Аԥсны аделегациа – Башкортосҭан

Аслан Бжьаниа напхгара ззиуаз аделегациа Башкортосҭан Ареспублика Амш азгәаҭара иазку аныҳәа иалахәын. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипрес-маҵзура.


Аделегациа иалан Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутат Алиса Гәылариа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркын абашкир жәлари аԥсуа жәлари реиҩызара символра азызуа аԥшаҳәаҟны, Аҟәа амшын ахықәан игылоу аколоннада аиԥш-зеиԥшу Аколоннада шкәакәа аартрала.
Уаҟа дықәгыло, Аслан Бжаниа иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа! Азин сышәҭозар, Аԥсны жәлар рыхьӡала гәык-­ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра.
Сҩызцәагьы саргьы ҳзы ҷыдала гәахәароуп Ареспублика Амш иазку аныҳәа Аԥсны, ҳара ҳаԥшаҳәа зырԥшӡо аколоннада еиԥшу арт-­обиект «Колоннада» аартрала иахьалагаз. Ари ҳажәларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа ишрызҳәоу ҳбоит. Асимвол ду аҵоуп аиҩызара иадырганы иҟоу аколоннада аурыс жәлари абашкир жәлари реиҩызара Амонумент иахьавагылоу».
Анаҩс, уи Ради Хабиров иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҟәатәи аколоннада иахҩыланы Уфа иргылоу аколоннадазы:
«Шәара Аԥсны ҩыза дуны шәыршьоит, ҳаҭыр ду шәықәуп. Иахьа иааҳартуа аргыламҭа Уфа иҟоу иреиӷьу аҭыԥ ҷыдақәа ируакны, ақалақьуааи иаҭаауа асасцәеи аҳҭнықалақь аҩныҵҟа бзиа ирбо ҭыԥны ишыҟало».
Иқәгылара хыркәшо, А. Бжьаниа иҳәеит:
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ишәыдысныҳәалоит Башкорҭосҭан Ареспублика амш! Аҭынчра, аизҳазыӷьара ыҟазааит есқьынгьы!»
Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров ареспублика ауааԥсыра аколоннада аартра инамаданы дрыдныҳәало, Аԥсни Башкортосҭани ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра злоу аҿиара шаиуо азы агәыӷра ааирԥшит.
Ради Хабиров аҩ-республикак рыбжьара аимадарақәа реиқәырхареи рырӷәӷәареи ирымоу аҵак ду азгәаҭо, иҳәеит:
«Ҳажәларқәа ирыбжьоу аимадара адацқәа ҵаулоуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса иуадаҩыз аҩажәатәи ашықәсқәа раан амлакра аныҟаз, Аԥсны Поволжие ацхыраара анаҭеит. Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ианықәԥоз, Башкортосҭан активла рхы аладырхәит. 1994 ш. рзы Башкортосҭан ауп раԥхьа ахаҭарнакра аазыртыз Аԥсны. Ҳарҭ ахаан иаҳхашҭӡом урҭ ахҭысқәа. Иахьа, Аԥсны аҿиарамҩа иануп, сара исҭахуп абри аколоннада ҳаиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи ирсимволны, аҭаацәарақәа ҳзеиԥш ҭоурых ахьыргәаладыршәо ҭыԥны иҟаларц, аԥеиԥш бзиа ҳамазарц».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me