Амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатәи азҵаарақәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны ишәарҭадоу, иҭышәынтәалоу аҿиара амҩақәа рыԥшаараҿы» ҳәа астол гежь аҟны (ақ. Аҟәа, 2024 ш. сентиабр 19) иқәгылара (икьыԥхьуп иаазыкьаҿны).


Аԥсны иара агеографи­атә ҭагылазаашьа амчала, аҭоу­р­ых акыр шәышықәсқәа раахыс ҳакәша-мыкәша иҟоу агеополити­к­атә қәыԥшылараҿы имҩаԥысуа ап­о­­литикатә процессқәа ирыла­хә­­ын. Акырӡа зымчхара ду­­­уз ақә­ы­лаҩцәа ирҿагыланы иаа­­и­ԥмырҟьаӡакәа аибашьрақәа ҳҭ­­оурых иузаҟәымҭхауа ахәҭа акәны иҟалеит.

Иҳахҭаагахьоу ахамыршҭра

Дара рҭоурых зегь аҩнуҵҟала аԥ­суаа адәныҟатәи агрессорцәа ирҿагыланы иқәԥон, рхы-рыԥсы ақәҵа Рыԥсадгьыл рыхьчон. XIX ашәышықәсазы, дара рнырреи геостратегиала аҳреи рзы аимпериа дуӡӡақәа реиҿагылара анымҩаԥысуаз, Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа аамҭа аӡыблара иалашәеит.
Абасала ҳабацәа аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа реиҿагылара амҩа ианын, абас иҟан ҳҭоурых зегьы аан.
Ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра рӷә­ӷәауа, ирҿиауа, ҳара иаҳ­хаҳ­мыр­шҭыроуп иҳахҭаагахьоу. Адунеи аҟны аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа ҩаԥхьа ианеиҿаҳа, убрахь иналаҵаны ҳрегион аҟынгьы, ҳара имҩаԥаагалароуп ишәоу-изоу, изызхәыцу амилаҭтә политика.
Ҳажәлар рфырхаҵаратә ҭоурых еснагь адунеи ацивилизациатә процессқәа ирыдҳәалан, аха иџьбаразаргьы аԥышәа иаҳнарҵеит абџьар заҵәык амчала ишзалмыршахо ажәлар реинҭәылара, рыбзазара. Наполеон ишиҳәоз аиԥш, агеографиа – ари лахьынҵоуп.

Ҳҭоурых аҟны ашьаҿа ҿыц

Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иҿыцӡоу ҳҭоурых аҟны қәҵәиаараны иҟалеит. 2008 шықәса август азы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара арегионтә ҵакы змаз хҭыс мацараны акәымкәа, адунеитә геополитикатәы имҩаԥысуа апроцесқәа рахь анырра ҟанаҵеит. Лабҿаба уаҩы ибоит ашьагәыҭтә интересқәа рыхьчараҿы аӷәӷәара аарԥшны, Урыстәыла ишхацнаркыз иара аҿиараҿы аетап ҿыц, жәларбжьаратә аренаҿы аҭыԥ ҿыц ахь аиасра. Абасала, 2008 шықәса августазтәи ахҭысқәа, анаҩсан Ҟрым Урыстәылатәи Афедерациа аилазаарахь архынҳәра адунеиеиҿкаашьа ҿыц ашьақәыргылара амҩа аанартит. Адунеитә система аҽеиҭакра еснагь адунеизегьаҿы зымҽхак ҭбаау ашәарҭарақәа ирыдҳәалан.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа ирыхьчоит ҳшәарҭадара, алшарақәа аадыртуеит ҳакзаара, ҳетникатә, ҳбызшәатә, ҳкультуратә, ҳдинтә халаҟазаара ахьчаразы, иара убас асоциал-економикатә рҿиаразы.
Еиҿагылоу амчқәа реидыслара мҩаԥысуеит ҳрегион аҿгьы, рацәак иаҳцәыхарамкәа. Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Мрагылара Ааигәа, Ҟрым, Украина, америкатәи аӷбақәа ацәырҵра иахьалагаз, аԥшыхәра хықәкыс ишьҭыхны аҳаирпланқәа зхыԥраауа Амшын Еиқәа – абарҭқәа зегьы ҳара ҳзыхәҭаку арегион аҟны ҵабыргхаҭаны иҟалеит.
Лабҿабаҵәҟьа ҿырԥштәра ауеит 2021 шықәсазы НАТО адекларациа. Уаҟа иазгәаҭан, Украинеи Қырҭтәылеи рҟны ҩ-ганктәи, ҷыдала арратә еизыҟазаашьақәа рыцҵара, урҭ алианс ралархәра аҟынӡа инаганы. Иара убас, иарбоуп НАТО ишахәҭоу иааидкыланы Амшынеиқәатәи арегион аҟны адгьыли, амшыни, аҳауеи рҟны аҟазаара.
Абри хықәкыс ишьҭыхны Қы­рҭтәылан изаамҭанытәу аарҳәра амҩаԥгара рҽазыршәеит.
Аганахь иузныжьуам, избанзар Украина иаақәырҵәиааны иаҵахар, аколлективтә Мраҭашәара амчқәа рыҽшазыршәо Урыстәыла даҽа арра-политикатә конфликтк алагалара. Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аанартыроуп ҳәа зныкымкәа ирҳәахьеит Қырҭтәыла анапхгаҩцәа рхаҭақәагьы.

