ԤСРА-ӠРА ЗҚӘЫМ АДОУҲАТӘ ҬЫНХА

Уарлашәарла акәзаргьы, еснагь аҭҵаарадырраҿы иҟан, иагьыҟалоит иџьоушьартә иҟоу, амилаҭи аҳәынҭқарреи рзы ихьӡырҳәагоу, игәадуроу ахҭыс дуқәа. Иҭыҵит жәа-томкны ишьақәгылоу «Нарҭаа. Аԥсуа фырхаҵаратә епос» атомқәа ааба (иаанхаз 9–10-тәи атомқәа иргәылалоит атекстқәа аурысшәахь еиҭаганы).

«Афольклортә культура адунеи» асериала иҭыҵыз аԥсуа жәлар рфольклортә баҟа хада еиқәиршәеит, аҭҵаамҭеи акомментариақәеи иҩит, редакторсгьы дамоуп З. Џьапуа. Аԥсуаа «уҽыззукуа аус аҽузнакуеит» ҳәа шырҳәо еиԥш, дмыццакӡакәа хрыжьхрыжь, дырралеи хшыҩлеи зус иаҿу аҵарауаҩ еснагь иус иццоит, иқәманшәалахоит, алҵшәа бзиагьы иоуеит. Аҭыжьымҭа аџьабаа адырбалеит, З. Џьапуа инаиҷыданы, иҵаҩцәа Н. Барцыцԥҳа, С. Ҳаџьымԥҳа, иара убас ААУ адоцент А. Какоба, А. Беренџьи, И. Цыгәԥҳа, Р. Џьапуаԥҳа.
1962 шықәсазы Ш. Инал-иԥа, К. Шьаҟрыл, Б. Шьынқәба аус зыдуланы аԥсышәалеи еиҭаганы урысшәалеи иҭрыжьыз аԥсуа нарҭтә епос еизаку, аус зыдулоу атекст атәы ҳамҳәозар, ари – нарҭаа репос атекстқәа изаҟаразаалак адунеи збахьоу ма архиваҿ ишьҭоу аматериалқәа акы бжьамыжькәа ицәырызго раԥхьатәи ҭҵаара­дырратә ҭыжьымҭоуп. «Нар­ҭаа. Аԥсуа фыр­­хаҵаратә епос» – ҳажәлар зқьышықәсала изнысыз рҭоурыхмҩа (шьҭралатәи аиҿкаареи зааӡакласслатәи ауаажәларратә шьақәгылареи рхыԥшақәа ӷәӷәала изныԥшуа) ашҟа ҳхьазырԥшуа, аԥсабареи «аҭоурыхтә» мчқәеи ирҿагыланы рықәԥара аазырԥшуа, имариамыз рыԥсҭазаара ҳагәылазхало монументалтә епикатә баҟоуп, аха уи мацарагьы акәым. Араҟа сахьаркыратә формала мҽхакыҭбаала иаарԥшуп зхатә хаҿра змоу аԥсуа етнос, мифологиала ихырҷоу рыбзазашьа, рлеишәа, рқьабзқәа, рҵасқәа, анкьабынкьатәи рдунеихәаԥшышьа аҷыдарақәа. Убарҭ аҟазшьақәа ирыбзоураны нарҭаа репос адунеи ауаатәыҩса рдоуҳатә культурахь ҳазлацәырҵуа, ҳазлалагыло баҟоуп. Уи рываҟәылоит «Махабхарата», «Нибелунгаа ирыхҳәаау ашәа», «Илиада», «Калевала» уҳәа реиԥш иҟоу адунеитә культура ашедеврқәа. Зымҽхак ҭбаау ари аҩыза аҭыжьымҭа архиаразы – уеизгьы-уеизгьы иаҭахын афольклорҭҵааҩ, аетнограф, атекстолог иҭҵаарадырратә квалификациа ҳарак, насгьы злаԥшҳәаа ҭбаау, агуманитартә ҭҵаарадырра иаҵанакуа аспециалистцәа аӡәырҩы рыхшыҩеилаҵара, урҭ нарҭаа репос ранҵареи, ркьыԥхьреи, рыҭҵаареи рганахьала рылшамҭақәеи рԥышәеи реизыркәкәара. Изхаҳҳәаауа, ҳзыхцәажәо аҭыжьымҭа аредколлегиа иалоуп зажәа ԥхылдоу иналукааша аҵарауаа нагақәа: академикцәа Ш. Салаҟаиа, В. Арӡынба, В.