Ашьажәҩцәа рацәаҩын, лара даӡәын

1993 шықәса цәыббра 16 рзы Очамчыра ақалақь авокзал аҿаԥхьа ақырҭуа фашистцәа гыгшәыграла лыԥсҭазаара далырхит Аԥсны азы зхы иамеигӡоз аԥсуа фырԥҳәызба Цаца Казанба. Ҩажәа шықәса уажәаԥхьа агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа ирнылаз ари афырԥҳәызба илызку астатиа ҩаԥхьа аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит.


Иахьа уажәраанӡа исымбацыз, исзымдыруаз ԥҳәыс аҳкәажәк лаԥхьа стәоуп. Исцәыуадаҩуп сыззааиз азҵаара ацәыргара. Исызцәырҵуеит шә-зҵаарак, аха аҳәашьа сақәшәом. Гәырҩала иҭәу аблақәа сыхәаԥшуеит, сара сшәоит урҭ ргәырҩа еиҳагьы исырҵаулар ҳәа. Аха абриаҟара афырхаҵара, агәаӷьра, агәымшәара злаз аԥҳәызба лхәыҷра шықәсқәа инадыркны, лыԥсҭазаара шымҩасуаз еилыскаарц сҭахуп. Цаца Казанба лаҳәшьа Цуца ацәалашәара шлоухьоу збоит сыззааиз азҵааразы. Ацәажәара ҳанналага, уажәраанӡа иҟажо иаалгоз лылабжыш лӡамҩа инахьыкәкәеит.
– Амшмҟәыл анаҳзыҟалаз цәыббра 16 асааҭ акы еиԥшааншәоуп, – лажәа дналагеит Цуца Казанба.
Убри аҽны аибашьра афронтқәа зегьы рҟны ажәылара иалагеит Аԥсны ахақәиҭтәразы. Очамчыра араион Араду ақыҭа аҳабла Дәҩана (Цагера) ақыҭа ҳаруаа ахы иақәиҭыртәит. Очамчыра ақалақь аҟны инхоз ақырҭцәа ари рзымбатәбарахан, ижьышуа ақалақь иалалеит, иаанханы иҟоу аԥсуак дҳамԥыхьашәозар ҳәа. Ақалақь аҟны мацара акәым, араионқәа рҟынгьы еицырдыруаз аԥҳәызба Цаца Казанба ақалакь дзалымҵкәа далахан дыҟан.
Аибашьра иалагаанӡа Цаца лгәаӷ икны иагоз ақырҭқәа лшьа рымазар иржәуан. Избанзар, Цаца есымша ақырҭқәа дырҿагылан. Рыла ашьа хыҵәало илыхәаԥшуан. Аха уи аҩыза азыҟазаашьа Цаца заҵа дамыршәарыз, еиҳагьы агәаӷьра лыланаҵон. Убриазоуп 1989 шықәсазы, Аԥсны алахьынҵа ашәарҭара ианҭагылаз имҩаԥысуаз алхрақәа раан Цаца Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа алхрақәа рзы аокругтә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дзыҟарҵазгьы.
Очамчыра араион аҿы еснагь қырҭқәан иалырхуаз. Аха ари ашықәс азы иҟалалакгьы аԥсуа далырхыр акәын. Ас еиԥш аныҟала ақырҭқәа ирыӡбеит дара рахь иадызцәылоз аԥсуак дықәдыргыларц. Ус иагьыҟарҵеит – Лорик Маршьаниа икандидатура ықәдыргылеит. Аха еиҵарҟәаҟәоз рус бааԥсқәа Цаца ирыҵылдыраан, акгьы рзалымхит. Убри нахыс, ақырҭқәа «рхаԥыц икылахан» иҟаз Цаца «нацкьарны» рыбла дыххалеит.
1992 шықәса жьҭаара 26 рзы Тамшь ажәылара цон. Уи аҽны ауп, аибашьра ианалагаз аахыс раԥхьаӡа акәны, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Цаца лани лареи ирышьҭалан ианнеиз. Цаца ари бзиара ишазҳәамыз аулмдырхуаз. Убри аҟнытә аибашьра иалагаанӡа аус ахьылуаз дцаны, аԥсуаа ирԥырхагахап зылгәахәуаз ақьаадқәа лкабинет идәылганы илҵәахит.
