Апрокурор хада Адгәыр Агрба иқәгылараҿы дырзааҭгылеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа 2020-2024 шықәсқәа рзтәи русура алҵшәақәа. Уи далацәажәеит аусеилыргаратә усбарҭақәа ршьаус-процессуалтә усура алҵшәақәеи аоперативтә ҟәшақәа акоррупциатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рцәыргареи, ргәырҽынҵареи, раарԥшреи рзы русура анагӡашьеи ртәы.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ацәгьоурақәа рмаҷхаразы иҟоу атенденциа азгәаҭаны, атәылаҟны акриминогентә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы иҳәеит.
Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзуреи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура атәы далацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭшәарҭада Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа. Уи иажәақәа рыла, атәым ҳәынҭқаррақәа рмаҵзура ҷыдақәа, атерроризм, изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршара, еиҿкаау ацәгьоурақәа, аекономикатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа уҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара иаԥырхагоу ирҿагыланы аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иажәахә аҟны иазгәеиҭеит, иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟала аԥсабаратә, атехногентә ҟазшьа змоу арыцҳарақәа шырацәаз, ари ауаатәыҩсатә лшарақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра иҷыдоу атехникеи рхархәара шаҭаххаз.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иҟаиҵаз аҳасабрбаҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит, аусбарҭа аусура хадаратәла аҳазалхратә хылаԥшра, адәныҟаекономикатә усура иалахәу рзы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, аҳаза ианаамҭоу ихарҭәааны алхра ишазкыз.
«Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, сара сгәаанагарала, Аԥсны адәныҟаекономикатә усура хра злоу анырра анаҭоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла адәныҟатәи ахәаахәҭра амҽхак ҩынтә ишазҳаз», – инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа иҳәеит 2020 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны амиграциатә закәанԥҵара еилазгаз атәымтәылауаа ирызкны аӡбарҭақәа рахь ишдәықәҵоу административтә материалқәа 917. Рамин Габлаиа ашықәс аихшьалақәа рыла иазԥхьагәаҭоу арбагақәа 150 млн. мааҭ рыла еиҳаны абиуџьет ишалагалахо атәы иҳәеит.
Акоординациатә еилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа русура бзиоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит.
«Арбагақәа есааира аиӷьхара иаҿуп. Аҟәшақәа зегьы русура ахаҭабзиара еиӷьхеит. Ари убаратәы иҟоуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Азинхьчаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Иҟоуп шәаргьы ҳаргьы зыӡбара ҳахьымӡаз зҵаарақәак.. Урҭ рыӡбара иаԥырхагоу аобиективтә мзызқәа ыҟоуп. Агәра згоит, абас еиԥш системала азнеишьа, амчратә еилазаарақәа рҳәоу еиқәыршәаны русеицура аныҟала, азҵаарақәа рыӡбара алыршахоит»,- иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟатәи аполитика, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа иазкыз азҵаарақәа дырзааҭгылеит. Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы хшыҩзышьҭра аҭаны далацәажәеит астратегиатә партниори ҳареи ҳаизыҟазаашьа алахәаахәҭра ҟалашьа шамам. «Ҳҳәынҭқарраҟны иҟоуп еицырдыруа ауаа, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла анапхгареи еидкыланы ирылацәажәарц зҽазызшәо. Сара исҳәахьеит, еиҭасҳәахуеит, ҳара Урыстәыла иаҳнаҭо алшарақәа ҳхы иаҳархәароуп ҳҳәынҭқарреи ҳекономикатә суверенитети рырӷәӷәаразы. Урыстәыла аиашьара, аиҩызара ҳзызуа ҳәынҭқарроуп. Уи алалара атәы аӡәгьы иҳәаӡом. Аԥсны – ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ҳаргьы ҳхы иадаҳҵаз наҳагӡароуп», - абас иажәа хиркәшеит Аҳәынҭқарра Ахада.