Аизыҟазаашьақәа рымпыл – ҳгәашә аԥхьа

Иҿыцӡоу ҳҭоурых аҿы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыжәҩан иааҵалон ԥсҭҳәақәак, аха урҭ политикатә ԥшаласқәак нарыҵасуан, иахьца-иахьаа умбо, еимбӷьыжәаауан, амш еилгон, амра каххаа ишыԥхац иԥхон. Уажәгьы ус иҟалоит ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Иҟалазеи?

Абарҭ амшқәа рзы аинтернет қәыԥшылараҿы иахыҵәеит сентиабр 1 инаркны Урыстәыла иҟанаҵоз афинанстә цхыраара ааннакылеит ҳәа. Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба имҩаԥигаз абрефинг аҟны тема хадас иҟан «Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара аԥкаанҵа» ҳәа хыс иаманы мышқәак раԥхьа асоциалтә ҳақәа Аԥснытәи рсегмент аҿы ицәырҵыз аусшәҟәы.  

Ажәа анҳәатәха

«Сара сыхьӡала еиԥш, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩи Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡалеи ҳтәыла аоппозициатә, аполитикатә, ауаажәларратә усзуҩцәа рнапы зҵарҩыз ақьаад ааит. Дара иарбоу аусшәҟәы иазҵаауан.  Убри инамаданы иацы, цәыббрамза 2 рзы адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аиԥылара ҳаман. Уи рхы аладырхәит Рауль Лолуа, Кан Кәарҷиа, Адгәыр Арӡынба, Омар Смыр. Сааҭки бжаки инарзынаԥшуа инарҭбааны, инҭкааны, акы бжьамыжькәа иарбоу азҵаарала ҳаицәажәон.

Ҳара ари аофициалтә усшәҟәуп ҳәа ҳазҳәаӡом, убри аан, уаҟа иқәыргылоу азҵаарақәа, изныкымкуа уажәаԥхьагьы еиуеиԥшым аиԥыларақәа рҿы ирылацәажәахьан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭаҿы аиԥыларақәагьы уахь иналаҵаны. Излацәажәоз ҳхахьы иаҳгаз ахыдҵақәа рынамыгӡара ҳаизыҟазаашьақәа еицәартәыр шалшо акәын», – иҳәеит Сергеи Шамба.

«Цәыббрамза 1 инаркны ашәатәқәак финансла реиқәыршәара аанкылоуп. Уи зыдҳәалоу аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, амчратә усбарҭақәа уҳәа роуп. Иара убас, шьҭарнахыс есӡынра зда ԥсыхәа ҳамамкәа иааҳадгыло афымцамч Урыстәылантәи аашьҭра азҵаара аӡбарагьы ауадаҩрақәа ацлоит. Уи ахәԥса ахшәаара акоммерциатә шьаҭала имҩаԥгатәхоит», – иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.

Сергеи Шамба иажәақәа рыла, Урыстәыла адгылаҩ иаҳасабала Аԥсны аганахьала агәынамӡара шьақәгылеит. «Ари уаанӡа иҟаз акәӡам. Ибзианы исгәалашәоит, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь Урыстәылатәи ауаажәларратә еилазаара шаҳзыҟаз. Уи аҩыза иахьа иҟаӡам. Зегьы ҳахәҭаа алоуп ас еиԥш аҭагылазаашьа ашьақәгылара. Шәааи, ҳаицхырааны, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ҳҽазаҳшәап ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира. Уи ҳара зегьы иаҳзеиԥшу аинтересқәа ирықәшәоит. Иахьа ҳанхоит иуадаҩу, есааира зҽеиҭазкуа адунеи аҿы. Ашәарҭарақәа рацәоуп Аԥсны азы мацара акәымкәа, ауаатәыҩса зегьы рзы. Адунеизегьтәи асистема аиҭеиҿкаара есымша аглобалтә проблемақәа ацын, ҳаргьы иаҳкьымсыр аушам» – иазгәеиҭеит аҵыхәтәан атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Иара убри Аинфоцентр аҟны Аԥсны Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа имҩаԥигаз абрифинг аан иҳәеит: «Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьаҳтәлароуп. Аусшәҟәы асоциалтә ҳақәа рахь ишнанагаз атәы ҭаҳҵаауеит».

