Агәаҕьра злаз аҧҳәызба

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992 ш., октиабр) Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь акәын. Гәдоуҭа араион аҭоурых ду змоу Лыхны ақыҭан октиабр 7-9 рзы имҩаҧысраны иҟан Аҧсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа аҧҵаразы Аконгресс.


Ҭырқәтәылантә иааз агәыҧ журналист ҳасабла дрыцны дааит Биргиуль Чуа. Аизара амҩаҧысшьа иазкны ажәабжьқәа еизылгон, афотосахьақәа ҭылхуан. Ашьҭахь урҭ Ҭырқәтәылаҟа илышьҭит, аха лара лхаҭа еицыз агәыҧ аныхынҳәуаз дрыцымцакәа Аҧсны даангылеит.
«Ҳашьцәа ахы ишаҿагылоу иааныжьны сызцашам, саргьы сахьхәарҭахаша ҟалап», – лҳәан Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ахьыҟаз аҭыҧ ахь дцеит. Ҭырқәтәылантә хатәгәаҧхарала Аҧсны ахьчара иааз арҧарцәа ргәыҧ лҽадылкылеит, аха илакәыршьон Биргиуль лыгәаҕьра. «Уаҳа акгьы сылымшаргьы ӡык нашәсыржәлап», - наралҳәалон дыччо.
Биргиуль аубыхқәа дырхы­лҵшьҭран, лан Кәаӡаа дреиуан. Аубых, аҧсуа ҳәа еилых лымамызт – илдыруан аубыхқәеи аҧсуааи аишьцәа гәакьақәа ҳәа ишыҧхьаӡоу. «Аубыхқәа рлахьынҵа рлахьынҵамхароуп аҧсуаа», – лҳәалон Аҧсадгьыл азҵаара ахьаацәырҵуаз.
Биргиуль даниз 1958 шықәсазы (декабр 27) лҭаацәа Адаҧазарҟа нхара ииасхьан. Ароуп аҵара дахьҭалазгьы. Алицеи далгеит, абжьаратә ҵара лоуит. 1978 шықәсазы акәзар, аҭаацәара далалеит. Рыҧсҭазаара еиларҵеит аҟабарда ҷкәын Сеифи Шьақари (аҟабарда жәла – Асланыҟәа, Бесленеиаа дреиуоуп) лареи. Бзиа иҟан, хҩы аҭыҧҳацәа рыхшеит: Еқим, Ебру-Онур, Џьеран. Аха рацәак еидымхалеит, зегьы разҟызар акәхап, рымҩақәа хаз-хазхеит. Биргиуль лхәыҷқәа лыманы лаб иҩнаҭахьы дхынҳәит. Усҟан лаб иҧсҭазаара далҵхьан. Биргиуль ахәыҷқәа раб дырцәылмырӡит, раби дареи еибабон.