Иҵабаз агәыӷрақәа

Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи еибашьрала радҵара агәыӷрақәа шыҵабгазгьы, Қырҭтәыла ҳтәылазы шәарҭара хаданы ишыҟац иаанхоит. Қырҭтәыла зҭагылоу аполитикатә кризис, уи аекономикатә проблемақәа ҳара ҳгәы дмырҭынчроуп. Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара знакымкәа ирҳәахьеит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рганахьала амч ахархәара мап шацәыркуа. Абри инаваргыланы, ҳара иҳаҳахьеит Қырҭтәыла аоппозициатә мчқәа дара амчрахь инеир аибашьра шдырҿыцуазы ражәақәа. Абарҭқәа зегь ҳасаб рзуны, Аԥсны арратә биуџьет 2020 ш. инаркны акырӡа еизырҳан, ирӷәӷәан ҳшәарҭадара. Абри инамаданы, иаҵысшьырц сҭахуп ҳшәарҭадара иара убас Урыстәылатәи Афедерациаҿы статегиала ҳаидгылара ишахьчо.
Иага ус иҟазаргьы, ҳадәныҟапо­литикатә усура аганахьала аи­башьра ашәарҭара аԥырҟәҟәаареи ҳхьыԥшымра азхазҵауа атә­ылақәа рхыԥхьаӡара арҭбаареи ирызкны изызхәыцу адипломатиатә активра ааҳарԥшлароуп. Ҳдипломатиатә усураҿы иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрагьы шьаҭас иҟаҳҵароуп.
Иарбанзаалак атактикатә на­ҳәы-ааҳәрақәа ҭыԥ рымамзароуп ҳтә­ылақәа реизыҟазаашьақәа рганахьала, Аԥсны уаҩ дзықәгәыӷуа адгылаҩ ихаҿсахьа аанарԥшуеит.
Ҳаамҭазтәи ауаатәыҩса адунеи ахаҿсахьа зыԥсахырц зылшо ашәарҭара дуқәа ианырҭагылоу аамҭазы, ҳара ҳажәлар аҩнуҵҟаполитикатә қәԥара иақәдмырӡроуп рымч, рылша, ргәамч. 1992 шықәсазы аибашьра алагамҭаз ишыҟаз еиԥш, иааҳарԥшыроуп аилаҵәара, аидгылара, адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҿагылара. Аԥсны акәша-мыкәша аҭагылазаашьа ҳәаақәырҵоит аимак-аиҿак ахьцо аҭыԥқәа.
Актәи – Украина ауп. Убраҟа еиҿаҳаит Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәара амчқәеи. Урыстәылан арҭ аибашьрақәа арратә операциа ҷыда ҳәа ирышьҭоуп. Аха ишыҟаҵәҟьоу уҳәозар, Урыстәылеи США зхадараҿы игылоу мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аибашьра ауп.
Иазгәаҳҭоит, ҳара ҳџьынџьуаа абри аиҿагылара активла ишалаху. Рыцҳарас иҟалаз, иҟоуп иҭахахьоу ҳтәылауаагьы. Хьӡи-ԥшеи рымазааит наунагӡа!

