Агәалашәара ыҟанаҵы

Хәылԥазыла алашьцара иалыҩны иааҩуеит аԥсаатә рыбжьы. Аԥсабара еишьылӡа ацәара аҽазнархиоит. Аеҵәақәа роуп ари аҵх ҷаԥшьаҩцәас иамоу, ауаа рыгәқәа рҭынчны амш иалагӡаны иҟарҵаз русқәа ирызхәыцуеит.
Абас еиԥш аҭынчра зҩыдаӡа иҟоуп стәылаҿы иахьа.

Аха ишԥаҟаз ҳаԥсадгьыл 32 шықәса раԥхьа уажәааны? Аԥсаатә рыцәа еиларгон ахысыбжьқәа, анацәа рцәа иҭнарӡыӡаауан агәырҩа, икаҭәон есааира ашьац збылуаз алаӷырӡ. Ҳҳәаа иахысны ҳтәыла иалалаз амчеиқәаҵәа ҳаԥсы ҳалнахырц агәы азыҳәон. Уи аамҭаз абџьар иаҵагылан «Шәнеибац» зызкыз… Еиҿасуаз ахымцақәа ргәаҵӷа ҵырблаауан аӡәырҩы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Анаҩс амыткәмабжь… Алаӷырӡ… Иҿымцәаауаз агәыӷра…
Аибашьҩы ихы зқәиҵаз иԥсадгьыл аҿы изқәаҭыԥ аныҟалалак иԥсы аҭынчра иазцоит. Лҵеи данылгәалашәо, лылаӷырӡ лызнымкыло ан ахцәышла инышәынҭра агәы лнапы нықәшьуа лгәы лҟажоит. Аха изакәытә хьааузеи ирхырго аҭаацәа зҵеи ижырҭа, иӡырҭа ахьыҟоу ззымдыруа? Згәаҿы агәыӷра акәиц аарлаҳәа иԥхо ан ахцәышла дгәыӷуеит лҵеи ихабар еилкаахап ҳәа, дгәырҩо иҭынхаз афотосахьа дахьахәаԥшуа лыхцәы ашлара аланаԥсоит. Дгәыӷуеит… Аха ашықәсқәа цоит…
Август 30 – аибашьраҿы хабарада ибжьаӡыз ргәалашәара жәларбжьаратәи амш акәны иԥхьаӡоуп. Уи амш аҽны Аԥсны аҳҭны-қалақь аҟны агәалашәаратә уснагӡатәқәа хацдыркит Ахьӡ- Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵарала, уи иалахәын хабарда ибжьаӡыз рыуацәа, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа, аҳҭны-қалақь ахадара. Уаҟа иаадыртит ибжьаӡыз ргәалашәара ахьӡала аӡыршә. Аскульптор Мадина Бигәаа лоуп, аӡыршә ахьынтәиҩеиуа иануп аҩыра «Память–единственный рай, из которого мы не можем быть изгнаны» ҳәа. Иара аӡыршә ахшыҩҵак ҵаулоуп, аӡы ҭабаанӡа, урҭ ргәалашәара аԥсы ҭоуп!
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ирацәан аҭаацәарақәа еибашьра ҳәа ицаз, аха зыҩнқәа рахь ихнымҳәыз. Урҭ рыԥшааразы имҩаԥган аус ҷыдақәа, 194-ҩык хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп, урҭ рҟынтәи 46-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшаан. 126-ҩык рҭаацәара агәыӷра рымоуп рҭынхацәа рыԥсыбаҩқәа ԥшаахап ҳәа. Анаҩс В.Г. Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит.
Иӡуам ҳаԥсадгьыл азы зхы иамеигӡаз ргәалашәара! Урҭ рыхьӡқәа аҿымҭра иалаӡуам. Агәалашәара ыҟанаҵы, иҟазаауеит афырхацәа!

Аида Габуниа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
ахԥатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me