Збаҩхатәра ҷыдоу

Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр аҿы еиҿкаауп аҿыхаҵаҩ Ольга Зелинскаиа лцәыргақәҵа.
Ольга Зелинскаиа диит, дааӡеит Аԥсны, далгеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, уи ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿыханҵаҩ изанааҭ ала. 2002 шықәса раахыс дынхоит Москва, аҿыханҵаҩ-дизаинерс аус луеит.


Ольга лырҿиараҿ ихадаратәуп адоуҳа-емоциатә асимволтә мотивқәа. Лтематика акырӡа иҭбаауп: афилософиатә зҵаарақәа, аԥсихологиа. Лара иҭылхуа аԥҳәыс, анцәа имч лылоуп, анцәа дизааигәоуп.
Лҭыхымҭақәа, апатреҭқәа ирнубаалоит аԥҳәыс лыԥшӡара. Џьара-џьара лҭыхымҭақәа рҿы иуԥылоит ахыбаҩ амацара, аблақәа, аҿы, аԥынҵа акгьы убаӡом, уи иаҵаҵәахуп асимвол, ахәаԥшҩы амагиатә дунеи дагәыланахалоит.
Ольга Зелинскаиа иаԥылҵеит аҽаӡәы иаԥҵамҭақәа ирыламҩашьо лхатәы ҿыханҵатә стиль, урҭ ирнырԥшуп ауаҩы ифилософиатә дунеи. Имариам автортә техника аамҭа рацәа ақәырӡтәуп, лара лусумҭақәа раԥҵаразы хымз инаркны, ҩышықәса рҿынӡа данаҭаххо ыҟоуп.
Ольга ­лҭы­хымҭақәа изныкымкәа ацәы­р­гақәҵақәа ирылалырхәхьеит, урҭ ирықәнагоу ахәшьара ҳаракгьы роухьеит.
Убарҭ иреиуоуп лҭыхымҭақәа: «Изида», «Сфинкс», «Алмаз»,«Водяная лилия»». Иаагозар, аҭы­хымҭа «Водяная лилия», акыр атәылақәа рҿы ари ашәҭ иазкны алегендақәа маҷымкәа иаԥырҵахьеит. Иара акры зымчу шәҭуп ҳәа ирыԥхьаӡон, иалшон амч уланаҵар, уаӷа уииааиратәы, арыцҳара уацәнахьчон, аха ацәгьа згәы иҭакны иашьҭалазгьы дҭанархар алшон. Жәытәнатә аахыс ари ашәҭ аԥшӡареи ацқьареи ирсимволны иаарԥшуп. Автор илылшеит лҭыхымҭаҿ уи анырԥшра.
Аҭыхымҭа «Изида» аҿы иаалырԥшуеит анра, аԥҳәысра анцәахәҵас Египет ирыԥхьаӡоз Исида лхаҿсахьа. Ан анцәахәы, абарақьаҭра анцәахәы, лара дынхоит аеҵәа Сириус, лара лзы ихадоуп аӡы, адгьыл, аԥштәқәа ра­хьтә аҩеижь.
«Алмаз» зыхьӡу аҿыханҵаҩ лусумҭаҿ иаҳбоит, «ахаҳәқәа ираҳу», зымч ӷәӷәоу ахаҳә. Ари иахылҵыз хаҳәуп, акзаара анцәа ицқьара аныԥшуеит. Аҿыханҵаҩ иааигәаны дыздыруа ирҳәоит ари аҭыхымҭа «лара лавтопартрет» ауп ҳәа.
Аԥсны иааӡаз, абаҩхатәра злоу аҿыханҵаҩ Ольга Зелинскаиа лцәыргақәҵа ахәаԥшра зҭаху шәаҭаар шәылшоит Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр. Уи уаҟа иҟазаауеит даҽа мчыбжьык.

Н. Санцба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me