Нар илԥха зцу

Жьҭаарамза, иара амза ахьӡ ишаҳәо еиԥш ажь аҭаара иаамҭоуп. Ана-ара аҩнаҭақәа рҿы анхацәа рҽаҩра еиныргалоит амш иахьынӡарнаҭо. Аҩыҟаҵаразы рчанқәеи руалырқәеи дырмазеиуеит. Макьана аҳауа иалоуп илаҳа-лаҳауа ажь афҩы.

Пату рзақәума иахьа анхаҩцәа ажьи, аӡахәеи, аҩыҟаҵареи ажәытәан еиԥш? Еимырдома абиԥарақәа аҩы аҟаҵашьа атрадициақәа, уи хатә усны арҿиара алшома, насгьы аҭаацәара зегьы еиднакылартә изыҟалома… абри атәы шәзеиҭаҳҳәоит Калдахәара ақыҭан инхо Ахаа рҭаацәара рҿыԥштәы ала.

Калдахәара Игор Ахба иҩнаҭа иагым асасцәа. Есыҽны арахь иааиуеит аҩы цқьа агьама збар зҭаху ҳтәыла иаҭаауа асасцәа. Рашҭаҿы инеиҵыхны игылоу аҩцараҿы ргьама убар улшоит хкы рацәала аҩқәа. Ҳаннеиз аамҭазы аԥшәма ашҭаҿы ажь иҭаауан.

- Нар шәылбааит! – сҳәеит сара ишәахәҭоу еиԥш. Аԥшәма азныказы даагачамкит. Атәым милаҭ иатәу ауаа рыла иҭәыз рашҭа аҟынтә аԥсшәа аниаҳа.

Шәаԥыџьаԥла еинҭәылаз ашҭа аԥшӡара иакны иагон. Араҟа зегьы еинаалон, ашьац иаҵәҟаҟараӡа, нап адкыла аԥшәмаԥҳәыс илааӡо ашәҭқәа, зҽырԥшӡаны ажьымжәақәа ззыкнаҳау.

Хәышықәса раԥхьа, Игори Изольдеи рыҷкәын Адамыр, аҩы аҭаацәара зегьы еидызкыло усны аҟаҵара игәы иҭаикит. Иара ихаҭа ҳиҿцәажәаратә изыҟамлеит,  дахнагеит, аха иаб иашьа иԥа Леон зегьы ҳзеиҭеиҳәеит, аҽны иаҵырхраны иҟаз аҩгьы еицаҵаҳхит.

Адамыр аус анаԥшьигоз аамҭазы Леон ашкол далгон аҟынтә, ирыӡбеит анџьныр-технолог изанааҭ шьҭихырц. Уи хаҭала аҩыҟаҵашьа иҽазикырц рҭахын. Ус иагьыҟалеит. Леон Ахба иахьа аҩыҟаҵараҿы иажәа иазхәыцуеит, иацныҟәоит. Убри аан иара иҳәоит, рус аҿы зегьы рҳәоу еиқәшәаны хҭак ишеицҭахысуа.  

«Ара аус зуа зегьы Ахаа аишьцәа ирхылҵыз ҳауп. Еибааӡаз. Ҳнапы еибаркны ари аус ҳаҿуп. Ҳабду Шьараҭ Ахба, аҩы ҟаиҵон нхаҩык иаҳасабала. Иара ианиаамҭаз Пицунда  аус иуан агрономс. Тәанчара данца аҩыҟаҵара далагеит. Ҳшыхәыҷыз ҳаргьы уи ҳбон», - еиҭеиҳәоит Леон.

Иара данхәыҷыз инапы ианын ажь аҟәшәара, аилыхра. Иахьа аҭаацәараҿы изызҳауа ахәыҷқәагьы уи аус ауп иҟарҵо, нас иҩеидасыр, ҳара иааҳавагылоит, иҳәоит Леон.

Ахаа иахьа 15-хкы аҩы ҟарҵоит. Излырхуа ажь ахаҭа иамоу ахьӡ арҭоит аҩгьы. Аха, стандартла иҟоу аҩы ахкқәа хԥа рахьынтә – ихаау, ибжьаратәу, иашоу, еиҳарак иҟарҵо иашоу ауп. Уи ауп аҭаацәараҿы иаҳа пату зқәырҵо. Азлақәа еиҳарак изҭаху аԥсшьаҩцәа роуп.

Леон технологк иаҳасабала иаҳзеиҭеиҳәоит х-хкык аҩқәа рыҟаҵараҿы еиԥшымзаарас ирымоу атәы.  

«Иашоу аҩы ажьырӡы иалхны иҟарҵоит. Аӡы, ашьақар амаӡам. Ибжьаратәугьы ус иҟарҵоит, аха ианаамҭоу ашра аанкылатәуп. Аҩы дырԥхоит иахьынӡахәҭоу ачра иаҟәыҵырцаз. Усҟан аҩы ибжьаратәны иаанхоит.