Абри аҽны инаркны Цаца лҽыԥхьалкыр акәхеит, аха џьара дузыртәо дыҟазма – дахьыԥхьаркыз ааныжьны, дахьцоз аӡәгьы иамҳәаӡакәа дцеит. Уи нахыс 7-8 мзы лани лаҳәшьеи лхабарк рыздыруамызт, иахьагьы лаҳәшьа илыздырам дахьы­ҟаҵәҟьаз дыз­ҿыҵәҟьаз, аха еилкаауп лҽыҵәахны џьара дышхәыҵатәамыз.
… 1993 шықәса цәыббра 13 рзы Цаца дахьынтәааз уаҩы изымдырӡо дхынҳәуеит лыҩныҟа. Цаца акы даргәаҭеиуан, даргәаҟуан, акы дазԥшын. Уажәы-уажәы лаҳәшьа длазҵаауан аихамҩаҿ игылоу атехника ықәыргахьоума ҳәа. Цәыббра 16 рзы ҳаруаа ажәылара иалагеит ҳәа Цаца ианлаҳа, ари аҵыхәтәантәи жәылароуп, Аиааира ҳара иаагоит лҳәеит. Аха усҟан иабалдыруаз аиааира лара дышзаԥымлоз…
Ахысыбжьқәа еихсыӷьра рымамызт, Очамчыратәи ахәышәтәырҭахь ирхәыз ақырҭқәа шааргац иааргон. Ақырҭқәа, амаҭ аԥсымҭаз ашҳам еизганы ицҳауеит ҳәа шырҳәо еиԥш, рҵыхәтәа шааиз анырба алааԥк еиԥш ақалақь иалан. Аԥсуаа ргәылацәа агырқәа урҭ ирыцхраауан.
Милаҭла иагыруаз Цуца лыԥшәма дыҩны дааит иԥшәмеи ианхәеи ирласны ақалақь иалганы иԥхьаикырц. Уи издыруамызт ианхәыԥҳа Цаца ҩымш раахыс аҩны лҽыҵәахны дшыҟаз. Цуца лаҳәшьа луада днаҩнашылан илалҳәеит иҟаз, ирласны ишықәҵтәу.
Цаца ибзиаӡаны еилылкаауан аҭагылазаашьа шшәарҭаз. Лҭаацәа лара дрыцны ақалақь алҵра еиҳагьы ишырцәыуадаҩхоз. Аха уаҳа ԥсыхәа ыҟамызт. Нас дааиԥхьхәыцаан, «сымаҳә иаҳҳәап ара сшыҟоу» лҳәеит.
Аҽеиқәыршәара иалагеит. Цаца дырзымдырырц азы хаҵа маҭәала лҽеилалҳәеит. 83 шықәса зхыҵуаз ран Жениа «сара еиҳагьы сышәԥырхагоуп, уи аасҭа шәара шәхы шәахә, сара сыршьыргьы сыҩны сыршьааит», – лҳәан ацара мап ацәылкит.
Авокзал аҟынӡа анеира хәбаҟа минуҭ ракәын иаҭахыз. Аиҳәшьцәа аҩыџьеи Алықьсеи аихамҩа аусзуҩцәа рыбригада аҩны ҳәа изышьҭаз иазааигәахон еиԥш: «шәыԥшы агыруа аԥсуаа иҵәахырц ииаганы иахьиго» ҳәа абыжьқәа раҳаит. Дара урҭ абыжьқәа рмаҳазшәа ршьаҿақәа еиҳагьы идырццакит. Аха ақырҭқәа еиқәных иаарыкәшеит.
Алықьса иакәзар, «шәрыламкьысын, урҭ акгьы ҟарымҵеит, акгьы рхарам» – ҳәа иры­хьӡаз дырҿагылеит. Аиҳәшьцәа ирыулакгьы рхы иахәан иҩт. Ишнеиуаз рҽеиҟәырҭхеит. Цаца ибзиан илдыруаз Убилаиаа рашҭа дҭалеит. Илықәшәаз аԥшәма ԥҳәыс длыҳәеит хәшәык сыҭ ҳәа. Ахәшә шылжәуаз ауп ақырҭқәа шлыхьӡазгьы. «Ишԥыкәу ҳазфахьоу ахәшә шылбыржәуа, ари ҳԥылжәарц лҭахын» – иҳәеит руаӡәк. Цаца илыхәаԥшуан ашьа зхыҵәалоз аблақәа, илаҳауан ашҳам злыҵуаз ажәақәа, илаахон ахаҳәқәа, еиҳа-еиҳа зхыԥхьаӡара иацлоз алаапкқәа рышҳам лыларҵон.
Цаца илысуан шьапыла, лыхцәқәа кыдырхуан, ирымԥыхьашәоз лгәыдырҵон, аха лара дгылан… Ашьажәцәа рацәаҩын, лара даӡәын. Лгәымшәареи лыгәаӷьреи ашәара рызцәырнагон еизан игылаз.
