Аԥсадгьыл хьчатәын

Ҳаԥсадгьыл аӷа данақәла, уи аҟазаар­еи-аҟамзаареи ианрыбжьагыла, хәыҷгьы-дугьы неилымхрада ҳажәлар ақәылаҩ иҿагылеит.
Аԥсны ахьчаҩцәа дыруаӡәкуп, аибашьра адәаҿы иааирԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи рзы Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран, 1974 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла аҟны ахкынагӡаҩыс иҟоу, атенор абжьы назыгӡо, инеиԥынкыланы 54 шықәса аҟазара иазааԥсахьоу, иахьагьы амаҵ азызуа Аԥсны жәлар рартист Руслан Габлиа.


Аибашьра ҟалоит ҳәа аӡәгьы ихаҿы изаагомызт, ҳаӷацәа аҭы­шәынтәалара шҵыршәаауазгьы. Аԥсуа жәлар зегьы ҭынч инхон, ибзазон.
1992 шықәса август 14 аҽны рхатә ԥсҭазаара еиларҵеит Руслан Габлиеи Есма Қоиӡе-ԥҳаи, урҭ рчара иамшын.
Аибашьра раԥхьатәи амш игәаларшәо ҳаиҿцәажәараан Руслан Габлиа иажәа дналагеит абас:
– Аҽны чаран, зегь ҳархиахьан, асасцәа ахьҳартәашаз ашьаԥа еибырҭахьан агәылацәа. Асасцәа ааиаанӡа амаҵ зуаз агәылацәа «акы инацҳарц» инатәоны еиԥш, ҳгәыла ԥҳәыск иахьынтәлаҳаз сыздыруам, аибашьра шыҟалаз ала ажәабжь бааԥс лыманы даҳзааит. Сара азныказы, агәра сзымгеит, снеины ателербага наҿаскзар «Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба дықәгыланы аибашьра шыҟалаз ажәлар ирылаҳәо, ааԥхьара риҭон аԥсадгьыл ахьчаразы, аҽеидкыларазы».
Ари­ ажә­­­­­­а­бжь гәы­­ҭ­­шьа­­ага ашь­ҭахь ачара згәала­шәодаз, аус­ҳәарҭахь ­ишза­­хәоз еи­хеит ҳгә­ылацәа зегьы. Сар­­гьы еибыҭан игы­лаз ашьаԥа еим­ыхны, иаа­и­хьаз асасцәа, агәылацәа-азлацәа, афатә-ажәтә шаны инарыҭаны сышзахәоз аусҳәарҭахь сеихеит. Амш ахәларахь еихон. Аҭацаагара ҳәа Гаграҟа иаҳшьҭыз рыхнымҳәра агәҭынчымра рызнарҵысуан ҳҭаацәа. Урҭ ҳамҭакы Гагра иалахеит. Ус ажәа­бжь ааҩит Колхида амҩа адыркит ҳәа. Сара срышьҭаланы Бзыԥҭанӡа снеит, ус, сыԥшызар, изықәтәаз амашьынақәа рымырхызаарын, «имида-гәидаха» шьапыла ихьагәгәа аҭацаагара иаҳашьҭыз аҭаца дрыманы иаасԥылеит.