Амигрантцәа рызҵаара

Украина Урыстәылатәи арратә операциа ҷыда атема иаҵанакуа атәы акәзар, иалкаатәуп даҽа аспекткгьы. Аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟала Урыстәылан уаҩы иԥылоит амилаҭбжьаратә, аконфессиабжьаратә ҵакы ала аимакқәа рырцыхцыхра афактқәа. Иаҳҳәап, «Крокус Сити Холл» аҟны, ҳазну ашықәс марти ииуни рзы Даӷьысҭан иҟалаз атеррористтә актқәа. Абраҟа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ԥасатәи асоветтә абжьаразиатәи ареспубликақәа рҟнытә аџьатә мигрантцәа ҳәа изышьҭоу рызҵаара. Иҟоу адырраҭарақәа ранализ ала, уаҩы игәы иаанагар ауеит, амигрантцәа рхыԥхьаӡарахьтә арадикалцәа ҳәа изышьҭоу Урыстәыла ҩнуҵҟала ашьақәҟьара, арԥсыҽра, абри аибашьраҿы аиааира агара аԥырхагахара рыҽшазыршәауа.
Иага иџьашьатәызаргьы, аҵы­хәтәантәи аспект Аԥсынгьы иахькьысуеит. Ҳара ҳҿы иҟоуп Абжьаратәи Азиа иатәу хәнызқьҩык аџьатә мигрантцәа. Иҟалап, адәныҟатәи амчқәа рҽазыршәар ап­роблема ҳзеиҿкаара. Акыр шықәса раахыс аԥсуааи аерманцәеи рыбжьара аимак-аиҿак амца ацраҵара рыҽшазыршәоз еиԥш, ашәҟәыбӷьыцқәа аларҵәауа, аерман школ артҟәацга аҵаҵауа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы амц жәабжьқәа аладырҵәоит Ашьха Ҟарабах аҟнытә ахҵәацәа Аԥсны анхарҭақәа рыҭаразы шәмиллион доллар аурышьҭуашәа.
Аимак-аиҿак аҩбатәи аҭыԥ – ари Аахыҵ-Кавказ ауп. 2020 шықәса анҵәамҭазынӡа Аахыҵ-Кавказ «иҵаарку аимакқәа» ҳәа изышьҭоу ирҭыԥны иҟан. Аха Ермантәыла аԥыза-министр Никола Пашиниан иполитика убрахь икылнагеит, Азербаиџьан Ильхам Алиев ирежим иаӡбеит Ҟарабахтәи апроблема мчыла аҭыԥ ақәҵара ауеит ҳәа. 2020 шықәса сентиабри ноиабри рзы Ҟарабахтәи аибашьра икылнагеит Ермантәыла аҵахарахь, иара Ҟарабах ахаҭа аиԥш, иаԥну араионқәа фба рцәыӡрахь.
Хазы иалкаатәуп арегион аҟны Ирантәи афактор. Ермантәыла имҩаԥысуа апроцессқәа Ирантәи анапхгара амыргәамҵыр залшом, избанзар арегион аҟны аҭырқәцәа рнырра арӷәӷәоит. Абри инамаданы, уаҩы дазхәыцыр ауеит раԥхьаӡа акәны ҩышәшықәса раахыс Кавказ Ирани Ҭырқәтәылеи реиндаҭлара иаҭыԥны иҟалоит ҳәа.