Чрыгба, Аԥсны жәлар рартист, аҟазараҭҵаара адоктор Н. Ҷанба уҳәа. Ари аҭыжьымҭа ду иагәылалаз аепос аматериал аидкылараҿы автор ихаҭа ианҵамҭақәа (274 текст рҟынӡа) инарҷыданы, ицхыраагӡахеит, ҳәараҭахума, аӡәырҩы аҵарауаа (Ш. Инал-иԥа, Б. Шьынқәба, К. Шьаҟрыл, Ш.. Салаҟаиа уҳәа убас аӡәырҩы) шықәсырацәала имҩаԥыргоз афольклор-етнографиатә експедициақәа ирылҵшәаны акьыԥхь здырбаз нарҭаа рҳәамҭақәа, рнапы иҵыҵыз аусумҭақәеи афольклортә материалқәа зымҽхазкуа аизгақәеи. Урҭ рахьтә хадара руеит: «Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зеижәҩык иара иашьцәеи», «Аԥсуа фольклор аматериалқәа», «Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа», А. Аҳашба иусумҭақәеи ианҵамҭақәеи рышәҟәы, Ц. Бжьаниа ишәҟәы «Аԥсуаа рынхамҩеи ркультуреи аҭоурых аҟнытә», «Иҭамбаӡо жәлар рӡыхь», «Аԥсуаа рфольклор», «Аԥсуа фольклор», «Аԥсуа фольклор заатәи анҵамҭақәа» уҳәа убас егьырҭгьы.
Агуманитартә ҭҵаарадырра адунеи, зегь раԥхьаӡагьы кавказтәи афольклорҭҵааҩцәа рдоуҳаибаркыра акрааҵуан иазыԥшызижьҭеи ҳазлацәажәо академиатә ҭыжьымҭа.

«Нарҭаа. Аԥсуа фыр­хаҵаратә епос» аредактор-аиқәыршәаҩ З. Џьапуа ихы иаирхәеит аепос аҭыжьраҿы иаԥхьанеицәа аҵарауаа рԥышәа, рыҭҵаарадырратә напкымҭа. Аха урҭ зыӡбахә ҳамоу акьыԥхьымҭақәа, антологиатә ҭыжьымҭақәоуп, иагьрымҽхаркуа аепос аидеиеи асахьаркыреи рганахьала иаҳа зыҩаӡара ҳараку, игәылҭәаа-лыԥшааху атекстқәа (авариантқәагьы убрахь инарылаҵаны) рымацара роуп. Уажәтәи аҭыжьымҭа акәзар, еиҭазгәаҳҭоит, иамҽханакуеит нарҭаа ирызку аԥсуа епос, аԥсабара иану – ҳара ҳҟынӡа иааиз атекстқәа зегьы, неиҩымсрада, акымзарак акгьы бжьамыжькәа. Ари еиԥш иҟоу ҭыжьымҭа, ус аҳәара ауазар, адунеитә фольклористика аҭоурых, шамахамзар, иамбаӡац, иаздырӡом. Убри аганахьала рыӡбахә ҳҳәар ҟалоит адыга ҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩ А. Гадагатль быжь-томкны иҟоу иеиқәыршәамҭа «Нарҭаа. Адыгаа репос», ауаԥс фольклорҭҵааҩ Т. Хамицаева быжь-томк зымҽхазкуа лҭыжьымҭа «Нарҭаа. Ауаԥс жәлар репос».
Еиҭаҳҳәахуеит, жәа-томкны иҟоу, фольклорҭҵаарадырратә хшыҩ нагала еиҿырцаау, филологиатә гьамала ихырку «Нарҭаа. Аԥсуа фырхаҵаратә епос» – иуникалтәу академиатә ҭыжьымҭоуп. Шәазхәыц, иара иагәыланагӡоит хәыҷи-дуи зықь текст инареиҳаны! Убри аҟнытә, аматериал ахаҭа амҽхаки уи хазырҭәаауаны томцыԥхьаӡа иадгалоу еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә аппарати (акомментариақәеи азгәаҭақәеи, ҵҩа змам арбагақәеи) – абарҭқәа зегьы хәыцхәыц ргәаагӡара, ахаҿы аагара мацарагьы имариоу усым.