Урыстәыла абыржәы еихнагаз ашьаҿақәа Аԥсны ашәарҭадара азҵаарақәа ирыхькьысуама ҳәа ишьҭыхыз азҵаара аҭакс Лолуа иазгәеиҭеит: «Ҳтәылақәа рыбжьара аиқәышаҳаҭрақәа жәпакы анапы рыҵаҩуп, убрахь Иналаҵаны ашәарҭадара иаҵанакуагьы»

Ишдыру еиԥш, 2008, 2014 шықәсқәа рзтәи аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, Аԥсны игылоуп Урыстәылатәи абжьбатәи арратә база, Урыстәыла Ашәарҭадаратә Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа, еицаҳахьчоит аҳәынҭқарратә ҳәаа, ишьақәгылоит ашәарҭадара азеиԥш қәыԥшылара. Урыстәыла афинанстә цхыраара ӷәӷәа рнаҭоит атәылахьчара Аминистрра, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзура. «Иаҳхаҳмыршҭыроуп, Урыстәылатәи Афедерациеи Арбџьар Мчқәеи Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа аҭарцәреи атерриториатә акзаара ашьақәыргылареи рҿы ишҳацхрааз. Ҳамчратә усбарҭақәа афинанстә цхыраара бзиа роуит. Уажәы уи аганахьала агәҭынчымра цәырҵит. Уаҩы иҳәар ауеит, аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, акультуреи асоциалтә усхки русзуҩцәа руалафахәы финансла аиқәыршәара аанкылоуп ҳәа».

Лолоуа иажәақәа рыла, аԥсуа ган инанагӡеит Урыстәылеи Аԥсни рзакәанқәа реишьаршәалара Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Апрограммаҿы иарбоу апунктқәа реиҳарак. «Аха иҟоуп ирыдрымкылац азакәанқәа рпроектқәа. Урҭ Жәлар Реизараҿы ишьҭоуп. Адокументқәа зегьы рҿы, 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡаразы Урыстәылеи Аԥсни Реиқәышаҳаҭраҿгьы иарбоуп Аԥсны ахахьы иагаз ахыдҵақәа нанамыгӡар, Урыстәылатәи аган азин шаиуа афинанстә цхыраара аанкылара хырхарҭақәак рыла».

«Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп, еиӷьаҳтәлароуп. Ҳәарас иаҭахузеи, асеиԥш иҟоу акьыԥхьымҭақәа урҭ ирыхәом. Убасҵәҟьа ҳаизыҟазаашьақәа рзеиӷьтәуам асоциалтә ҳақәа, аинформациатә маҵзурақәа, ателеграм-каналқәа рҿы еиуеиԥшым ахҳәаақәа, ахцәажәарақәа», – иҳәеит иажәа ахыркәшамҭаз.

Аҭакԥхықәра ахахьы

Ҳазҭоу ашықәс аамзы рыҩнҵҟала Ареспубликатә биуџьет анагӡара азҵаарақәа ирызкын атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  иҟны аиԥылара. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба иарбоу аамҭала абиуџьет анагӡара аихшьалақәа, иалагалахаз ахашәалақәеи ахарџьқәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Аԥыза-министр иара убас 2024 шықәсазы иааз Урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахышәа-ҵышәеи уи азырхареи рзы адырра иҭан.

2022 – 2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аԥсны-Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аԥсуа ган аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рынагӡара ианацәхьаҵ аамҭазы, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра афинанстә цхыраара Аԥсны афинансқәа Рминистрра ахәҭакахьала, мамзаргьы инагӡаны азоужьра аанкылара азин амоуп.

Зынагӡара аҿҳәара нанҳәамза 1, 2024 шықәса рзы ихыркәшахаз  азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хазы игоу апунктқәа  аԥсуа ган ала иахьынагӡамхаз инамаданы,   Урыстәылатәи аган агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, ауааԥсыра рсоциалтә маҵзура уҳәа аусхкқәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа есымзатәи руалафахәы иаҟароу афинанстә цхыраара азоужьра аамҭала иааннакылеит. Нанҳәамза мацаразы иарбоу аҭаххара 141,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Хәҭакахьала, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аамҭала ишаанкылахазгьы, аԥсуа ган асоциалтә усхк аусзуҩцәа зегьы руалафахәы ашәаразы абиуџьеттә хыдҵа нанагӡалоит, егьырҭ абиуџьеттә ныхтәқәа реиҵатәрагьы уахь иналаҵаны, избан акәзар, асоциалтә ҵакы змоу аныхтәқәа абиуџьеттә системазы ихьчоу  ныхтәқәаны иҟоуп.  Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ари аицҵалыҵ 700 млн. мааҭ иреиҳахоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.  

