«Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит»

Ҳҭоурых ҳазхьазырԥшуа арҿиамҭа ду аԥиҵеит Ҭырқәтәылантә заб иџьынџьахь ихынҳәны зыԥсадгьыл аҿы зыҵәҩаншьап ӷәӷәаӡа иазырсыз ҳџьынџьуаҩ, ҳашьа Ҳаири Қәҭарба.
Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит ароман «Сыхдырҵәеит сыхҵәараххеит» аӡыргара. Уи аԥшьыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгара.


Аӡыргара иазкыз аиԥылара аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу дазааҭгылеит автор Ҳаири Қәҭарба ихаҭареи иаԥиҵаз иромани аҵак ду шрымоу ҳаамҭазы.
Аԥсуа ҭоурых азы да­ҽа да­ҟьа ҿыцк аатуеит, Аԥсны ашә­ҟәҭы­жьырҭеи Аԥсны ашәҟә­ыҩҩцәеи рыбзоурала иҭыжьуп, ҳашьа ҳџьынџьуаҩ, аҩымҭа ссирқәа аԥызҵахьоу иҭоурыхтә роман х-шәҟәыкны. Ари аԥсуа диаспореи ҳареи ацҳа ҳабжьазҵо акы акәны иҟоуп. Уи инаҷыданы Аԥсны еиԥш, Ҭырқәтәылагьы акымкәа-ҩбамкәа ҳҭоурых зныԥшуа ашәҟәқәа ҭижьхьеит. Ҳаири Қәҭарба аԥсшәа бзиан идыруеит, аха иахьа аԥхьаҩцәа ириҭаз ашәҟәы аҭырқәшәахьтә еиҭеигеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа, аԥхьажәа иҩит ажурналист, ашәҟәыҩҩы Владимир Қапба.
Ари ароман ианыԥшуеит аԥсуаа Ҭырқәтәыла ианнанага нахыс ирыхҭыргаз зегьы, насгьы иккаӡа иаарԥшуп аԥсуара, ҳҵас хазынақәа. Ароман афырхаҵа хадас дамоуп Базала, урҭ зықәшәо, ирыхҭысуа, ирныԥшуа раԥсуара, рыкәша-мыкәша иҟоу реинырра зегьы изаатуеит аԥхьаҩ. Амала ироман зызку аԥсуаа мацара ракәӡам, ара иҟоуп адыгақәа, ачерқьесқәа, аҭырқәцәа, аха ҷыдала иккаӡа асаркьеиԥш ианырԥшуп аԥсуа идунеихәаԥшышьа, уимоу ахьӡқәаҵәҟьа аԥсышәала ицәажәоит, ифырхацәа абжеиҳараҩык аԥсуа хьыӡқәа рымоуп: Базала, Шьауд, Ҳаируниса, Ҳаным, Амра, Кымараҷа, Бырфын, Гыџь, Шабаҭ, аҽыҵәҟьагьы Ашкәакәа ахьӡуп».
Абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иқәгылараҿ игәалаиршәеит Ҳаири Қәҭарба аибашьра ихнарбгалаз ҳбиблиотека аиҭашьақәыргылараз аус ду шыҟаиҵахьоу, жәеиза компиутер, ашәҟәқәа зықәдыргыло зегьы иара иеиҿкаарала ишроуз. Иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иара убас аиҭагаҩ Октаи Чкотуа:
«Ҳаири амҳаџьырра иақәшәаз абиԥара дрыхьӡеит, дырзыӡырҩны, игәынкыланы иахьа иҩымҭақәа рҿы ихы иаирхәаратәы алшара иоуит. Ҳаири дынџьныруп, аха аҭагылазаашьа арҿиарахь, аҩрахьы дхьанарԥшит. Ихьанҭаз аҭагылазаашьа ыҟан усҟан ҳажәлар рзы, ҳаԥсуаауп ҳәа уҽеидкылан уныҟәар, иахьа ишыҟоу еиԥш азин ыҟаӡамызт, уи маӡала акәын ишыҟаҳҵоз. Омар Беигәа, Маҳинур Папба уҳәа ирыдукылаша дыруаӡәкуп Ҳаири Қәҭарбагьы», ҳәа иазгәеиҭеит Октаи Чкотуа иажәахә аҿы. Иара дазааҭгылеит аиҭагара дшаланагалаз, илзыршаз аҭоурых. Насгьы дзавымсит ашәҟәыҩра инаҷыдангьы аботаникатә усқәа, анхара-анҵыразгьы абаҩхатәра ҷыда шилоу.
«Ҳара ҳажәлар ирхыргахьоу, рҭоурых аилкааразы аус ҳуроуп, уи аҩыза ҽазны ҳақәымшәарцазы ҳмилаҭ идҳардырроуп, аҿар ирҵароуп рҭоурых», – азгәеиҭеит иара.
Ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа Амҳаџьырра иазку ароман «Ацынҵәарах» инадҩыло иҩуп ари, Ҳаири Қәҭарба ироман ҳәа азиҳәеит. Даԥхьеит игәыҭшьаагоу ароман ацыԥҵәахак. Уи ус, аламалак узазыӡырҩуамызт, ухы-угәы иҭалон уеимнадон, уархәыцуан, улабжыш аанагон.
«Ҳаири жәларык рҿахәы ырқәтәылантәи аԥсуа ихәышҭаара иаҿыганы иааигеит, ашколқәа рҿы апрограмма иалагаланы ҳхәыҷқәа идырҵатәуп Ҳаири Қәҭарба ироман «Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит» ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Лагәлаа.
Ашәҟәы аӡыргараҿ иқәгылеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа, апоетесса Заира Ҭҳаиҵыкә, ароман ацыԥҵәахақәа аԥсы ахаҵаны, исахьаркны ирыԥхьеит ашколхәыҷқәа Иалса Аҭрышба, Гәранда Чкотуаԥҳа.
Апоетесса, ажурнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақа­ниа-ԥҳа гәҭыӷьӷьаала лықәгылараҿы иазгәалҭеит Ҳаири Қәҭарба ироман аԥсышәала аҭыҵра аҭоурыхтә ҵак ду шамоу.
«Абри ашәҟәы иаԥсоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа», ҳәа ажәалагала ҟалҵеит.
Апоет, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа иқәгылараҿ дазааҭгылеит Ҳаири Қәҭарба ҭырқәшә́ала еиҭаган Ҭырқәтәыла иҭижьыз Б.Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҵак ду шамоу. Зхатә литература Ҭырқәтәыла аԥҵара зылшаз ҳара аԥсуаа ҳауп, уаҳа аӡәгьы илымшаӡеит. Уи зыбзоуроу Омар Беигәаа, Мусҭафа Быҭәба, Маҳинур Папба, Бақьыр Ашәба, Џьеҳаҭ Адлеиба, Ирфан Ахәаҷба, Октаи Чкотуа, Ҳаири Қәҭарба реиԥш иҟоу рбаҩхәатәра ауп ҳәа.
Аӡыргара иалахәыз идырбан Ҳаири Қәҭарба изкны Ҭырқәтәылантәи иаарышьҭыз авидеонҵамҭа, Ирфан Ахәаҷбеи, Маҳинур Папбеи, Шьинасы Ҭраԥшьи, автор изеиӷьаршьеит иҵегьы арҿиамҭақәеи, агәмч бзиеи.

 

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me