Гәышька Папасқьыр – 110 шықәса

Ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Гәышька Папасқьыр диижьҭеи 110 шықәса ҵит.

Гәышька Гьаргь-иԥҳа Папасқьыр диит 1914 шықәса сентиабр 2 рзы иахьатәи Очамчыра араион  Кәтол ақыҭан (лыԥсҭазаара далҵит – 02.07.1999). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵаз СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Ҩышықәса аҵара лҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, нас лҵара иацылҵеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аҧсуа школ аҟны (1923-1933). 1958 ш. дҭалеит марксизм-ленинизм Аҟәатәи ауниверситет, дагьалгеит 1960 шықәсазы. 1933 ш. инаркны аус луан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы. 1941-1945 шш. раан Қьарақьантәи (Кәтолтәи) алагарҭатә школ аҟны дырҵаҩын. 1946-1954 шш. рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы корректорс, нас – аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 1954-1978 шш. рзы аус луан Аҧсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз ацензура аҟәша аҟны.

Аҧсуа хәыҷтәы литература, ҷыдала апроза арҿиараҿы ллагала маҷым. Раҧхьатәи лҩымҭа кьыҧхьын 1932 шықәсазы. Лажәабжьқәеи лповестқәеи рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», аизга «Еҵәаџьаа» (аамҭақәак рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» агәлаҵак аҳасабала иҭыҵуан), ажурналқәа «Алашара», «Амцабз» уҳәа.

Гәышька Папасқьыр жәаба инареиҳаны лышәҟәқәа ҭыҵит. Иара убас аҧсшәахь еиҭалгеит аурыси ақырҭуеи шәҟәыҩҩцәа рхәыҷтәы ҩымҭақәа жәпакы.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа аԥсышәала иҭыжьыз лышәҟәқәа иреиуоуп: «Кәчыр дшпионерхаз» (Ажәабжьқәа, 1932); «Ааҧынтәи ашәҭқәа» (Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа, 1960); «Аиҩызцәа хәыҷқәа (Ажәабжьқәеи апиесеи ахәыҷқәа рзы, 1964); «Гәдым-асахьаҭыхҩы» (Ажәабжьқәа, 1966); «Аҵыҵындрақәа» (Ажәабжь,1969); «Ахынҳәра» (Аповести ажәабжьқәеи, 1972); «Жәаф шықәса ихыҵуан…» (Аповест, 1974); «Ажәабжьқәеи аповести» (976); «Амшын ахықәаҿы» (Ажәабжьқәа, агәалашәарақәа, 1979); «Ахатәы мҩа» (Ажәабжьқәа, 1984). Аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьын: «На берегу моря» (Рассказы. Для среднего школьного возраста. Сухуми, 1983).

Абасала аԥсуа милаҭтә литератураҿы лышьҭа аанлыжьит.

В. Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me