Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Сентиабр 26 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит изаамҭанытәыз аилатәара. Амш хәаԥштә аҿы иқәгылан 12 зҵаареи, ацхыраагӡақәа ҩбеи.
Иқәгылаз азҵаарақәа рахьтә, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дазааҭгылеит,аԥсихиатртә хәышәтәрҭаҿы аҽыхәышәтәра ишьҭоу рыдагьы, ҳтәылауаа аԥсихиатртә хәышәтәразы ацхыраара рыҭаразы ишазхиоу.

Котегориала ишьақәырӷәӷәаны.
Иара убас афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит, афинансқәа Рминистрра аказна ишаднаҵаз ахылаԥшра анаҭаларц Ареспубликатә биуџьет аҟынтә "Амшынеиқәа афымцамч" ашҟа инашьҭхо аԥарақәа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы афымцацәаҳәақәа рнагаразы аусурақәа.
Иара убас Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа дазааҭгылеит, ҳазҭо ашықәс азы ацитрустә шәырқәа рыхәԥса. Урҭ шьақәырӷәӷәоуп абас: амандарини апельсини кьылак рзы - 45 мааҭ; алимон - 42 мааҭ; еиуеиҧшым стандартла еиԥшым ашәыр - 10 мааҭк.
Ишьақәырӷәӷәаз азҵаарақәа руак рҟны иҟан иара убас,Аԥсны атәылауаҩра змам,аха анхарҭазы азин змоу, мамзаргьы атәым тәылауаҩ Аԥсны инхо зфинанстә ҭагылазаашьа хьысҳау, ес-мза аӡәы изы 2000нызқь мааҭ рзыршәаларц. Ас еиԥш иҟоу азакәанԥҵа амчра аиуеит ҳазҭо ашықәс октиабр акы инаркны.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыхәаԥшын егьырҭ еиуеиҧшым азҵаарақәагьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me