Ишԥаныԥшуеи ҳара ҳтәыла?

Шьҭа абри аҭагылазаашьа ҳара ҳтәыла ишаныԥшуа ашҟа ҳаиасып. Лабҿабаҵәҟьа уаҩы ибоит арратә операциа ҷыда иаарласны иахьыӡбамхо аҭагылазаашьақәа раан, Ермантәыла иааннакылауа Урыстәыла аҿагыларатә роли аса­нкциатә режими Азарбаиџьани Қырҭтәылеи ықәдыргылоит Аахыҵ-Кавказ акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқаррақәа ракәны. Ҳара ҳзы, раԥхьаӡа иргыланы, акырӡа зҵазкуа Қыр­ҭтәыла ауп. Аԥсны ашәарҭадараҵәҟьа ҩ-аспектк ирхьыԥшуп.
Раԥхьатәи аспект – ари Қыр­ҭтәыла ахаҭа аҩнуҵҟа иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа. Ҳазну ашықәс октиабр азы атәылаҿы иазгәаҭоуп изаамҭанытәу апарламенттә алхрақәа. Урҭқәа раан анапхгара ҟазҵо апартиа «Қырҭтәыла агәаҭахра» амчра еиқәнархоит, мамзаргьы иахырҳәоит.
Ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла амчра арратә операциа ҷыда ианалага инаркны Москва маҷк иақәыӡбаны, Урыстәыла иаҿагылаз асанкциақәа ирыдымгылеит, аҩбатәи афронт аартра мап ацәыркит. Аоппозициа акәзар, аҳәаҭыхла игылоуп аҩбатәи афронт аартразы, убрахь иналаҵаны – Аԥсны адгьылҵакыраҿгьы.
Аҩбатәи аспект ари – Урыс­тә­­ылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа роуп. Урыстәылеи Мраҭашәареи реимак аганахьала Қырҭтәыла ганкы иахьаднамцәыло иабзоураны, Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьақәа аԥсасира иалагеит. Иаагап ацифрақәа. 2022 шықәса ииуль азы атәылақәа рыбжьара атауареиҭарсра 30% рыла ишьҭыҵит, иара убас Урыстәылан анефти арацәеи раахәарақәа акырӡа еизҳаит. Урыстәыла ақыҭанхамҩа Аминистрра адырраҭарақәа рыла, Қырҭтәылаҟа ирҭиуа ачашыла 9-нтә егьаагымхо ишьҭыҵит. Иара убас автомашьынала, аҩқәа рыла ахәаахәҭра амҽхакқәа заҵааира ишрызҳац ирызҳауеит.
2023 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ирҿыцын авиаеимадара. Аха Москвеи Қырҭи реизыҟазаашьақәа политикала уажәтәи «рыԥсасира» Урыстәыла­тәи аексперттә, аполитикатә гәы­ԥ­қәа рыҩнуҵҟа агәышьҭыхра рнаҭеит, ргәы иаанагоит Қырҭтәыла Урыстәыла ашҟа ихьаҳәуеит, уаҳа мҩак амаӡам ҳәа, насгьы ҵыхәаԥҵәала аинышәаразгьы Аԥсни Қырҭтәылеи џьара федерациак, мамзаргьы конфедерациак аиҿкаара алшоит ҳәа.
Агәра гаҵәҟьаны сыҟоуп, Уры­­­с­тәыла анапхгара уи аҩыза ап­ланқәа шамам, ҟалашьагь шрымам. Аха абас еиԥш иҟоу агәаанагарақәа Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыкәша-мыкәша иҵоурам аҭагылазаашьа аԥҵарахьы икылыргоит.

