Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәба диижьҭеи 110 шықәса ҵит

Иахьа 110 шықәса ҵит Аԥсуа литературатә критика ашьаҭаркҩы, абызшәадырҩы, афольклорҭҵааҩ, ауаажәларратә-аҳәынҭқарратәи усзуҩы Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәба диижьҭеи.Хәыхәыт Бӷажәба – афилологиатә наукақәа рдоктор, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсни Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз Ауаажәларратә усзуҩ – диит 1914 шықәсазы жьҭаарамза 15 азы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа.

Хәыхәыт Бӷажәба данхәыҷыз инаркны алитературеи афольклори рахь аинтерес ааирԥшуан. Иазгәаҭатәуп, уи иаб Салуман Бӷажәба иашьа ишьа аура иазкны ажәлар иаԥырҵаз афырхаҵаратә ашәагьы ибеиоу аԥсуа фольклор иахәҭакны ишыҟалаз.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me