҟанаҵы. Зегьы рыҧсы шҭаз рырхынҳәраҿы илшаз атәы иахьагьы иалацәажәоит".
Тәанба Рудик Мрагыларатәи афронт аҟны аибашьцәа ахьӡ ҷыда ирҭеит. Уи "Ақәыџьма" ҳәа акәын ишишьҭаз. Ихьӡҵәҟьа здыруаз маҷын. Иара ихаҭа ус аниарҳәоз игәаҧхон…
Тәанба Рудик 1993 ш. хәажәкыра 1 азы Лабра аҭарцәраан дҭахеит.
Тәанба Рудик аибашьраан иааишьҭуаз асалам шәҟәқәа зегьы еиқәырхоуп. Урҭ рахьтә акы агәылаагалоит: "Салам шәымоуп сҭаацәа, Мазик сҟынтә. Иаашәышьҭыз ашәҟәы сықәшәеит. Шәысцәымшәан. Ҳаибашьуеит, иаарласны аиааира ҳгап ҳәа сгәы иаанагоит…"
Тәанба Рудик исалам шәҟәқәа дрыхцәажәо, иҭаца Еҭери ус лҳәеит: "Иан рыцҳа есымша лыҧсы иаҵаҵәахын, зынӡа дынлыхҭашәалак, "бысзаҧхьеи!" лҳәон. Шаҟантә ҳаҧхьахьаз, ахыҧхьаӡарагьы аҳәара уадаҩуп. Урҭ Гәдоуҭатәи амузеи аҟны ишьҭоуп…".
Иахьа Рудик анышә дахьамоу лассы-лассы иҩызцәа аҭаауеит. "Аиааира амшазы шамахамзар имаакәан руӡомызт: Џьынџьал Миро, Торчуа Ҭемыр, Адлеиҧҳа Мимоза. Срыкәхшоуп. Урҭ анааиуазаалак ҳреигәырҕьоит, ҳаҟара ҳацлоит. Иҭахаз ихамышҭра – уи ҭоурыхуп. Рудик иҩызцәагьы иаргьы ззықәҧоз, нагӡара ақәзааит…
Тәанба Рудик иҧшәмеи иареи ахшара дрымаӡамызт. Иҩызцәеи иареи ззықәҧоз амра хааӡа иҧхоит. Уи хәашьра ақәымзааит.
Тәанба Рудик Уасил-иҧа иҭоурых змаҳац маҷзар ҟалап. Иқәра шмаҷызгьы, адунеи дақәлахартә ихьӡи ижәлеи ааныжьра илшеит. Аҵыхәтәантәи исалам шәҟәы абас ихиркәшеит: – Сан, бысцәымшәан,ҳашьцәа рыгәҭа сыҟоуп, исхылаҧшуеит, араатәи сҩызцәеи шәареи Аиааира анаҳгалак ашьҭахь ҳаиқәшәартә еиҧш аҭагылазаашьа шәысҭоит.
Тәанба Рудик Уасил-иҧа дахьиз иқыҭеи, иҭаацәеи ацҳа рыбжьеиҵеит, еизааигәаитәит, иашьцәа гәакьацәа реиҧш рнапы дықәҵаны, аҧсуа ҵас ишақәнаго еиҧш Афырхаҵа иқыҭа Дәырҧшьҟа дааргеит. Ихҵоуп ахьӡ ҳаракы Аҧсны Афырхаҵа.
Иҭахаз ҳаибашьцәа иаҳзааргаз Аиааира зықьҩыла ҳҵеицәа рыҧсы ахоуп. Уи аиқәырхареи анагӡареи ҳажәлар разҟыс ироуааит.
Гугуца Џьыкырба