1992 ш. ноиабр алагамҭаз Шроматәи (Гәыма) аҧшыхәратә жәылара рҽазырхианы амҩа иқәлон Биргиуль лҽыздылкылаз Ҭырқәтәылатәи арҧарцәа злаз Шамиль игәыҧгьы. Шамиль лара лгара дшақәшаҳаҭмыз заа илирдырхьан, аха дрыцымцар лымуит.
Ноиабр 3-4 рзы Гәыматәи аҧш­ыхәратә жәылараан аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рыбжьара иҭахаз, ирхәыз ҟалеит. Биргиуль дызлаҧшыз лзымбатәбаран, аха аибашьра еибашьроуп, лыҽлырҕәҕәар акәын. Ишлылшоз ала ахәцәа ацхыраара рылҭон, аибашьра далашьцылеит…
Ноиабр 19 рзы Шамиль игә­ыҧ Мрагыларатәи афронт ахь ицон. Биргиульгьы дрыццар лҭаххеит. Шамиль ианиаҳа иаахҵәаҵәҟьаны мап икит. Биргиуль дааныжьны, рабџьари рџьаҧҳани еиқәыршәаны аибашьцәа автобус инҭаланы ицеит. Агәыҧ еиднакылоз вертолиотла Тҟәарчалҟа иҧрит. Ауыха Тҟәарчал иаанхеит. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рыҧхьарҭаҿы рылаҧш налықәшәеит Гәдоуҭа иаанрыжьыз Биргиуль. Тҟәарчалҟа ианыҧыруаз ауыха ахәшәқәеи афатәи згоз даҽа вертолиоткгьы ҧрит, ҟазшьаз иалҭаз рзымдыруа, Биргиуль убри ала днеит.
Биргиуль Кәачара ақыҭа агараан далахәын. Дызцыз агәыҧ Гәдоуҭаҟа ианыхынҳәуаз дрыцхынҳәит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анаҩстәи амзақәа раан Гәымсҭатәи афронт аҟны зымҽхак ҭбааз ажәыларақәа зегьы дрылахәын медицинатә еҳәшьак лаҳасабала.
Аибашьра анеилга аамҭала Ҭырқәтәылаҟа дцеит, аха иаарласны дхынҳәит. 1994 ш. ииуль мзазы Биургиль ҩаҧхьа дцеит Ҭырқәтәылаҟа. Аҧсныҟа илыман дааит лани лыӡҕабцәа ахҩыки. Лӡаа ақыҭан илымаз ахатәы ҩны аҟны инхон.
Ишдыру еиҧш, аибашьра зхызгаз Аҧсны 1994 ш. анҵәамҭа инаркны аекономикатә мацәаз иҭаркит. Ауаа ахныҟәгара рцәыцәгьахеит. Ари ҕәҕәала ирхьысит Биргиуль лҭаацәагьы. Лан Медиа дааижьҭеи шықәсык ҵхьан. Сасра ирҭааны иҟаз лаҳәшьа Қимеҭ даныхынҳәуаз длыццеит ишылҭахӡамыз.
Биргиуль даҽа шықәсыкгьы даанхеит Аҧсны, аҭагылазаашьа еиҕьхозар ҳәа дыҧшын. 1996 ш. Москва аус зуаз лҩыза бзиак лыбзоурала, фирмак аҿы аусурҭа лзырҧшаан, лыҧҳацәа лыманы аамҭала дцеит. Дахьнеиз аусура далагеит, лыҧҳацәа аҵара иазылкит.
Ҩышықәса Биргиуль лыҧҳ­ацәеи лареи Москва рхы иахашшаартә иҟамызт, аха 1998 шықәсазы лхаҭа лгәабзиара уашәшәырахеит – агәыхь лызцәырҵит, ахәышәтәырҭаҟынӡа днанамгар амуит. Жәамш ахәшәтәырҭаҿ дышьҭан. Дангылагьы лгәы ҭызгашаз аамҭа ҟамлеит – аекономика ҭышәынтәаламызт.
1999 ш. февраль 17 рзы Биргиуль Москва, аҩны дшыҟаз лыҧсҭазаара далҵит.
Дыздыруаз, пату лықәзҵоз, лыуаҩра ахә зшьоз еиҿыркааит лыҧсыбаҩ Ҭырқәтәылаҟа ашьҭра.
Биргиуль лыҧсҭазаара дал­ҵит ҳәа заҳаз еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟнытә ауаа еизеит анышә дахьамардоз лабацәа рқыҭа – Шьаҳинбеи иқыҭан (иахьа – Боазқьои). Рхы-ргәы далырхит.
Аибашьраҿы лааҧсарақәа рыхә ҳаракны иашьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра, Аҧсадгьыл ахьчараан иаалырҧшыз агәымшәаразы Леон иорден ланашьан.
Илаамҭамкәа дымҩасит Аҧсни, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи зыхьӡ рдыруаз, ахацәа ирыцназгоз, ахаҵамҧҳәыс ззырҳәоз аҧҳәызба. Аҧсны ирхашҭӡом Биргиуль лылшамҭақәа, лҟазшьа ссир, дыздыруаз ргәалашәараҿы ахаангьы лхы-лҿы иқәымбоз лыччаҧшь еицакӡом.

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me