1954 ш. рзы Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан ииз, иааӡаз Р. Барцыц абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Уи дышҭаз аррамаҵура ашҟа иҧхьеит. Иуалҧшьа нагӡаны ҩаҧхьа иҵара дазыхынҳәуеит, 1976 ш. рзы дызҭаз аҵараиурҭа далгоит. Асахьаҭыхра иҽазҵәылхны дазааҧсон, ашәҟәқәеи ажурналқәеи сахьала реиқәыршәарагьы иҽазишәон.
Асахьаҭыхра иаҿыгәҳәаауа бзиа избоз Р.Барцыц иҵара иациҵарц иӡбоит. 1977 ш. рзы дҭалоит Ҟарачы-Черқестәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт асахьаҭыхра-графикатә факультет. Араҟа 2-тәи акурс анхиркәша ашьҭахь, диасуеит Краснодарҟа. Дҭалоит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет асахьаҭыхратәи атехникатәи графика афакультет. «Сара Сыҧсынтәыла» атемала играфикатә усумҭақәа рышьаҭала адиплом ихьчоит.
1983 ш. рзы Р. Барцыц аҿыханҵатә ҟазареи ачерчениеи рырҵаҩыс дышьҭын Шәачатәи 8-тәи абжьаратәи ашкол ахь, аамҭала ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ аҟны дырҵаҩын. Аха шықәсқәак рыла Аҧсныҟа дхынҳәуеит. 1986 ш. инаркны аусура далагоит Аҟәа, ажурнал «Аҧсны аҟазара» асахьаҭыхратә редакторс. Убри нахыс Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла имҩаҧнагоз ацәыргақәҵақәа рҟны аҭааҩцәа ирбон играфикатә усумҭақәагьы. Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа абаҩхатәра иаша шырныҧшуа азгәарҭон аҟазараҭҵааҩцәеи, аҟазара абзиабаҩцәеи. «Аҧсны аҟазара» аредакциаҿы иусура иҽахаршәаланы ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҧсышәалеи урысшәалеи иҭнажьуаз ашәҟәқәа 30 инареиҳаны сахьала еиқәиршәеит.
Шәача аус аниуаз инаркны иусумҭақәа ркьыҧхьуан агазеҭқәа: «Черноморская здравница», «Заря Востока», «Абхазия», «Аҧсны ҟаҧшь» ажурналқәа: «Кавказ», «Алашара», «Амцабз», «Аҧсны аҟазара».
Р. Барцыц СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгылеи СССР асахьаҭыхратә Фонди рааҧхьарала, асахьаҭыхҩцәа Реидгыла иатәыз арҿиаратә ҩны «Сенеж» (Москватәи аобласт Солнечногорск ақ.) аҟны аус иуан аграфика аганахьала асахьаҭыхҩцәа ҩымзтәи Зегьеидгылоутәи агәыҧқәа дрылахәны (1985, 1986, 1988, 1989, 1990, 1991 шықәсқәа раан).
1990 ш. рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет анапхгареи Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгылеи рҟнытә иоуз абжьагарала Р. Барцыц дырҭаауеит ақалақьқәа Карачаевск, Краснодар, Москва. Аратәи аҵараиурҭақәа рҟны иалиҧшаауеит арҵагатә планқәеи, апрограммақәеи, арҵагатә материалқәеи. Иусура зегьы хықәкыс иаман Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны азанааҭ ҿыц аартра. Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет аҟны акәзар, ари аус аҿы даара ацхыраара ирҭоит. Убри ашықәс азы Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет апедагогикатә факультет аҟны иаартхоит асахьаҭыхра-графикатә ҟәша. Р. Барцыц араҟа асахьеи аграфикеи рырҵаҩыс аусура хациркуеит (1995 ш. раахыс иаартуп аҿыханҵатә ҟазара акафедра).
Р. Барцыц аҧсуа жәлар зегьы реиҧш, 1992 ш. август 14 гәеиҵахара дуны изыҟалеит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага асахьаҭыхҩы Аҟәа дыҟан. Абжьааҧнеиҧш, усҟангьы ижәлар рыгәҭа дгылан, рхьаа ихьаан. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа Аҟәа ааныжьны Гәымсҭа нырцәҟа рхырҕәҕәарҭақәа реиҿкаара ианалагоз, иаргьы Гәдоуҭаҟа диасит. Р. Барцыц Гәымсҭатәи афронт аҟны иуалҧшьа наигӡон.