Ажәакала, Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа «счара хдырбгалеит», – иҳәеит аибашьра аветеран Руслан Габлиа дыччо, алаф ахҳәаауа.
Р. Габлиа иажәа­қәа рыла, аи­башьра иана­лага ашьҭахь хымыш-ԥшьымыш ааҵхьаны иҭацеи иашьа ихәыҷқәеи ихатә ҩызеи иашьа Амиран иахь Воро­­нежҟа идәықәиҵеит.
Анаҩс, иан Ниура Барцыц-ԥҳа аҩны лымала дааныжьны, иара Ешыра ахырӷәӷәарҭахь, иҩызцәа еибашьцәа рахь дцеит.
Уи иажәақәа рыла, Руслан Бармышьаа рыҷкәынцәа дрыцны «Замостианскаа ргәыԥ» далан (усҟан агәыԥқәа ракәын иҟаз). Агәыԥ деиҳабын – ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵаз Владимир Начач-оглы.
­Ҳаиҿцәажәараан Р.Габ­лиа изла­­ҳаиҳәаз ала, октиабр мзазы аба­та­­лионқәа реиҿкаара ианалага, 250-ҩык инарзынаԥшуа аиба­шьцәа еид­ызкылоз рбаталион кома­ндаҟаҵаҩыс дыҟан Владимир Начач-оглы. Арота акомандаҟаҵаҩыс – Фридон Аҩӡба, анаҩс – Игор Дармаа.
«Ешыра ахыр­ӷә­ӷәарҭаҿы, аԥш­ыхәрақәа мҩа­ԥаагон, ҳа­ӷацәа меигӡарахда ­абџьар аҭы­р­ҟьара иана­ҟәымҵлак, ахыс­­бжьқәа ахьынтәааҩуаз аҭыԥахь аҭак ҟаҳҵон, ҳамҭакгьы еиқәнакуан, аха ус еиҿахысра ӷәӷәак, жәыларак мҩаԥаамгацызт ианвар 5-6 рзы ажәылара ҟалаанӡа», – иҳәеит аибашьра аветеран дызлахәыз раԥхьатәи ажәылара игәаларшәо.
– Ианвартәи ажәылара, аӡын мшы бааԥсын, аси аҷыхьи ҳахганы ҳгәыԥ аибашьцәа аӡиас арразы иҳамаз адҵа наҳагӡар акәын. Абџьарлеи, џьаԥҳанылеи, цәамаҭәалеи ҳаиқәшәан. Акраамҭа Гәымсҭа аӡиас ахықәан ҳтәаны ҳаԥшын, аамҭа анааи, аӡиас арразы адҵа анҳау, ажәылара ҳҽалакны, ҳнапқәа еибаркны ҳдәықәлеит. Амш цәгьақәа раан аӡиас еиҳагьы иацлоит, иагьаӷьуп, ауаҩы ишьапы дықәнаҟьон аҟнытә аҵаа еиԥш ихьшәашәаз аӡиас ҳнапқәа еибаркны ҳарит. Аха аӡиас ҳшырыз еиԥш хыԥхьакырҭа ҳмоуа аҟәара ҳақәхеит. Ҳаӷацәа ҳгәарҭан аҟәҟәаҳәа абџьар хкыс иуҭаху зегь рыла ҳаихсра иалагеит. Еицыз зегьы аҟәараҿы ҳаҽкаҳажьит, ҳхы ҳзышьҭымхуа адырҩаҽны – амш еилахәлаанӡа аҟәараҿы ҳашьҭан, ҳахьышьҭаз ҿыгҳарак асы ҳақәнауит. Анаҩс, ахәлара ҳҽалакны шьҭахьҟа ҳхьамҵыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Усҟан ҳгәыԥ еиднакылоз руаӡәк дҭахеит, ахәрақәа зауз ҟалеит.
Леон иорден занашьоу Аԥсны жәлар рартист ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны иазгәеиҭеит Аиааира зырааигәаз, аха илыҵшәадахаз март 15-16-тәи ажәылара агәаларшәара шицәыуадаҩу, избанзар усҟан хаҭала изааигәаз иҩызцәа аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭра аагара рхы ақәырҵеит, Аиааира амш изахьымӡеит.

– Март 15-16-тәи ажәылараан, ҩымш шыбжьаз абаталион акомандаҟаҵаҩ Владимир Начач-оглы ҳгәаҳҽаниҵеит ҳашхиазааша азы. Ажәылара аԥхьа аҽазыҟаҵареи аҽеиқәыршәареи рзы Бармышьҟа сҿынасхон еиԥш, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә капелла аҟны ашәа зцысҳәоз сҩызцәа «Бабаду» агәыԥ аибашьцәа: Валера Багаҭелиа, Резо Чачхалиа, Мераб Тарнаа, Џьон Ӡиӡариа аасықәшәеит. Зегь еицны ианызба, среигәырӷьан аҩныҟа ааԥхьара рысҭеит, даргьы исымамкыкәан Бармышьҟа исыцны ицеит. Март 15 аҽны ажәыларахь ҳандәықәлоз аамҭазы Аҩада Ешыра аресторан ахьыҟоу аҭыԥаҿ дырҩегь ҳаиқәшәеит Бабадуааи сареи. «Усҟан, Аҟәа ахы ианақәиҭаҳтәлак Ленин ихьӡ зхыз ашҭаҿы ҳаиқәшәоит» – ҳәа неибыҳәаны ҳаиԥырҵит. Аха, Аиааира Амш иахьымӡакәан, рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит урҭ.
Ауха асааҭ ҩба рыбжазы ажәыларазы, аӡиас арразы адҵа анҳау, ҳаҽшаны ҳдәықәлеит, агәыԥ «Бабаду» Аҟәа «Учхоз» ала идәықәлеит, ҳара – «Ацҳа кнаҳа» ала. Уи аамҭазы, аӡы ҳшырыз гәазҭаз ҳаӷацәа ахысра иалагеит, ҳара иааулак «Асаркьа» ахьыҟоу аҭыԥаҿ амҩаду еиҩҵәаны Цугуровка ала ҳхы рханы ҳҿанынаҳха ақырҭцәа зынӡа рыҽдырӷәӷәеит, атанк, БМП зегь ҳажәырҵеит, ажәакала, абџьар хкыс иҟаз зегь «ҳгәыдырҵо» еихсыӷьра амамкәан ҳалахысра иаҿын.
Ус, ҳбаталион агәыԥқәа руак анапхгаҩыс иҟаз Вадим Дбар арациала аинформациа иоуит 100-ҩык инарзынаԥшуа Цугуровка ала иҭаланы илеиуа аколона зусҭцәоу шеилкаатәу ала. Уи акәхеит, акыӡӷы ҳҽаҭаны ҳдәықәлеит, аха ҵаҟа амҩа агәарабжьара ахьбжьдаз, ауаа ахьынхоз ҳаназааигәаха иҳацәшеит. Ҳаӷацәа ҳрымбарц азы аҭырасра ҳҽаҳҭеит, еилахәлаанӡа уа ҳтәан.