Ашәарҭарақәа ҳхаҿы иааганы

Аимак ахԥатәи аҭыԥ – мрагыларааигәатәи. Ишдыру еиԥш, 2023 шықәса октиабр 7 азы ХАМАС ҳәа изышьҭоу ахеидкыла аибашьцәа Израиль аладахьҟа ақәылара ду еиҿыркааит. Убри аҭакс Израиль Газа асектор аҟны аибашьратә операциа ду аԥшьнагеит. Абарҭқәа зегьы арегион аҟны зымҽхак ҭбаау аибашьрахь икылыргар алшоит. Уажәнатә ирылацәажәоит Шьамтәылеи, Ливани, Ирани рҟны аибашьрақәа рымҽхак арҭбаарахь.
Шәарҭарас ҳазҭадыргылоу­зеи абарҭ ахҭысқәа? Шьамтәыла аҩнуҵҟа аибашьра ҭҵаауа уҿааухар, лабҿабаҵәҟьа иубоит Мрагылара Ааигәа шеиладырҩынтуа амиграциа дуқәа.
Аҭагылазаашьа абас иҿио аҿынанахар, ҳара ҳазхиазароуп Аахыҵ-Кавказтәи арегион ашҟа ишдәықәло Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа.
Хазы иалкаатәуп мрагылараигәатәи атәылақәа рҟны ишынхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Зымҽхак ҭбаау аимак ашьапы акыр, Аԥсныҟа иааҳамгар ада ԥсыхәа ҳауам ҳџьынџьуаа. Ишәгәаласыршәоит, ҳара уи аганахьала аԥышәа шҳамоу, 2013 шықәсазы Шьамтәылантәи ҳџьынџьуаа хәышәҩык инареиҳаны иааҳгеит.
Ҳҿаԥхьа ишьҭоу ашәарҭарақәа рхаҿы иааганы, ҳтәыла анапхгара хшыҩзышьҭра ду азыруеит ҳ-Арбџьар Мчқәа реибыҭара. 2020 шықәса инаркны ҳазҭоу ашықәс азынӡа имҩаԥыргон аиҿкаара-штаттә еилазара аиӷьтәра, иара убас еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы арратә напхгараҭара аусбарҭақәа разыҟаҵара ԥымкрада имҩаԥысуеит. Урҭ зегьы азкуп архәҭақәа рылшарақәа реиӷьтәра, иагьеицымҩаԥыргоит Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар Мчқәеи дареи. Аҟәатәи иреиҳау азеиԥшархәҭатә комада ҟаҵаратә ҵараиурҭаҿы иазыҟарҵоит аспециалистцәа – БПЛА аоператорцәа. Мрагыларатәи аҳәааҿы ихыркәшоуп ахырӷәӷәарҭақәа рыҟаҵара, иара убас 13 киллометр инаӡо амҩа ҿыц ҟаҵоуп.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы ҳарра-стратегиатә еидгыларала ишьақәырӷәӷәоу абарҭ уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа агәра ҳдыргоит Қырҭтәыла аганахьала иҟаларц зылшо агрессиа аҿагылара шҳалшо.
Атәыла ашәарҭадара ҳаналацәажәо, аганахь иаҳзаважьуам аҩнуҵҟатәи ашәарҭадара иамадоу азҵаарақәагьы. 2020 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа акриминогентә ҭагылазаашьа анализ иаҳнарбоит аҳәынҭқарраҿы ацәгьоурақәа рыҩаӡара иҭышәынтәаланы алаҟәра ишаҿу. Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа хықәкыла аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит азинлеишәа ахьчаразы, ауаажәларратә шәарҭадара алыршаразы, ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәԥаразы, азинеилагарақәа рпрофилактика асистема арӷәӷәаразы.
Иҳаҩсхьоу, иҳахҭаагахьоу ҳхамыршҭыкәа, адәныҟаполитикатәи ҳамҩа ииашаны илаҳхыроуп. Агәылацәа рҟны ҳаизыҟазаашьақәа иҵоурам рҭоурыхтә ԥышәа адәныҟатәи ҳполитика шьаҭас иамаиуроуп.
Ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭа­гылазаашьаҿы ҳажәлар ирҭахуп акзаара, аилаҵәара, аидгылара адәныҟатәи ашәарҭарақәа ҳрыцәцарц азы.

Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me