Аԥсуа амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачаразы» жәларбжьаратәи аицлабра хацыркын Аҟәа, астадион «Динамо» аҟны. Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит цәыббра 4 инаркны 6 азынӡа. Урҭ ирылахәуп акомандақәа 9: Аҟәатәи акомандақәа ҩба, ақ. Афон Ҿыц, ақыҭақәа Кәтол, Ҷлоу, Ԥақәашь, Дәрыԥшь, Аҷандара рыҟнытә командак-командак, иара убас Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу командак.
Аицлабра еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭеилакы, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа Русбарҭа.
Ахәмаррақәа ирылагаанӡа урҭ ирылахәыз Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.