Вадим, «сааҭбжак сшәымбар, шәысзымԥшкәа шәца», – ҳәа ҳаиҳәахьан. Анаҩс, данаҳамба, ҳамҩа иацаҳҵеит. Амҩахь иҟьалаз, нас ҳара ҳахь зҽадызкылаз Беслан Гәырџьуа иҳаиҳәеит Вадим Дбар аснариад дшашьыз, Витали Акабеи иареи шеицҭахаз.
Ҳҩызцәа ҳавыршьаауан, ҳгәы ҳахьуан, аха агәырҩа аҽаҭара, аанҿасшьа ҳамаӡамызт, ҳамҩа иацаҳҵар акәын. Дҵас иҳаман Шромантәи иаауаз агәыԥи ҳареи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьҭахь анышәынҭрақәа ахьыҟоу ҳаиԥыларц, ҳаиқәшәарц.
Усҟан сара 40 шықәса сырҭагылан, аибашьра аԥышәа сымамызт, аха аррамаҵзура сахысхьан аҟнытә, издыруаз ԥыҭ-чыҭқәак ыҟан, сыблагьы ҵарын. Ҩыџьа аишьцәа Виталии Валикәеи Цәеиаа, Рауль Ашәба, Беслан Гәырџьуа, иаҳзымдыруаз абџьарда иҟаз зыҽҳадызкылаз ҩыџьа аурысцәеи ерманы ҷкәынаки еицыз ҳгәыԥ раԥхьа сгыланы сышнеиуаз, аҵхагәҭаны, амза икаҷҷоз анақәԥха ицырцыруа ирхханы аҵлақәа ирыбжьдаз амисин сылаԥш нақәшәеит. Иаразнак издырит уи аминақәа шыхшьыз. Сҩызцәа рахь сыбжьы сыргеит имҵысырц, нас ирабжьазгеит 5-5 метра ҳабжьаҵаны амисин ҳахькьымскәа ҳахыҵны ҳамҩа иацаҳҵарц. Аха иҳацыз аибашьцәа аӡәы амина дахаԥжәеит. Уи иԥсыбаҩ аҭыгара залшомызт. Ус, Валикәа Цәеибеи сареи ҵла дук ҳшаватәаз, ақырҭцәа рыбжьқәа зынӡа иааигәаны иҳаҳауа ҳалагеит. Еицыз агәыԥ зегьы амацәаз ҳҭаркит, иааҳакәыршаны аукраинцәа ыҟан. Урҭ дареи ҳареи еиқәҿаҳҭуан, «арахь шәааи ҳшәылакьысуам» ҳәагьы ҳабжьаргеит, аха дареи ҳареи ҳаиқәышаҳаҭымхеит. Ихәлаанӡа хысрада ҳаԥшын, амш ахәларахь ианнеи, алашьцара ҳҽалакны, ҳхысуа, ҳаӷацәа ҳреихсуа мацара ҳхы рцәааган Цугуровка аганахь ала абнара ҳҽаҳҭеит. Зыҽҳадызкылахьаз аурысцәа ҩыџьа дареи ҳареи ҳаицәыӡит, иҳацыз Еныкь ҷкәынак ахәра иоуит, Рауль Ашәба дҭахеит, иԥсыбаҩ ҳзалымгаӡеит. Ԥшьымш «амацәаз» ҳҭакын, ҳхынҳәны ҳанырымба, ҳҭахеит ҳәа агәырҩа рыман ҳҭаацәеи ҳгәыцхәцәеи. Хаҭала, марттәи ажәылара ашьҭахь саныхынҳә, сан рыцҳа иҟалҵара лыздыруамызт, дсывагьежьуа дсыкәшон.
Руслан Габлиа аибашьраан аамҭаказы, Алада-Ешыра амшын аҟәара ахьчараҿгьы ахырӷәӷәарҭаҿы дыҟан. Аиааира Амш – сентиабр 30 даԥылеит Егры аҳәаа аҟны.
Аиааира алзыршаз аҵыхәтәантәи ажәылара игәаларшәо уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳаруаа шьҭа аибашьратә ԥышәа шрымаз, ишазыҟаҵаз, рымчқәа еибыҭаны ԥхьаҟа згәы цҳафыруаз афырхацәа Аиааира шыртәхоз шымҩашьоз.
Хаҭала, Аԥсны жәлар рартист, Леон иорден занашьоу, аибашьра аветеран Руслан Габлиа ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит Аиааира агәра шигоз. «Аиааира ҳара ишаҳтәхоз здыруан, аха иҵегь аамҭа аҭаххоз џьысшьон, ирласны ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭхоит ҳәа сыҟамызт», – иҳәеит уи.

