Хабарда ибжьаӡыз

В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны , хабарда ибжьадырӡыз ргәалашәара жәларбжьаратәи Амш иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит. Амузеи афоие аҿы еиҿкаан 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.


Аиԥылара аартуа, «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Ахеидкыла ахантәаҩы Гәыли Кьычба илҳәеит: «2010 шықәса инаркны ихацыркын хабарда ибжьаӡыз рыԥшраа иазку аусурақәа. Аха уи аԥхьаҟагьы, аибашьра анеилга иаразнак, «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Ахеидкыла ари азҵаара ахшыҩзышьҭра шаҭаху азы аҳәамҭақәа ҟанаҵон. Ҳара ҳаиҿкаареи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилаки аусеицура рыбжьарҵеит. Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоугьы маҷӡам. Ҳара иҳалшеит аӡәырҩы аҭаацәа ргәакьацәа рыԥсыбаҩқәа рзырхынҳәра».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминстр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба 2019 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшрала хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы акомиссиа инанагӡаз аусура атәы еиҭеиҳәеит. «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь имаҷымкәа иаанхеит зхабар еилкаамыз ауаа. Урҭ хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп. Урҭ рхаҭара ашьақәыргылареи, анаҩс рҭаацәа рыҭареи рзы аусура мҩаԥаагоит».
Иракли Ҭыжәба иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи,, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи рхаҭарнакцәа злаху аусуратә гәыԥ аԥҵоуп: «Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилаки ҳареи аусеицура ҳабжьоуп. Агәыӷра ҳамоуп сынтәа, ҳусеицура иабзоураны, алҵшәа бзиақәа раарԥшра шҳалшо», - иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак амиссиа ахада Чынгыз Раиымбеков жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаареи Аԥснытәи аусбарҭақәеи хра злоу аусеицура шрыбжьоу азгәеиҭеит. «Ҳара хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа аԥшаара иазку аусура иааиԥмырҟьаӡақәа анагӡара ҳаҿуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алҵшәақәа раарԥшра ҳалҳаршеит. Аусура иацҵахоит, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит изалауала еиҳаны ауаа рыуацәа рыԥшаартә еиԥш», - иҳәеит иара. Агәалашәаратә хәылԥазы иалахәыз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызкыз афильм дырбан уи ахыркәшамҭазы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me