«Ҳхәыҷқәа ираҳҳәои?...»

Аԥшалас маӡажәак сзеиҭанаҳәарц аҭахушәа ԥшьаала иасуеит… Иҟалон уи аҵлабыӷьқәа зегьы еимданы, быӷьқәакгьы ҿыршәшәаны анаҩс аҽарҭынчыр, аха мап… Аԥшалас асуеит еиқәтәарада, аамҭа иахьанӡа иазаамгаз ҭоурыхк сзаанартырц агәы иҭоушәа. Шаҟа аҽырҭынчны, аԥсҭазаара агәбылра еизнарҳауазеи ари аԥшалас.

Иара ҭынчуп, избанзар иқәсуеит аҭынчра аҳра ахьауа атәылаҿ, ахысбжьқәа амаалықьцәа рыцәа ахьеиларымго, ажәҩан лашаӡа, есминуҭ саҵаԥшландаз уҳәартә еиԥш иахьыцқьоу.
Сымӡырхаҿы стәаны срызхәыцуеит Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа… Цәыббрамза ахыркәшарахь ахы архоит, убри аҟнытә сазхәыцуеит аԥсуаа иԥшьоу ҳныҳәа – Аиааира амш. Ари амш ааигәахарц азы шаҟаҩы «Схынҳәуеит С-нана» ҳәа ҳәаны, наӡаӡа рыҩнашә аркны ицада? Шаҟаҩы рыҩныҟа иназгашаз амҩа изанымлада? Инҵәом азҵаара «Шаҟаҩы?»…
Аԥсынтәыла ахьчаразы ҳаԥсадгьыл аҵеицәа абџьар иаҵагылт, аӷа иқәхра акәын урҭ рхәыцрақәеи рыԥхыӡқәеи ирылаз.
Аӷа амца аиркхьан ҳтәыла, ацара иаҿын аибашьра аҩбатәи амш. Усҟан аԥсуаа ргәеисыбжь знырыз С. Сосналиев напхгара зиҭоз Кавказ-Нхыҵтәи ҳашьцәа ргәыԥ рыжәҩа ҳадырҵарҵ ҳаԥсадгьыл ахь иааит. «Ашьеи-ашьеи еибадыруеит» – ҳәа ражәа иалоуп аԥсуаа, уи ииашаҵәҟьаны иагьҵабыргхеит ҳажәлар агәаҟра ианалагылаз аамҭазы.
Аҳәаанырцә рҭаацәа ныжьны, урҭ агәыӷра рыҭаны, хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа иаауан Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟнытә еиԥш, Урыстәыла аладантәи, Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иор­даниа­н­тә аха­тәгәаԥхаҩцәа. Ргәы иҭырҳәаауазар акәхарын абас еиԥш иҟаз ажәақәа: «Ахымҩас сгәаҵӷа ҵнаблааргьы, уи ахымҩас аԥсуаа рыԥсадгьыл иалалартә иҟасҵом» – ҳәа.
Шаҟа агәымшәара имазар акәи ауаҩы, аԥсра дацәымшәакәа аӷа иҿагылоу? Уи агәымшәара еиҳагьы иӷәӷәахоит аибашьҩы даҽа тәылак аҟынтәи дааны, «аԥсуаа рҭоурых ыӡыр, ҳхәыҷқәа ираҳҳәои, шәара шәабаҟаз аԥсуаа аубыхцәа реиԥш шьаҭанкыла ианықәырхуаз ҳәа иҳазҵаар?» ҳәа зҳәо. Аҭоурых аҿы дыҟан арҭ ажәақәа зҳәаз, уи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Адам Хәаде иакәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афырхаҵара дуӡӡа аадырԥшуан аибашьра иалагылаз аҵеицәа ранацәагьы. Аҵыхәтәанынӡа иԥҵәомызт урҭ ргәыӷра арахәыцқәа, иахьамзар уаҵәы аибашьра еилгап, ҳгәараҭа ҩаԥхьа ашәаҳәабжь ҭыҩп ҳәа ихәыцуан, аха џьоукы ргәараҭа амыткәмабжь ҭыҩуан, џьоукы ргәыӷра еиқәырхо иааиуан.
Даҽа тәылак аҿы иҟаз хатә­гәа­ԥхарала еибашьуаз ранацәагьы агәырҩа тәаха-гылаха рнаҭомы­зт, еибаркны измаз агәыӷра мацара акәын. «Сара сыҷкәын иԥсад­гьыл Аԥсны ихы ақәиҵеит, арахь (Ҭырқәтәылаҟа) иаагара сашьҭамла­ӡеит, избанзар иара ус иҭахын, иԥсадгьыл дагәыдкыланы дамоуп» лҳәеит хатә­гәаԥхарала Ҭыр­қәтәылантәи иааны иеибашьуаз амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Ҳанефи Еӷожь иан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еиба­шь­ра иалахәын 2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык инарыцны.
Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәы­рҵеит 260-ҩык инарыцны. Ахатә­гәаԥхаҩцәа рахьтә: 51-ҩык «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ры­хҵоуп;247-ҩык «Леон» иорден ранашьоуп;623-ҩык «Агәымшәаразы» амедал ранашьан;
Аԥсуа жәлар ргәеисыбжь знырны ҳаԥсадгьыл ахьчаразы Аԥсны аҵеицәа ирывагылаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара ыӡуам. Уи ыҟазаауеит аԥсуа аҩнаҭақәа рҿы алҩаҵә ҩеиуанаҵы, аԥсуа ӡыхьқәа ыҵхәраа иааиуанаҵы…

Аида Габуниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me