«Сентиабртәи ажәылараан «Алада-Ешыра ала аӡы ҳаныр аиҿахысра ӷәӷәа ҳақәшәеит. Мчыбжьык уа ахырӷәӷәарҭа кны ҳтәан. Анаҩс, Алашарбага аҳабла инаркны аџьабаа ҳамбаӡеит, ҳаӷацәа рабџьарқәа кажьны иҩны ҳаԥхьа игыланы ицон. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа ҳрыхҟьашо ҳрышьҭаланы ҳнеиуан.
Ацҳа ҟаԥшь аҿы ҳаннеи ҳаԥсы ҳдыршьеит, ҳаӷацәа ақалақь ҭадырцәыртә, иалҵыртә аҭагылазаашьа раҳҭеит», – иҳәеит уи.
16 шықәса анихыҵуаз аахыс Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә капелла аҟны ашәа зҳәо, 1974 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа уа аус иуеит. Абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩ, мшаҽнеиԥш Аԥсни уи анҭыҵи, ҳкультура, ҳҟазара ӡырызго Руслан Габлиа аҟазара амаҵ азуреи аибашьреи еиҳа иуадаҩузеи ҳәа азҵаара аниаҳҭа, «аибашьра еиҳа имариоуп» – ҳәа дыччо аҭак ҳаиҭеит.
«Аиашазы, аԥсадгьыл ахьчара зегьы иаҳуалуп, аԥсадгьыл аҵеицәа зегьы ируалԥшьоуп уи аиқәырхара. Ҳҵеицәа аӡәырҩы рхы-рыԥсы ахҭнырҵеит, аха Аиааира ҳара иаҳтәхеит, ҳаԥсадгьыл ахы иақәиҭхеит, зхьыԥшымра азхаҵоу ҳәынҭқарроуп ҳ-Аԥсынра. Иахьа ҳаҩнуҵҟа иҟоу аилибамкаарақәеи ахынҭаҩынҭарақәеи уи даҽа зҵаароуп. Ҳәарада, хаҭала, аибашьра аветеранцәа шьҭа рықәрахь инеиуа иалагеит, саргьы шьҭа 72 шықәса сырҭагылоуп. Иҟоуп аибашьраан ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡагьы зҽызыхәшәтәуа, ахәшә аазхәо, аибашьра аветеранк иаҳасабала урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала иахьынӡахәҭоу ахылаԥшреи ацхыраареи рыҭалазароуп ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит ҳаиҿцәажәара хыркәшо.
Леон иорден занашьоу, аибашьра аветеран, Аԥсны жәлар рартист Руслан Габлиеи ихатә ҩыза Есма Коиӡе-ԥҳаи рыхшара рхатә ҭаацәарақәа аԥырҵахьеит, иаԥсаны Аԥсынра иазгылаз ҵеицәоуп, урҭ ргәы рыладууп иахьа. Хаҭала, ҳара аибашьра аветеран раԥхьа днаргыланы, иҭаацәеи иареи ирыдаҳныҳәалоит иааигәахо ҳныҳәа ԥшьа – Аиааира Амш!

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me