Иԥсҭазаара далҵит Альберт Тополиан

90 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларатә усзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ (1992-1996), Аԥсны Афырхаҵа Альберт Тополиан.

Тополиан Альберт Гаспар-иԥа диит Аҟәа, 1935 шықәсазы. Аҟәатәи абжьаратә школ № 2 далгеит. 1953-1959 шықәсқәа рзы Еревантәи аҳәынҭқарратә медицинатә институт аҟны аҵара иҵон. 1959-1964 шықәсқәа рзы аррамаҵзура ихигон аполкаҿтәи ҳақьымк иаҳасабала. 1964-1967 ш.ш. рзы Аҟәа ақалақь ацхыраара ласы астанциа аҷаԥшьаҩ ҳақьымс, аҳақьым еиҳабыс аус иуан. 1976-1990 шықәсқәа раан Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы кардиологын.

1990 шықәсазы еиҿикааит ерманцәа ркультура-гәыҳалалратә еилазаара «Крунк», хадарагьы азиуан 2001 шықәсазынӡа. 1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын.

1992-1996 шықәсқәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩын.

А.Тополиан дыруаӡәкуп аԥсуа ар ирылаз амаршал И.Х. Баграмиан ихьӡ зхыз аерманцәа рбаталион аиҿкааҩцәа. 1996-1999 шықәсқәа рзы Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2001-2002 шықәсқәа рзы – Аԥсны аҿари, аспорти, акурортқәеи русқәа рзы аминистрс. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа еицырдыруа ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, Аԥсны Афырхаҵа Альберт Тополиан иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ахәшьара аҭара уадаҩуп ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи, аҿиареи, амилаҭқәа рыбжьара аҳәоуеиқәшәареи рганахьала Альберт Гаспар-иԥа илагаламҭа. Уи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба дицнагаҩ иашан, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ ааникылон.

Иара иаԥшьгамҭала еиҿкаахаз амаршал Баграмиан ихьӡ зхыз абаталион Аԥсадгьыл хьӡла-ԥшала ирыхьчон.

Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Альберт Тополиан Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылара активла далахәын, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵурақәа ааникылон. Уи иԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыл гәык-ԥсыкала амаҵ аура иаҿырԥшыган.

Аԥсны апаториот ду, ауаҩы шьахә, Альберт Гаспар-иԥа Тополиан игәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит».

Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыдашшылеит Альберт Таполиан иҭаацәа, игәакьацәа: «Иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларатә усзуҩ, адепутат, Аԥсны Жәлар Реизара актәи ааԥхьара (1991-1996) Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Альберт Гаспар-иԥа Тополиан. Уи ихьӡ ҳтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых иузаҟәымҭхо иамадоуп. Аԥсны дапатриотҵәҟьан. Уи ааԥшуан ганрацәала имҩаԥигоз аусураҿы.

Иааникылоз аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә ҭыԥқәа зегьы рҟны ихы ааирԥшуан аԥышәа змаз напхгаҩны, еиҿкааҩны. Иколлегацәа рыҩнуҵҟа аиԥш, иҩызцәа рыбжьара ҳаҭыр ду иқәын. Альберт Тополиан аерманцәа ркультура-гәыҳалалратә еилазаара «Крунк» дахантәаҩын, еиҿызкаазгьы иара иоуп, иара убас Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан А.Г.Тополиан амаршал И.Х.Баграмиан ихьӡ зхыз аерманцәа рбаталион еиҿикааит.

Альберт Гаспар-иԥа алагаламҭа ду ҟаиҵеит ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аизҳазыӷьареи рганахьала. Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ианашьан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду, иара убас «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара, Аԥсны Жәлар Реизара Аҳаҭыртә шәҟәы».

Альберт Тополиан иԥсыжразы еиҿкаан аҳәынҭқарратә комиссиа. Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит сентиабр 6 азы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me