1993 ш. рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет инаҭаз ашәҟәы ала, шықәсык ҿҳәарас иаҭаны, стажировка дышьҭын Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет ашҟа, дагьрыдыркылеит. Астажировка иахысуаз асахьаҭыхҩы асахьаҭыхра-графикатә факультет асахьа акафедра аҟны рҵаҩыс аус иуан. Абасала, арҵаҩы изанааҭ ашҟа еихигахьаз ашьаҿа иациҵеит. Иара убри ашықәс азы Москва иаартын асахьаҭыхҩы иусумҭақәа хаҭалатәи рцәыргақәҵа. Анаҩс, Урыстәылеи Аҧсни рсахьаҭыхҩцәа Реидгылақәеи Аҧсны Аиҳабыреи иҟарҵаз ацхыраарала иҭрыжьит альбом-каталог «Рауф Барцыц» зыхьӡу (50 сахьа агәылоуп, атираж – 2 нызқь цыра).
Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет аҟны Р. Барцыц шықәсык астажировка дахысит Урыстәыла акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, асахьа акафедра аиҳабы Н. Ростовцев инапхгарала. Ашьҭахь, асахьа акафедра аҟны, арҵаҩы еиҳабыс аусура даанрыжьуеит. Дук мырҵыкәа, асахьа акафедреи асахьаҭыхра-графикатә факультет аҵаратә хеилаки иабжьаргеит ауниверситет аспирантура аҭалара.
Аспирантура қәҿиарала иалгаз Р. Барцыц 1997 ш. рзы ихьчоит акандидаттә диссертациа «Иреиҳау апедагогикатә ҵараиурҭақәа рсахьаҭыхра-графикатә факультетқәа рҟны асахьаҭыхратә графика арҵара аметодқәа рҷыдара» атемала. Асахьаҭыхра-графикатә факультет асахьа акафедра аҟны иусура иацҵауа, Р. Барцыц астудентцәа асахьеи аграфикатә композициеи дырзаҧхьон, асахьаҭыхратәи акьыҧхьтәи графика-естамп аҧышәара-рҿиаратә ҟазарҭа напхгара аиҭон. 1998 ш. рзы акьыҧхь абеит асахьаҭыхратәи акьыҧхьтәи графика-естамп аусхк ала аграфикатә композициа амаҭәар астудентцәа дырҵаразы аҧышәаратә программа. 1999 ш. рзы ашәҟәҭыжьырҭа «Прометеи» иҭнажьит Р.Барцыц имонографиа «Асахьаҭыхратә графика. Арҵара аметодика азы алагалажәа», арҵагатә хархәага «Иреиҳау апедагогикатә ҵараиурҭақәа рҟны асахьаҭыхратә графика маҭәар ҷыдак аҳасабала (атеориеи апрактикеи)».
1998 ш. рзы асахьаҭыхра-графикатә факультет асахьа акафедраҿы изларыӡбыз ала, насгьы афакультет аҵаратәхеилак иҟанаҵаз абжьгарала Р. Барцыц ауниверситет адокторантура дҭалоит. 2000 ш. рзы Р. Барцыц адоцент ҳәа ахьӡ ихҵан, дагьрыдыркылеит Апедагогикатә ҵара Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондентс.
2001 ш. аҧсуа сахьаҭыхҩы-аҵарауаҩ ихьчеит адоктортә диссертациа. «Иреиҳау арҵаҩратә ҵараиурҭақәа рсахьаҭыхра-графикатә факультетқәа рстудентцәа аестамп дырҵара атеориеи апрактикеи». Асахьаҭыхра-графикатә факультет ацәыргақәҵатә зал аҟны еиҿкаан Р. Барцыц играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа. 1987 ш. рзы СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ашҟа дрыдыркылеит, 1994 ш. – Урыстәыла асахьаҭыхҩцәа рырҿиаратә еидгылахь. Иааиҧмырҟьаӡакәа дрылахәуп ақалақьтә, ареспубликатә, Урыстәылазегьтәи, зегьеидгылоутәи жәларбжьаратәи асахьаҭыхратә цәыргақәҵақәа, иара убас Аҧсны имҩаҧысуа асахьаҭыхратә цәыргақәҵақәа. Асахьаҭыхҩы иусумҭақәа ҵәахуп аҳәынҭқарратә асахьаҭыхратә галереиаҿы, Аҧсны амузеиқәа рҟны, Урыстәылатәи Афедерациа, Москвеи Москватәи аобласти, Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиареи, иара убас Мраҭашәареи Азиеи ртәылақәеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи рҟны.
