Урыстәылатәи ауниверситетқәа рахь ирыдыркылеит

Аԥсуа абитуриентцәа сынтәа Урыстәылатәи ауниверситетқәа рҭаларазы Урыстәыла анапхгара 110 ҭыԥ рзалнахит.
Адкыларатә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арзаҳалқәа 267 алаҵан. Иахьазы Урыстәылатәи ауниверситетқәа рахь 93-ҩык абитуриентцәа дәықәҵоуп, даҽа 9-ҩык рарзаҳалқәа рыхәаԥшра мҩаԥысуеит.


Сынтәа, есышықәса еиԥш адкылара мҩаԥысит еиуеиԥшым аҵарадырра аҩаӡарақәа: абакалавриат, аспециалитет,амагистратура, аспирантура, аординатура, иацҵаны азанааҭтә ҵараиура абжьаратәи, азанааҭтә ҵараиура рыла .
Аԥсны иҟоу Россотрудничетво ахаҭарнакра аиҳабы Дмитри Федотов иазгәеиҭеит аԥсуа абитуриентцәа разыҟаҵара аҩаӡара шыҳараку, иреиӷьу алҵшәақәа шаадырԥшуа. Аицлабра ду ыҟоуп азеиԥш медицина аусхк аҿи, иара убас архитектуреи, аҟазареи, IT-ахырхарҭақәеи рҟны. Аҟазаратә хырхарҭақәа рҟны абитуриентцәа маҷҩын, убри аҟнытә урҭ аҭыԥқәа егьырҭ азанааҭқәа рыла еиҭеихыршеит. Атехникатә хырхарҭақәа рахь еиҳа адҵаалара ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Д.Федотов.
2024-2025 аҵарашықәс азы адкыларатә усмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа ҟаҵо, Аԥсны иҟоу Россотрудничество аусзуаҩ Екатерина Власова иазгәалҭеит, ҭыԥк азы бжьаратәла ҩыџьа ауаа шақәгәыӷуаз, насгьы амедицина азанааҭқәа рахь абитуриентцәа рыбжьара азҿлымҳара шеизҳаз, иара убас IT-ахырхарҭақәеи, архитектуреи русхкқәа рҟнгьы.
Сынтәа абжьаратәи азанааҭтә ҵараиуразы арзаҳалқәа зынӡа иҟаӡамызт. Амагистртә программа ааҩык ауаа рхы аладырхәит «аекономика», «ажурналистика», «абызшәадырра», «аелектроенергиа», «адизаин» реиԥш иҟоу азанааҭқәа рыла.
Д.Федотов иажәақәа рыла, аԥсуа абитуриентцәа рыбжьара Урыстәыла абжьаратәи азанааҭтә ҵараиурҭа иҭало ахьмаҷу урҭ рықәра ауп изыхҟьо: ажәабатәи акласс иалго, 14-15 шықәса зхыҵуа, даҽа ҳәынҭқаррак ахь аҵарахьы рышьҭра аҭаацәа ласы-лассы иацәшәоит.
«Урыстәылатәи ауниверситетқәа рахь аԥсуа абитуриентцәа рхыԥхьаӡара рацәаны радԥхьаларазы имҩаԥаагеит аҵарадырратә марафон, ахәыҷтәы технологиатә парк «Кванториум» аҿы аҟазаратә классқәа, Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратә цәыргақәҵа уҳәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа, урҭ 12 университет рхы аладырхәит»,- ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Федотов.
Есышықәса Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ареспублика иаҭаху ахырхарҭақәа ахьазгәаҭоу азыҳәақәа нанашьҭуеит атәыла Аминистрцәа Реилазаарахь.
«Сынтәа урҭ ахырхарҭақәа рҟны иҟан: агеоҭҵаарақәеи абиологиатә ҭҵаарақәеи, аелектроника, арадионџьныртәи акоммуникациатәи системақәа, ақыҭанхамҩа, абнақәа рыхьчареи аԥсыӡкреи,аԥсихологиатә ҭҵаарақәеи аҟазаратә хкқәеи. Аха урҭ ирзалхыз аҭыԥқәа зхарҭәаамхеит»,-ҳәа азгәеиҭеит иара.
Д.Федотов излаиԥхьаӡо ала, уи зыхҟьо арҭ ахырхарҭақәа рыла аҵара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иахьымҩаԥысуа ауп. Иара убас, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакцәа излаарыцҳауа ала, сынтәа аспециалитет аҟны азанааҭқәа: «адгьылтә транспорт аннырреи атехнологиеи», «аполитикатә ҭҵаарақәеи арегионҭҵаареи», «аӷбаҟаҵареи амшынтә нџьнырра атехнологиеи», «Мрагыларатәии африкатәи аҭҵаарақәа» рзы азыҳәарақәа зынӡа иҟамызт.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me