Агәыҧ «Маугли» еицырдыруеит

Ианакәызаалакгьы ҳажәлар ирхашҭраны иҟам Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.). Ари аибашьра иаҳзаанагеит агәырҩа,алаҕырӡ, аҧсыҭбарақәа. Хыҧхьаӡара рацәала рыҧсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит иреиҕьу ҳҵеицәа. Урҭ рыбзоурала иахьа Аҧсны Аиааира ес-шықәса иазгәаҳҭалартә еиҧш аҭагылазаашьа ҳамоуп.


Зегьы иаадыруа усуп, аиба­шьра ҟалаанӡа аҭынч ҧсҭазаара шыҟаз. Рхатә џьабаала инхон, рҭаа­цәа ирылагәырҕьон, х-ҩык аҵеицәа еицырааӡон Заур Сақаниеи иҧшәмаҧҳәыс Мзиа Адлеи-ҧҳаи.
Заур диит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан 1955 шықәса октиабр 15 рзы. Ашколтә ҧсҭазаара анаҩс, инапы алеикуеит ақыҭанхамҩа. Аҧсны ашәарҭара ианҭагыла, раҧхьатәи амшқәа инадыркны иҧсадгьыл ахьчара дгылоит.
Ишдыру еиҧш, аибашьра аӡә­гьы дазы­ҟаҵамызт, уимоу Аҧсны аи­башьра ҟалоит ҳәа аӡәгьы игәы иаанагомызт. Аха ас еиҧш ашәарҭара аныҟала, Заур мышқәак рыла иқыҭаҿ аҷкәынцәеи иареи ирылдыршеит агәыҧ аиҿкаара. Агәыҧ иахьӡырҵеит «Маугли». Командирс далырхуеит Заур Сақаниа. Абраҟа иазгәаҭатәуп, аибашьра ианалага Заур аҩны имаз аҧара зыҭныҵшаз зегьы ҭины, акымкәа-ҩбамкәа абџьар аахәан игәыҧ аҷкәынцәа ишриҭаз.
Иара данхәыҷыз аахыс ҷыдарас илан, ахара ахәыцра, ачҳара, агәыразра, агәрагара, апатуқәҵара. Есна­­­гь аи­аша бзиа ибон, дацныҟәон, аиҳабы-аиҵбы дырхаҵгылон. Диеиҵбызаргьы иара диқәлазшәа иацәажәашьа да­қәшәон. Абас еиҧш аҟазшьа ҷыдақәа злаз Заур агәыҧ «Маугли» аҟны командирс иалхра машәыршақә иҟамлеит. Иара ианакәызаалак дҵас ирҭоз, заа дазхәыцны, иалҵшәахашаз ҭҵааны, анаҩс хықәкыс иҟаҵанаы ишьҭихуан. Иахьцозаалак иара игәыҧ даҧхьагылаҩын.
Заур игәыҧ еибашьуан еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны. Ирылахәын Кәачара, Цагера, Ануаа-рхәы, Тамшь, Лабра, Қьаҭуан уҳәа ажәыларақәа.
Заур игәыҧ аҕа дахьтәаз аҭы­ҧқәа ирҭааны, ааха дуқәа ры­ҭаны акырынтә ихынҳәхьан. «Маугли» аибашьцәа иреиуан: Алхас Ҩардан, Геннади Чегьиа, Илларион Ҳа­џьым,Ҭенгиз Ҷкадуа, Михаил Коҕониа, Роман Ҷежьиа, Игор Папасқьыр, Дима Папасқьыр, Едик Миқаиа уҳәа ирацәаҩны.

Аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны Заур уахи-ҽни ҧсшьарак ҟамҵакәа, сааҭк иадамхаргьы иҭаацәа дрыламтәакәа, иҩызцәа дрывагыланы дшеибашьыц деибашьуан. Иҩнаҭаҿы изызҳауаз х-ҩык аҵеицәа, изхара имбацызт. Иара еибашьцәа фатәыла, жәтәыла еиқәиршәон, бџьарла, џьаҧҳаныла еиҵамхартә заа аусқәа еиҿикаауан. Ицеибашьуаз иҩызцәа ихшара реиҧш дрыхӡыӡаауан.
Заур игәыҧ «Маугли» иалаз аибашьцәа реԥш Кәтолтәи абаталион аибашьцәагь дрыхӡыӡаауан. Урҭ еилахарак анроуаз, Тҟәарчал дцон, мамзаргьы Аҧсны анҭыҵ инхоз иҩызцәа иҽрымаданы, ирҭаххоз реиқәыршәара илиршон.
Агәыҧ иалаз аибашьцәа иара данрывагылаз шәарҭарак рааигәа иҟоуп ҳәа ргәы иаанагомызт. Убасҟак ргәыҕрақәа идырҳәалон.
Иара жәыларацыҧхьаӡа агәы­мшәареи афырхаҵареи ааирҧшуан. Убас Ануаа-рхәы ахақәиҭтәраан ақырҭуа еибашьҩы итҟәара илиршеит. Уи ибзоурала аштаб аҟны акыр иаҧсаз аинформациа роуит. Егьа ашәарҭа ыҟазарагьы, Заур ахаангьы аибашьра ацәаҳәаҿы ирхәыз аибашьҩы дааныжьны дымцацызт.
Кәтолаа реибашьцәа џьара уск ӡбатәны ианаарыдгылоз, Заур иажәа иазҵаауан. Убри аҟынӡа иқәгәыҕуан, игәра ргон. Аҧсны аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагыла аҽны инаркны, Заур зныкгьы ихахьы иааимгацызт ҳаҧсадгьыл аҕа инапаҿы иҟалап ҳәа. Иара еснагь агәра игон Аиааира.

Заур иаб Хәыхәыт Сақаниа Кәтол ақыҭан апату, аҳаҭыр зқәыз иакәын. Иара аҧсуара ныҟәызгоз дыруӡәкын. Иҭаацәараҿгьы аҧсуара ныҟәыргон. Уаҟа ирызҳауан хә-ҩык ахшара, иҷкәын заҵә Заури уи иаҳәшьцәа ҧшьҩыки. Гәырҩада зыҧсҭазаара мҩаҧысуаз аҭаацәара реиҳабы Хәыхәыт ихәыҷқәа инагӡаны рааӡара дахьымӡакәа заа иҧсҭазаара далҵит. Уи иарҕьажәҩа Ламара Џьамал-иҧҳа лыхшара рааӡараҿы длывагылан лԥа еиҳабы Заур.
Агәыҧ «Маугли» акомандир Заур Сақаниа иеибашьратә мҩа хьыӡла-ҧшала ихиркәшеит Аҧсны Аиааира агара мышқәак шагыз, Цагера ахақәиҭтәразы ажәылараҿы дҭахоит.
Даныхәыҷыз инаркны бзиа иибоз иҧсадгьыл фырхаҵарла ихы ақәиҵеит. «Аҧсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡгьы ихҵоуп.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me