Арҵаҩ нага лиубилеи

Сынтәа 70 шықәсатәи лиубилеи азѓәалҭоит зыԥсҭазаара абжеиҳарак арҵаҩра, ааӡара иазызкыз Мзиа Арзаман-иԥҳа Коӷониа.
Анра, арҵаҩра, ауаҩра – абарҭ аҟазшьақәа зегьы еилазыгӡаз лоуп сара уажәы сзыхцәажәарц исҭаху.


Мзиа Арзаман-иԥҳа Коӷониа аҩбатәи акурсаҿ дтәан ааӡарахь раԥхьатәи ашьаҿақәа аныҟалҵоз. Раԥхьаӡа Акәасқьатәи абжьаратә школ аҿы апионерԥызас аус луит, уи ашьҭахь лара лзаанаҭ ала аусура далагеит лқыҭа гәакьа– Гәыԥтәи абжьаратә школ аҿы. Уи уаҟа аԥсуа бызшәеи алитературеи дырзаԥхьон. Абраҟа аус шылуаз Мзиа далалеит аҭаацәара. Рыԥсҭазаара еиларҵеит Тҟәарчал ахәышәтәырҭаҿ аус зуаз аҳақьым-ахирург Дмитри Маҭ­беи-иԥа Гәынбеи лареи.
Аҭаацәара даналалагьы Мзиа инылмыжьит ааӡаратә ус. Аашықәса Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча «Ромашка» зыхьӡыз напхгара азылуан. Абра Мзиа аус лыцызуаз иазгәарҭеит уи илнубаалоз ауаҩра, абаҳчаҿы ирааӡоз ахәыҷқәа рнаҩсангьы, лара дрызҿлымҳан аус лыцызуаз ааӡаҩцәа. Усҟантәи аамҭаз иахьеиԥш ахыхәарҭақәа рацәаӡамызт.
1986 шықәсазы Мзиа Арзаман-иԥҳа ҭаацәаныла нхара Аҟәаҟа ииасуеит. Араҟа ааӡара аус деиҭазыхынҳәуеит. Далагоит Аҩадатәи Ешыратәи абжьаратә школаҿы рҵаҩыс аусура. Аибашьра иалагаанӡа ара аԥсуа бызшәеи алитературеи длырҵон.
Мзиа иллахьынҵахеит ақыр­ҭуа-аԥсуа еибашьра амыҟәмабарақәа зегьы рхыгара. Тҟәарчал аҳақьымцәа маҷуп, ара саҭахуп ҳәа ахәцәа рыхәшәқәа ааигаразы амҩа дшықәыз Лаҭа ҳаӷацәа иҭадырхаз авертолиот дҭаблит ларӷьажәҩа Дмитри Гәынба. Ухәы-ужьы қақаӡа еилагылоит Мзиа ари ахҭыс анеиҭалҳәо. Заб иԥсӡы заҳаз, усҟан 13 шықәса ирҭагылаз Давид хәыҷы дырзеиқәкуамызт, аиҳабы– лыԥҳа Стелла лакәзар, лыӷзыбжьы рзеиқәыртәомызт. Мзиа лгәырҩацәгьа, лылаӷырӡ ацәыргаха лызҭодаз? «Шәаб дшәыкәыхшоуп!» ада разымҳәоз дахьрыԥхаз зҽахызшьаауаз лхәыҷқәа рыжьжьара акәӡан дызҿыз. Усҟан Мзиа дыҟан Гәдоуҭа, Аҟәа зыҩны иахырцаз ахҵәацәа зегьы реиԥш, аибашьра ашықәс зегьы, лхәыҷқәагьы ларгьы ааӡаб рхыргеит.
Аԥсҭа­заараҿы зегьы ҿҳәарак-ҿҳәа­рак рымоуп. Мзиа лгәы­рҩақәа зегьы дыриааины, аибашьра ашьҭахь деиҭазыхынҳәит лзанааҭ. Уи 13 шықәса аус луит К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы.
Аибашьра ашьҭахь имариамызт ари ашкол аҿы рҵаҩыс аусура. Аибашьра еибанатәыз ахәыҷқәа даҽа знеишьа ҷыдак рҭахын, урҭ ишрыхәҭоу рыдкылашьа, аус рыдулашьа, рҭагылазаашьа ухы-угәы аҿынӡа иааганы рааӡара аумаӡа аҭахын. Мзиа Арзаман-иԥҳа лҵаҩцәа дырзааигәан. Аха лмаҭәар азы дыџьбаран. Иҟан ҵаҩцәақәак, «аԥсуа абаҳҭаху, ҳаҽзадаҳшьылои, ҳара иалаҳхуа азанааҭ аҿы иаҳҭаххаӡом», ҳәа игәыгәҭазыжьуаз. Усҟан лара даара лыҽлырцәгьон. Идлырбон аԥсшәа рымҵар ада ԥсыхәа шрымамыз. «Иарбан заанаҭзаалак иалырхлак, ашколаҿы иҟанаҵ, аԥсшәа раԥхьа игылазароуп, зхатәы бызшәа зҭахым, иззымҵаз даҽак иҭахуп , даҽак бзиан иҵоит» ҳәа сара исашәымҳәан», –иаараҽԥнылкылон уи лҵаҩцәа.
