Валери Аҩӡба араион ахадас дшьақәдырӷәӷәеит

Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араионтә Еизара адепутатцәа Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабыс дшьақәдырӷәӷәеит. 28-ҩык рҟынтәи 27-ҩык араионтә Еизара алахәылацәа Валери Аҩӡба икандидатура азы рыбжьы арҭеит, аӡәы – мап ацәикит.  

 Валери Аҩӡба диит абҵарамза 3, 1957 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан. 1978 – 2020 шш. Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол аҿы аус иуан, 1992 шықәса инаркны уи адиректорс дыҟан. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ ихҵоуп.   Абҵарамза, 2020 шықәса рзы Валери Аҩӡба араион Ахадара аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.   Рашәарамза 3, 2024 шықәса инаркны Валери Аҩӡба араион ахада инапынҵақәа наигӡон.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me