Аԥсны Жәлар Реизара ааԥхьара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы атәылаҿы излацәажәо адокумент – Аԥкаанҵа ҳәа изышьҭоу инамаданы, аимак-аиҿакәа рыгәҭа иҟалеит Аԥсны Жәлар Реизара аусурагьы. Жәлар ралхыҩцәа русура дасу ишиҭаху ахәшьара аиҭоит.

Ахәҭаҷқәа ҳаҽрылаҳамгалап, мамзаргьы аимак-аиҿак мҽыӷ цәырҳамгап. Жәлар Реизара Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рмилаҭтә интересқәа ахьчоит, аринахысгьы ус акәхоит. Ҳара урҭ ргәаҳәарақәа, ргәыӷрақәа, ргәаҭахрақәа мҩаԥызгауа ҳауп. Аԥсны Жәлар Реизараҿы аекономикеи аусура егьырҭ ахкқәеи рырҿиара иазку, акырӡа зҵазкуа аԥшьгамҭақәа амҩа рырҭом ҳәа ирҳәо аҵабырг иақәшәом, изакәызаалак критикак азычҳауа иҟам. Ҳтәылазы, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рзы хәарҭара злоу зегьы адепутатцәа рыдгылоит.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рыҩбагьы рҟынтәи ҳҩызцәеи ҳареи апарламентбжьаратә еицәажәарақәа ҳаԥхьаҟагьы рырӷәӷәара. Иахьа ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәала аҿиара иаҿуп. Уи ахәшьара аҳҭоит. Ҩышықәса маҷк инарыцны рыҩнуҵҟала Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба аԥхьа днаргыланы аделегациа аофициалтә визит мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин зхадараҿы дыҟаз аделегациа Аԥсныҟа иааит.

Абарҭ аиҭанаиааирақәа раан атәылақәа рыҩбагьы рпарламентқәа рнапхгаҩцәа рнапы аҵарҩит Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра. Иазгәаҳҭоит Аԥсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки рыбжьара асеиԥш иҟоу аиқәышаҳаҭра шрыбжьоу.

Аԥсны Жәлар Реизареи, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки, Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара иаԥҵоуп, аус руеит аусеицуразы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа акомиссиақәа.

Апроцессқәа рацәак хшыҩзышьҭра рзыҟазымҵауа, мамзаргьы «инагӡам, иҟаҵам атәы зҳәауа, иргәалаҳаршәоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә қәыԥшылара ашьақәыргылара Апрограмма инақәыршәаны, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа шрыхәаԥшхьоу, ишрыдыркылахьоу ҵыхәаԥҵәала аԥхьарала азакәанқәа 25, жәпакы рыхәаԥшра ишаҿу. Абри инаваргыланы, адепутатцәа ақәҵарақәа рыдыркылахьеит, ауаажәларра рыҩнуҵҟа рацәак ирылаҵәаны иҟам азҵаарақәа атәылауаа деилыркааразы аусура мҩаԥыргахьеит. Арҭ азҵаарақәа ықәгылоуижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Абарҭқәа зегьы аамҭеи аԥхӡы нкаҭәаны аусуреи рҭахуп.

Иазгәаҳҭоит, акырӡа зҵазкуа аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы, Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵра, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 30 шықәса ахыҵреи реиԥш иҟақәоу раан, Урыстәылатәи аофциалтә делегациақәа хадара рзыруан хьыӡҳәала Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқарратә Думеи рҟнытә ҳҩызцәа. Ҳара иҳабжьоуп занааҭла, еиҩызарала аизыҟазаашьа бзиақәа.

Ҳаиҩызара ҳаиашьара аамҭеи аицықәԥареи иԥыршәахьеит. Аԥхьаҟа ишьҭоуп Аԥсны аҵеицәа ззықәԥо аиааирагьы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы азеиԥш ус рхы ақәырҵахьеит. Ҳара ҳазиашоуп аидгыларатә уалԥшьа, аԥхьаҟагьы иацаҳҵалоит аҳәынҭқаррабжьаратә, апарламентбжьаратә еицәажәара, ихадароу акәзар – ҳажәларқәа реиҩызара ацхраара. Атәылауаа зегьы, аҭакԥхықәра зду амаҵурауаа, атәыла аполитикатә мчқәа зегьы рахь ҳхы ҳархоит, ҳагьрыԥхьоит аҟәышра аадырԥшырц, дара-дара, ҳҩызцәа рганахьала рхымҩаԥгашьақәеи рҳәамҭақәеи рҟны аҽынкылара рымазарц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me