Ихаау ҟауҵарцаз, ажь ахаҭа иалоу азлара аназхогьы иҟоуп, аха уи жьҭаара анҵәамҭазы иуҭаауазар. Еиҳарак ажьырӡы аҭаны ауп ишыҟарҵо. Ажь ршны, иалоу аӡы зегьы алхны, ацха еиԥш ижәпаӡа иҟарҵоит. Уи аҩы аша ианауҭалак, иалҵуеит ихаау. Ус еиԥш ажьырӡы ҷыда имазеины иааҳхәоит», - иҳәеит Леон.

Ахаа рус азы ажь еиҳарак Аԥсны анҭыҵынтә иааргоит. 20 тонна ажь аҩы алырххьеит сынтәа, рхатә ҽаҩра макьана ҩбаҟа тонна инаӡоит, уи маҷуп дара рзы. Иара ааргоит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу ақалақь Темриук аҟынтә. Аԥсны аҩныҵҟа иаархәо иреиуоуп аԥсуа ажьхкқәа - акаҷыҷ, ауасырхәа. Анҭыҵынтәи иаарго европатәи ауп. Ажь бзиа, аԥшрагьы, азларагьы аманы ҳтәылаҿы аԥшаара даара иуадаҩуп, иҳәеит Леон. 

Аишьцәа ргәы иҭоуп ирзышьҭоу адгьылқәа рҿы ажь аиҭаҳара, европатәи ахкқәа рааӡаразы, аха уи азы дрыԥшаароуп агроном, дара ишырҭаху еиԥш аҽаҩра бзианы ирнаҭо иҟаларатәы. Аԥсуа ӡахәақәа ракәзар, урҭ рыԥшаара цәгьоуп. Шьаҭак угоит ауаҩы иажәа агәраганы, аха иаракәымзар ҟалоит, убри аҟынтә макьана игәаӷьыуацәоуп аиҭаҳатә аахәара, иазгәеиҭоит  ҳаиҿцәажәараҿы Леон.

Аҩцараҿы Ахаа аԥсшьаҩцәагьы рыдыркылоит, рчанқәагьы еиҵаҵаны уаҟоуп иахьрызгылоу, иаҵырхуа аҩы аҭыԥан ауалырқәа ирҭарҭәоит. Ҳаныҟаз аҽны ҩ-чанк еиҵаҵаны игылаз рҟынтә иашоу аҩы Саперави тоннак аҵырхит. Аҷкәынцәа  рхыҿсахьақәа рыла еилукаартә иҟан, алҵшәа шыбзиахаз.

Аҩыҟаҵашьа аԥсуаа рҿы абиԥарала еимырдо усуп. Аԥсуаа аӡахәа рааӡон. Шәазхәыц ари ажәа, ирааӡон, иаадрыхуамызт.

Аӡахәа аҵакы ҳаракы зныԥшуа аҳәамҭақәагьы маҷӡам ҳажәлар рҟны. Иаҳҳәозар, Абрыскьыл изку аҳәамҭеи Нарҭаа репоси.

Аҩнаҭа аԥшәма Игор Ахба аԥсуа изы аҩы ҵакыс иамоу атәы далацәажәо иҳәеит, уи ачеиџьыка ишаԥхьагылоу, аҩи ауаткеи ахьыҟам аԥсуа гәара шыҟам. Сара исгәалашәом ус. Џьа уаннеилак аԥхьа иаацәырыргоз аџьынџьыхәеи, арасеи, ауаткеи аҩи ракәын. Нас абысҭа руан. Сабду иман аиаҳәа дууӡа, 9 метрак аура змаз, аҭәа иалхыз. Убра иҟаиҵон аҩы», - игәалаиршәоит Игор.

Ихәыҷрашықәсқәа ҳаргәыларԥшуа аԥшәма еиҭеиҳәоит, ианыхәыҷқәаз ран ақалмышь ианбаҟалҵо ҳәа ишазыԥшыз. Аџьынџьыхәа рыԥхны ақалмышь ҟаҵаны иӡаалшьуан, уи зегьы иреиӷьыз фатәыс ҳәа иҳаԥхьаӡон, иҳәоит Игор.

Аҩы бзиа аҟаҵашьа маӡас иамоу ҳәа ҳаниазҵаа аԥшәма, зегь зыбзоурахо  ажьыргәыци ажьымжәеи роуп, иҳәоит Игор. Ажь ианаамҭоу иҭаатәуп, убри аан уи ибзианы ахаара амазароуп, иазгәеиҭеит иара.

Иааидкыланы аҩыҟаҵарҭаҿы аус руеит 13-ҩык. Аҩыҟаҵашьа аус ара абиԥарала еимдо иааргоит. Аиҳабацәа аиҵбацәа ирывагылоуп, изларылшо ала ирыцхраауеит. Ахаа рус аҩы цқьа еиԥш икеикеиуеит. Сас дызгым ршҭа агәашәқәа еснагь иаартуп.

Альбина Жьиба

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me