Амҩақәа реиҭашьақәыргылара

Гәдоуҭа араион аҿы активла имҩаԥысуеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара.Ақыҭақәа Хәаԥ, Лыхны, Бармышь рҿы иҳаҩсыз хымчыбжь ирылагӡаны асфальт ақәҵара иалагеит.
Хәаԥ аусура хыркәшоуп, Лыхни Бармышьи рҿы уи апроцесс иацҵоуп. Гәдоуҭеи Хәаԥи еидызкыло амҩа акыраамҭа аҭагылазаашьа бааԥсын, уи иахҟьаны аныҟәара уадаҩын.Уажәы асфальт ҿыц ахьышьҭаҵаз иабзоураны ақыҭауаа рхы иақәиҭны аныҟәара рылшоит. Хәаԥ 154 ҭаацәара ыҟоуп, урҭ рҟынтә 130 инареиҳаны иааиԥмырҟьаӡакәа ақыҭаҿы инхоит.
Аҭыԥантәи анхаҩы Константин Смыр излеиҳәаз ала, уаанӡа Гәдоуҭаҟа ацара сааҭки бжаки амҩа уқәхозтгьы, уажәы 15-20 минуҭ ауп иаго. «Амҩа аҭагылазаашьа бааԥсын.Уажәы, анцәа иџьшьоуп, зегь бзиоуп. Ас еиԥш аиҭакрақәа рзы атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Хәаԥ ақыҭа Ахада Анри Анқәаб иазгәеиҭеит араҟа асфальт 1984 шықәсазы ишышьҭарҵаз, уи нахыс аремонт дуқәа шымҩаԥгамыз. «Аремонт х-қыҭак – Дәрыԥшь, Џьырхәа, Хәаԥ реимадара еиӷьнатәит. Ҳара акрааҵуеит аиҭашьақәыргыларақәа ҳрыҳәоижьҭеи, урҭ сынтәа ихыркәшахеит. Атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, — иҳәеит ақыҭа аиҳабы.
Ҳаԥшьыра аҭыԥангьы Лыхни Дәрыԥшьи ақыҭақәа ирыбжьоу амҩа арҽеира иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Араҟа 80-тәи ашықәсқәа рзы ишьҭарҵаз асфальт ахархәара амаӡамкәа иҟалеит. Аусура аинвестициатә программа ахарџь ала имҩаԥысуеит.
Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба иазгәеиҭеит, инхо ауааԥсыра ауадаҩрақәа шрызцәырнагоз иԥҽыз амҩа. Иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аус адгылара азҭо атәыла анапхгара.
Бармышь ақыҭаҿгьы аусура иацҵоуп.
Иазгәаҭатәуп, атәылаҿы амҩатә ҭагылазаашьа арҿыцразы ас еиԥш амҽхак ду змоу аусура мҩаԥгамижьҭеи акыр шықәсқәа ҵуеит.
Аманда Анталаа
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me