 Азакәанқәа «еицымкәашеит»

Аԥсны афинансқәа Рминисрра ԥарала аицеиқәыршәара ахьаанкылахаз азы адырра ҟанаҵеит: агәабзиарахьчареи, аҵареи, акультуреи, аспорти, асоциал маҵзуреи рганахьала Аԥсны аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ркатегориақәак ԥарала реиқәыршәаразы Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиқәышаҳаҭра 2015 шықәса апрель 14 азы анапы зҵаҩыз, 2016 шықәсазы амч зауз, ишьақәнаргылоит Урыстәылатәи афинанстә цхыраарала абарҭ аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхшьа. 2016 шықәса инаркны Аԥсуа ган иара ахатәы малқәа рыла иалнаршоит 2014 шықәсазтәи ауалафахәы ашәага-зага ала асоциалтә усхк аусзуҩцәа ауалафахәы рызшәара. Анаҩс ауалафахәы ашьҭыхра аетапқәа зегьы мҩаԥысуан ԥарала аицеиқәыршәарала. 2022 шықәсазы Аиқәышаҳаҭра аиҭакрақәа алагалан. Уаҟа аԥсуа ган ауалафахәы ашьҭыхра ԥарала аицеиқәыршәара ашәага-зага азышьақәыргылан абасала: 2022 шықәсазы – 15 %, 2023 – 35 %, 2024 – 70 %, 2025 – 85 %. Убри аан, 2021 шықәсазынӡа иаарышьҭуаз Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амҽхак 1, 3 миллиард шьаҭатә ҟаҵарбаны иаанхоит. Убри аан, аиқәышаҳаҭра арбарақәа инарықәыршәаны ԥарала аицеиқәыршәаразы аԥҟарақәа хазы еиқәыршаҳаҭын.

2022 шықәса август 4 азы, 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара ишьақәырӷәӷәаз аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын уи анагӡаразы. Аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рыла Урыстәылатәи аган ахы иаднаҵеит асоциал-економикатә рҿиара Апрограмма аусмҩаԥгатәқәа ԥарала реиқәыршәара, иара убас уахь иналаҵаны аныхтәқәагьы.

Аԥсны ахыдҵақәа ируакуп 2014 шықәсазтәи аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рыла ишьақәыргылоу азакәанқәа реишьаршәалара апрограмма анагӡара. Уи апункт 5.1 иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылатәи аган азин шамоу хәҭакахьала мамзаргьы инхарҭәаан ахыдҵақәа нагӡамхар афинанстә цхыраара шааннакылауа, убрахь иналаҵаны аишьаршәалара апрограммалагьы.

Ахыдҵақәа реиҟаратәра

 Урыстәыла Аԥсныҟа афинанстә цхыраара ахәҭак аанкылара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа реибарххара аанагом, аус злоу аҩ-ҳәынҭқаррак рхахьы иргаз ахыдҵақәа рынагӡара ауп ҳәа иазгәеиҭеит ателеканал РБК аинтервиу азҭаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

«Сара иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа реибарххара иадҳәалоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом. Уажәаԥхьа ҳазлацәажәоз сазыхынҳәуа, иазгәасҭарц сҭахуп: уи аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ауп.  Иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу, аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа зыдгылаз аиқәшаҳаҭрақәа. Аҩ-ҳәынҭқаррак рпарламентқәа рҿы аратификациа иахысхьоу арҭ аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, аҩ-тәылак доусы рхатә хыдҵақәа рымоуп. Аус злоу иарбоу ахыдҵақәа рынагӡара алыршара ауп, Аԥснытәи ҳҩызцәа уи шьахәлаҵәҟьа  еилыркаауеит», – иҳәеит Сергеи Лавров.

Иара, нанҳәамза алагамҭазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба ҩаԥхьа имаҵураҭыԥ ахь ихынҳәра анидиныҳәалоз аамҭазы, уи Урыстәылаҟа ианизыманшәаоу аамҭазы ааԥхьара шиҭаз азы адырра ҟаиҵеит.   «Агәра ганы сыҟоуп, хара имгакәа, мышқәак, мчыбжьык ирхымгакәа, ус еиԥш иҟоу аиԥылара еиҿаҳкаап ҳәа. Жәаҳәарада, егьырҭ ҳусбарҭақәагьы Аҟәатәи рколлегацәеи дареи иарбоу азҵаара иадҳәаланы аусура мҩаԥыргоит.  Аха даҽазныкгьы исҳәоит, зегьы ирыцку, — аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ишьақәдырӷәӷәаз, ирыбжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рынагӡара алыршара ауп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