Мзиа Арзаман-иԥҳа лҵаҩцәа ҭылҵаауан, лара ԥсихолог бзиак леиԥш ирнылбаалон урҭ гәалак анрымаз.
«Зны 10-тәи аклассаҿ аҵара зҵоз сҵаҩ бзиак иаалырҟьан иҟазшьа иԥсахит, аҵара даҟәыҵит, иҽагирхо далагеит, данааилакгьы илахь еиқәышьшьы дтәоуп. Сгәы азцеит акы изыҟалан дшыҟаз. Аурок анынҵәа, аҵаҩцәа зегьы адәахьы исышьҭит, «Альберт, уара уаангыл минуҭқәак, аказы усҭахуп ҳәа дааныскылт. Иухьи, зынӡа избахьоу уакәӡам, исаҳә уԥхамшьакәа, уеиҵазҟьо, иухьыз ԥсыхәа змам акагь ыҟаӡам». Уи акәхеит, ҳхала ҳанаанха, сҵаҩы игәы сзааиртит. «Изшәасымҳәои, Мзиа Арзаман-иԥҳа, зегьы сара сҟәаҟәа иқәыӷәӷәоит, спроблемақәа рацәахеит, ақыҭаҿ сан лымала дыҟоуп, анхара-анҵыра (ари аҵаҩы иаб аибашьраҿы дҭахеит) аџьабаа рацәахеит, сан лгәы бзиамкәа ахәышәтәырҭаҿ дышьҭарҵеит, зегь сзеиламыгӡо сықәхеит, абри ауп исыхьыз», – иҳәеит.
Лара диа­бжьеит, акгьы хьаас иҟа­умҵан, иубалап зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟалоит, ибжьаужьыз уҵатәхәқәагьы, хәыҷы-хәыҷла ҳрыхьӡоит. Ицеит мызқәак, ахәыҷгьы иаҳа-иаҳа иҽиԥсахуа далагеит, игәалаҟазаара еиӷьхеит, аурокаҿы лассы-лассы дыгәцаракны сиазҵаауан. Уаанӡа избахьаз сҵаҩ бзиа даасзыхынҳәит. Саргьы еидара хьанҭак сааҵыҵызшәа сааҟалеит,– лҳәеит Мзиа.
«Мзиа Арзаман-иԥҳа лоуп сара схатәы бызшәа агәбылра сзыркыз» ҳәа лыҩуеит Ҭырқәтәылантәи аԥсуа ҭыԥҳа, алицеи-интернат иалганы, қәҿиарала ауниверситет афилологиатә факультет аҿы зҵара хзыркәшаз Елиз Аргәын.
«Илауҵаз ауп иааурыхуа», ҳәа шырҳәо еиԥш, Мзиа Коӷониа лааӡамҭацәа ирыдылҵоз лџьабаа ду акәзар ҟалап еихаҳан лыхшара ирԥылаз.
Лгәи-лыԥсы иадкылан илааӡаз лыхәҷқәа аҩыџьагьы изҭаху рзы игәазырҳаган, рыжәлар рзы ихьӡырҳәаган иаалывагылеит.
Лыҷкәын Давид аҵара ду далганы Краснодар ақалақь аҿы ахәышәтырҭақәа руак деиҳабуп. Аӡӷаб Стелла лакәзар, Москва агәабзиарахьчара Аминистрраҿ аус луеит. Ирызҳауеит рыхшара.
Мзиа Арзаман-иԥҳа, иахьа аус луеит Нели Аӡынба лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аҟны анаукатә усзуҩы еиҵбыс. Илыҩуеит ашколқәа рзы аметодикатә цхыраагӡақәа. Еснагь еиԥш лылшарақәа абиԥара ҿа рааӡара иазкуп. Лара насыԥны илшьоит аус ахьрыцылуаз (иахьа иҳалагылам) ауаҩ ду, абызшәадырҩы Лидиа Ҷкадуа, уажәы дызлагыло лколлектив. Альдона Ажьиба, Асмаҭ Занҭариа, Ира Кәакәасқьыр уҳәа рааигәа аусура акраҵанакуеит, ҳаргьы лиубилеи лыдныҳәало илзеиӷьаҳшьоит иҵегьы дыӷәӷәаӡа далахәызарц Аԥсны аҿар реиҵааӡара!

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me