Уаҳа лылымшакәа Цаца данкаҳа шьапыла илыӷрагылон илысырц лааигәара изы­мнеиуаз иахьгылаз аҟынтәи рҿы иааҭашәоз лықәырҳәацәон. Аха лара илҳәаз акызаҵәык ауп. «Аԥсны ыҟан аринахысгьы иҟалоит, шәара…» уаҳа ацәажәара лылымшакәа «сышәшьы сышәшьуазар, сышәмыргәаҟын», – лҳәеит. Адәахьала ауаҩытәыҩса иԥшра змаз, аха ҩнуҵҟала игыгшәыгхаз арҭ ауаа Цаца абылтәы налықәырҭәеит… лыхәда амашьына апакрышка нахарҵеит… асԥычка неихьшьны амца налыцрарҵеит… Иҟалап, уи аминуҭазы Цаца лыԥсы зыхҭнылҵоз лыԥсадгьыл акәыкәыҳәа иҳәҳәазар… ахлымӡаах збаз ашьхақәа рхқәа ладырҟәызар.
Ақырҭқәа абри аиԥш аус хәымга аныҟарҵа, иаадырԥшыз ргыгшәыгра рзымхакәа иаахынҳәын, 83 шықәса зхыҵуаз Цаца лан Жениа Ҵәыџьба дыргәаҟны дыршьит. Гәаҟрыла зыԥсҭазаара иалырхыз абырг лышьра инеиз ирылан ргәылацәа ҩыџьа Роман Зарқәуеи Џьамбул Харчилавеи. Аԥсуаа рмал иашьҭаз ақырҭқәа, Цаца лгәылацәагьы назлаз, аԥсы хаха-хымш ашҭа дшықәжьыз, аҩны иҩназ зегьы дәылганы иргеит.
… Цуца агәыӷра лыман лани лаҳәшьеи рыԥсы ҭоуп ҳәа. Усҟан уи илыздыруамызт Цаца аӷацәа дышрымпыҵашәахьаз. Илыздыруамызт аханатә аахысгьы ақырҭқәа згәаӷ рымаз аԥсуа фырԥҳәызба дҳәынҷаны игәырӷьаҵәа, аӡәи-аӡәи еиқәҿыҭуа, рҽеизганы, рҿы инҭашәо зегьы лықәҳәацәо дрыман авокзал ахь ишцаз, уаҟа ирымԥыхьашәоз зегьы лгәыдҵо, ахаҳәмҿыхә дарганы, авокзал иаԥну ашҭаҿы лыԥсы шҭаз абылтәы налықәҭәаны дшырблыз. Цуца илыздыруамызт авокзал аҿы илбаз, аҿыцәаара иаҿыз амца лаҳәшьа дызлаблыз амца шакәыз…
Цуца лажәақәа рыла, Цаца дахьырблыз аҭыԥ аҟны ҩба-хԥа шықәса акаҭран шәытаны иаанханы иҟан. Цаца лыԥсыбаҩ акәзар, лыхцәшьыҵәрак ада уаҳа анышә иамардаша ҳәа акгьы аанымхеит. Иаанхаз лымаҭәақәаки лыхцәи лани лаби рывараҿы анышә иамардеит.
Агазеҭ «Эхо Абхазии» адаҟьақәа руак аҿы икьыԥхьу Витали Шариа истатиа «Абхазская Жанна д Арк» аҟны иҩуеит Цаца гыгшәыграла амца лыцраҵаны данырбылуаз атәы авидеонҵамҭа ыҟоуп ҳәа. Аха иузхымгаша уи анҵамҭа аибашьра ашьҭахь ақырҭуа телехәаԥшрала иахьыддырбаз ауп, абри аҩыза атекст ацҵаны: «Абас акәын аԥсуаа ақырҭуа ҳәсақәа ишрызныҟәоз» ҳәа.
Цаца Шьықәыр-иԥҳа Казанба диит 1946 шықәса рашәара мза 21 рзы Очамчыра ақалақь аҟны. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь дҭалеит Аҟәатәи аиндустриатә техникум. Анаҩс лҵара иацылҵеит Нальчик, Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет аҟны. Илоуит анџьныр идиплом. Аус луан Очамчыра аколнхарабжьаратә ргылара аусбарҭаҿы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы напхгара алҭон ақалақь ахадара атехникатә инвентаризациа абиуро. Аҭаацәара даламлацызт.

Шарида Трочуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me