Иахьа ихыркәшахеит Адыгьеиа, Маиҟәаԥтәи араион, Даховтәи адәҳәыԥш аҟны сентиабр 7-8 рзы имҩаԥысуаз, есышықәса зымҽхак зырҭбаауа, Адыгьеиа мацара акәымкәа, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа рҟнытә зқьҩыла ауаа здызыԥхьало, амилаҭтә чыс аӡыргаразы традициак иаҩызахаз Адыгьеиатәи ашә XIII афестиваль.
Ашә аныҳәа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Ареспублика Адыгьеиа Ахада Мураҭ Кумпилов, иара убас, атәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Афестиваль аҟны иӡырган Адыгьеиа араионқәа зегь раарыхреи рмилаҭтә напҟазареи аазырԥшуа аалыҵ маҷымкәа. Аҭааҩцәа гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит урҭ рҿаԥхьа збаҩхатәратә ҟазара аазырԥшуаз Адыгьеиатәи арҿиаратә коллективқәа: ансамбль "Нальмес", афолк-гәыԥ "Мысҭ", аилазаара "Ошад", Адыгьеиеи Ҟабарда-Балкариеи зҽаԥсазтәыз артист, еицырдыруа аестрадатә шәаҳәаҩы Магомеҭ Ӡыбов уҳәа рықәгыларақәеи, атәыла адырреи ахшыҩҵарреи раарԥшра зхықәкыз еиуеиԥшым аиндаҭларақәеи ахәмаррақәеи.
Ари аныҳәа жәлар ирныҳәоуп. Аҭынчреи аманшәалареи ацны Ҳазшаз иҟаиҵалааит шьардаамҭа.

Анқәаб Ахра

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me