Иааирала ихыркәшахаз ажәылара

Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара ианалагазамш 31 шықәса ахыҵит.   Уи 11 мшы имҩаԥысуан.

Цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахырхарҭала ажәылара иалагеит, – иҩуеит аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа  ишәҟәы «Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра» аҿы. 

Ахҭысқәа рыҿиара абасала имҩаԥысуан: 1-тәи амотохысратә бригада  (акомандаҟаҵаҩ В.Смыр, аштаб анапхгаҩы З. Нанба) ҩ-хырхарҭак рыла ажәылара иаҿын: мраҭашәаратәи алада-мраҭашәаратәии аганахьала, даҽакала иуҳәозар, Алада-Гәымсҭатәи Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳақәа рҟынтәи. Абригада адҵа аӷа игәиҽанӡамкәа ахырӷәӷәарҭақәа раанкылара ашьҭахь, аӷа иҟынтәи Алада-Гәымсҭатәи Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳақәа ҭарцәны, ихадоу ажәыларатә гәыԥқәа ақалақь ралалара алыршара, ҵаҟантәи, Бзыԥтәи амҩаду ала Алашарбага аҳабла аганахьала, иара убас хыхьынтәи, - Афон Ҿыц-Аҟәа амҩала Аҟәатәи авокзал аҟынӡа.

Аҩада-Гәымсҭатәи ацҳа аҭарцәра Аԥснытәи ар иреиӷьу амотохысратә баталионқәа иреиуаз 1-тәи абригада 1-тәи абаталион, ажәлар рҿы Ешыра-Афонтәи абаталион ҳәа изышьҭаз (акомандаҟаҵаҩ Ф. Ҭарба, аштаб анапхгаҩы – Г. Қьецба) иадҵан. Ешыра-Афонтәи абаталион иадырҵеит Гәымсҭатәи афронт акоменданттә рота (акомандаҟаҵаҩ В. Тәанба).

12 сааҭи 45 минуҭи рзы  Ешыра-Афонтәи абаталион 1-тәи арота Р. Смыр икомандаҟаҵарала ацҳа аанкыларазы ижәылеит, амҩа хадеи Гречко имҩеи  рахь ицәырҵит. Араҟа ҳаруаа аӷа иҿагылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи иацлеит абаталион зегьы.  Убас ала,

Ешыра-Афонтәи абаталион Гәымсҭа аԥшаҳәаҿы иҟаз «амармалташьтә цех» инаркны амҩа ахыкәшарҭа ааигәара, Цугуровка ашьха ашьапаҟынӡа рнапаҵаҟа иааргеит. Ешыра-Афонтәи абаталион иашьҭанеиуан 1-тәи абригада 4-тәи абаталион, даҽакала иуҳәозар,  амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа рбаталион (акомандаҟаҵаҩ В.Косиан). Абаталион ахәҭак амашьынақәа рыла Алада-Гәымсҭатәи ацҳа иқәсны ԥхьаҟа ицеит, егьи ахәҭа шьапыла Гәымсҭа аӡиас ала иӡхыҵит. Ахыкәшарҭатә мҩа ала абаталион Аҩадатәи Иашҭхәа ахь ихаланы апозициа ааннакылеит. Абаталион хықәкыс аман Лечкоԥтәи аԥсыжырҭа мрагыларатәи аган ахь ацәырҵра....

Убри аамҭазы Мрагыларатәи афронт аҿы ажәылара иалагеит 1993 шықәса, цәыббрамза  15 – 16 ауха.  Уи акоманда аиҭон наигӡон Мираб Қьышьмариа. Ашьыжь шаанӡа, цәыббрамза 16 рзы Мрагыларатәи афронт иаҵанакуа х-полк ажәылара иалагеит. Актәи аполк акомандаҟаҵаҩ – амаиор Владимир Ануа, аҩбатәи аполк акомандаҟаҵаҩ – Заур Ҳаџьымба, ахԥатәи аполк акомандаҟаҵаҩ – амаиор Лаврик Амқәаб. Мрагыларатәи Афронт архәҭақәа хыдҵас ирыман – Кәыдрытәи ацҳа аанкылара, аиланхарҭатә ҭыԥқәа: Аӡҩыбжьа, Ахалдаба, Аракьыч, Цагьера, Араду, Аныуаа-рхәы ахақәиҭтәреи анаҩс Кындыӷ Ҿыц ақыҭа аганахьала ажәылара иацҵаны, Мықә аӡиас инаркны Кәыдры аӡиас аҟынӡа анапаҵаҟа аагара. Иара убас, Аӡҩыбжьантәи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ахылаԥшра аҭара аҭахын.

 Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь агәы аанкыларазы мҽхакы ҭбаала ажәыларатә операциа алагеит. Ареспубликатә стадиони аџьармыкьа хадеи рҟынтәи ақалақь агәы аганахьала ажәылара иаҿын 1-тәи абригада аҟәшеиҵақәа, Ареспубликатә прокуратура хада ахыбра аҟынтәи Аиҳабыра рыҩны аганахьала ижәылон Ҟабардатәи агәыԥи (акомандаҟаҵаҩ М. Шоров) аерманцәа рбаталиони (акомандаҟаҵаҩ В. Косиан). Аладантәи Аиҳабыра Рыҩны аганахьала илбаауан  2-тәи абригада аҟәшеиҵақәа. Убри аамҭазы уахь рхы рханы иаауан 1-тәи 2-тәи абригадақәа егьырҭ рҟәшеиҵақәагьы. 

13 сааҭи 30 минуҭи рзы Аиҳабыра Рыҩны азааигәара аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит. Ҩ-сааҭк рышьҭахь ари ахыбра аӷа иҟантәи ахы иақәиҭтәын. Уи иахашәыршәырит Аиааира абираҟ.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me