Асахьаҭыхҩы имаурҽхәаша акоуп, иааиҧмырҟьаӡакәа ихы аус ахьадиуло. Асахьаҭыхреи аҵара-ааӡаратә усуреи реилагӡарагьы имариоу акы акәым, аха Р. Барцыц араҟа ақәҿиарақәа ааирҧшуеит. Руак еиҳа аҧыжәара аҭаны, егьи хьысҳахар, игәыгәҭажьхар иҭахым, убри аҟнытә, еиҧшны дырзааҧсоит асахьаҭыхреи арҵаҩреи. Иахьа Р. Барцыц инагоу аҵарауаҩ ҳәа деицырдыруеит. Асахьаҭыхреи арҵаҩра-ааӡаратә усуреи инарымаданы, Р.Барцыц илшамҭақәа ыҟоуп ашәҟәҭыжьраҿы. Аҧсны Аиҳабыра рыцхыраарала, 1996 ш. рзы Москва иҭижьит ихаҭа еиқәиршәаз афотоальбом «Абхазия» (Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) ахроника), атираж хә-нызқь цыра аманы. Иҭижьит иара убас Аҧсны асахьаҭыхҩцәа русумҭақәеи ахәыҷқәа рҿыханҵатә ҟазареи Москва еиҿкааз рцәыргақәҵа иазку абуклет. Ари аҿырҧшы агәра унаргоит аҧсуа сахьаҭыхҩы-аҵарауаҩ, мшаҽнеиҧш, иҧсадгьыли ижәлари дышрымадоу.
Р. Барцыц иҭижьхьоу урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп арҵаратә программақәа, икьыҧхьхьеит 50 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәа.
2001 ш. инаркны арҵаҩратә университет аҟны апрофессор Р. Барцыц асахьаҭыхра-графикатә факультет аҵаратә хеилак ҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩын. Асахьа акафедреи, афакультет аҵарауааи ргәыҧ далахәны аус рыдиулоит анаука-методикатә еизгақәа, арҵага шәҟәқәа, апрограммақәа Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет асахьаҭыхра-графикатә факультет иҭоу астудентцәа рзы еиҧш, егьырҭ аҵараиурҭақәагьы хархәара зырҭо.
Р. Барцыц есымша аҿыц дашьҭоуп, иҭиҵаауеит иреиҳау аҵараиурҭақәа рсахьаҭыхра-графикатә факультетқәа рҟны атеориеи апрактикеи рызҵаарақәа, иара убас астудентцәа амаҭәарқәа рзаҧхьареи дырҵареи рметодика, рестетикатә ааӡара азҵаатәқәа, убасгьы аҟазара, ҳаамҭа аҭахрақәа ирықәшәо аҵаратә процесс иалеигалоит. Аҧсуа сахьаҭыхҩы-аҵарауаҩ Москва иҟазаара ашықәсқәа рыла ихы ааирҧшит абаҩхатәра злоу сахьаҭыхҩы-графикны, ззанааҭ ала здыррақәа хазырҭәаауа рҵаҩны, ҭҵааҩны, аграфика-естамп аҟны иусумҭақәа ирыҵубаауеит есқьынагьы аҿыц дшашьҭоу, ишааирҧшуа. Аус ахьиуа иреиҳау аҵаруирҭаҿы аҳаҭырқәҵара иҽаҧсеитәит. Аҧсуа сахьаҭыхҩы-аҵарауаҩ, ихьӡ еицырдыруа дҟалеит. Убри акәхап изыбзоуроугьы Москватәи иаарту асоциалтә университет аҟазара афакультет ахь усура дахьнарҧхьаз. 2003 ш. инаркны аамҭакала Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет асахьаҭыхра-графикатә факультет асахьа акафедраҿы астуднтцәа алекциа дырзаҧхьоит.
Р. Барцыц ирҿиара иасакьаҳәымҭоуп. Асахьаҭыхҩы-аҵарауаҩ дзыхьӡахьоу рацәоуп. Абасала Москватәи асахьаҭыхҩцәа-аҵарауаа рыҧсҭазаара аилашыра далагылоуп, ирылыркаауагьы дыруаӡәкуп.
Вахтанг Аҧҳазоу