 Аԥсынгьы – ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, Акоммунисттә партиа афракциа ахаҭарнак Алеқсандр Иушьченко RTVI акорреспондент диҿцәажәо, наҟ-ааҟ аӡбаратә зыӡбақәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азура аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи, аиурисдикциақәа реишьашәалара ахымԥадатәра анаҩс, Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарра астатус шамоу атәгьы ухамышҭуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Аԥхьа иргыланы, наҟ-ааҟтәи аӡбаратә, арбитражтә зыӡбақәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иадҳәаланы иазгәаҭатәу абри ауп.  Ииашоуп, арбитражтә ӡбарҭақәа аишьашәалара рҭахны иҟоуп, аха усҟан иаҳхамышҭып, Аԥсынгьы – ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Иаҳҳәап, Урыстәылатәи аӡбарҭақәа риурисдикциа Аԥсны иахьаҵанакуа аусура иалагеит, усҟан логикала ухәыцуазар, Аԥснытәи аӡбарҭақәа риурисдикциагьы Урыстәыла иахьаҵанакуагьы аус аулароуп. Иҟоуп адискуссиа, иҟоуп азҵаара, сара сгәаанагарала, уи Урыстәылеи Аԥсни рпарламентарицәа реиҩызара агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны алацәажәара мҩаԥгазар алшоит. Ҭыԥк аҿы агыларагьы ҟалаӡом.  

Еиҭамҵуа акоммерциатә мазара аџьармыкьаҿы Урыстәылатәи аинвесторцәа рзы иҟоу аԥкрақәа ирыдҳәаланы акәзар,  Урыстәыла атәылауаа иарбанызаалак еиҭамҵуа акоммерциатә мазара аархәар рылшоит    (анаплакы, мамзаргьы аусура иазхиоу асасааирҭа). Ааи, иҟоуп аимак-аиҿак зцу азҵаара апартаментқәа ирыдҳәаланы, сақәшаҳаҭуп, азакәан адкылара аҭахуп, аха ашьақәыргылашьа аԥсахрақәа алагалара убасҵәҟьа ихымԥадатәиуп.   Арҽеира аҭахуп урҭ рхыԥхьаӡарагьы (иаразнак жәанызықьла акәымкәа, аԥышәаратә проектқәа рыла иалагатәуп). Иааизакны апроблема алацәажәара аҭахуп. Аха сара араҟа исызцәырҵуеит азҵаара:

Урыстәыла ирыдыркылахьоума  апартаментқәа рзы азакәан? Уи, сара иахьынӡаздыруа, абар шьҭа изныкымкәа Аҳәынҭқарратә Думахь ахәаԥшреи адкылареи рзы инарышьҭхьеит, аха убасҵәҟьагьы ихьадырҽуан, избан акәзар, уи ишахәҭоу ала аус адулаӡамызт азы. Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡара иадҳәаланы акәзар, аинвестициатә климат азы азакәан аредакциақәа руак аҿы – исыздыруам, уи арҽеира иахысу-иахымсу, Аԥсны ашҟа инеиуа аҳәаанырцәтәи аинвестор 25 шықәса рыҩныҵҟа, аха нас иарбоу аҿҳәара иахьынӡаздыруа 8 шықәса рыла ирыԥсахит – иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтәгьы уахь иналаҵаны,  ашәахтәқәеи, егьырҭ ашәатәқәеи, алагалақәеи рҟынтәи рхы иақәиҭхоит ҳәа иарбоуп. Нас аҭыԥантәи абизнес ҿиашьас иамоузеи усҟан? Зынӡа иԥсыр аума? Ҳәара аҭахума, аҭыԥантәи ауааԥсыра агәынамӡара аадырԥшуеит, иақәшаҳаҭӡам, убри аҟнытә аганқәа еицырзеиӷьны еизааибагароуп. Аԥснытәи апарламентарицәеи ҳареи 3 шықәса  рыҩныҵҟа Аԥсны азакәанԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара ашьаҭала Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аҳәаақәа ирҭагӡаны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥаагеит. Сара иахьынӡаздыруа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ала, апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылахьеит 27 инареиҳаны азакәанқәеи аиқәшаҳаҭрақәеи, апроктқәа рыхәҭак ахәаԥшразы ирхианы иҟоуп. Аԥсуа жәлар рколорити ркультуреи рыхьчара алзыршо аҩганк еицырзыфеидоу аусеицуреи аидгылареи раҳасабала ауп ишымҩаԥыслаша. Избан акәзар, ҳара ҳтәылауаа Москвеи Шәачеи зегьы зымҽхазкыз аурбанизациатә ргылара абаразы акәымкәа, абри аколорит абаразы ауп уахь изцало.  Уаҟа иҟоу аҭыԥантәи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 250 – нызқьҩык рҟынӡа ауп иахьынаӡо. Урҭ Урыстәылеи дареи русеицурала уаҵәтәи рԥеиԥш зеиԥшрахо даара иазхәыцуеит.  

Акьыԥхь иазирхиеит Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me