Ансамбль "Гунда"

Авокалтә-инструменталтә ансамбль "Гунда" рхы аладырхәит жәларбжьаратәи афестиваль "Золотое кольцо-2024". Афестиваль мҩаԥысуеит Владимир ақалақь аҟны цәыббрамза 8 инаркны 12 рҟынӡа.
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Аԥсны Жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа.
Афестиваль рхы аладырхәуеит Бразилиа, Китаи, Индиа, Иран, Сербиа, Аԥсны рҟынтәи афольклортә ансамбльқәа. Афорум апрограмма иаҵанакуеит арҿиаратә еиԥыларақәа, ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аконцертқәа рымҩаԥгара.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me