Аҭыжьымҭа иазышьҭыху азеиԥш структура, акомпозициа, аматериал ацәыргашьеи уи зда имаҭәам паспортла аиҿкаашьеи аҭҵаарадырра аганахьала ҽыԥныҳәа узаҭом, уимоу, афольклорҭҵааратә ҿыцрақәагьы маҷымкәа иадубалоит. Убас, акомментариақәеи азгәаҭақәеи инарҷыданы, томцыԥхьаӡа иадгалоуп аԥхьаҩ аинформациа аганахьала дымҩақәызҵо арбагақәа: ажәабжьҳәаҩцәа рарбага, анҵаҩцәа рарбага, ате­кстқәа ахьанҵоу аҭы­ԥқәа рар­бага, атекстқәа ананҵоу ашықә­сқәа рарбага, абжьынҵамҭақәеи авидеонҵамҭақәеи рарбага, анапыланҵамҭақәа рарбага, архив аҟынтә иаагоу атекстқәа рарбага, акьыԥхь аҟынтә иаагоу атекстқәа рарбага, акьыԥхь зымбац атекстқәа рарбага, акьыԥхь збахьоу атекстқәа рарбага. Урҭ арбагақәа реиқәыршәара мҩақәиҵон З. Џьапуа ихаҭа. Ажәакала, уаднахалоит, иаабахьоу акьыԥхьымҭақәа раасҭа акыр иҿыцуп, иҿырԥшыгоуп аҭыжьымҭа зықәгылоу аҭҵаарадырратә уасхыр ӷәӷәа. Уи инаԥынҵаны, аполиграфиа аганахьала аҭыжьшьа атәы ҳҳәозаргьы – уамакала аҩаӡара ҳаракуп, анапаҿы иаанкыланы ахәаԥшра мацара агәахәара унаҭоит.

Нарҭаа репос еиԥш иҟоу абаҟа ду аҭыжьраан, зегь раԥхьаӡагьы, акраҵанакуаны иԥхьаӡатәуп уи атематикатә еибаркыра иаҵанакуа арымӡаа асиужетқәеи амотивқәеи қәнагала еихшаны аԥхьаҩ идгалара. «Нарҭаа. Аԥсуа фырхаҵаратә епос» атомқәа раабагьы рҿы иазԥхьагәаҭоу анаҩстәи асиужет-тематикатә принцип ала абаҟа аихшара, ҳгәанала, ииашоуп, I–IV атомқәа ирнылеит «Сасрыҟәа изку аҳәамҭақәа». V атом иагәыланагӡеит «Цәыцә изку аҳәамҭақәа», VI атом – Нарџьхьоу, Гәында-ԥшӡа, Хәажәарԥыс ирызку атекстқәа, VII атом – хаз-хазы иҟоу еиуеиԥшым аҳәамҭақәа, VIII атом аҿы ицәыргоуп егьырҭ афольклортә жанрқәа ирыҵаркуа атекстқәа рҟны иаҳԥыло, ԥыҵәҵәа-ԥыҵәҵәа акәзаргьы, нарҭаа репос асиужетқәак, цыԥҵәахақәак, ҟәырҷахақәак. Аепос асиужет ахәҭақәа абас еиԥш цикл-циклла иахьеишьҭаргылоу иалҵшәаны, аепикатә персонаж хадацәа зегьы рфырхаҵаратә «нысымҩа» ккаӡа, насгьы инхарҭәааны ицәыргахеит, иара убриаамҭазгьы арҿиамҭа еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа зныԥшуа аҵакы композициала аҿиашьа алогика еиланахәом. Араҟа инаҵшьны иазгәаҭатәуп, ари аҭыжьымҭала адунеитә фольклортә ҭҵаарадырра ишалагалоу – акьыԥхь збахьази изымбацзи, вариант рацәалеи версиа рацәалеи еиларсу аԥсуа нарҭтә епос џьарак еизакны. Атекстқәа зегьы рхаҿра цәыргоуп изаҟаразаалак еицакрак, шәышәырак рымҭакәа, жәлар ражәаҳәа ахаҭашьеи абызшәа адиалекттә ҷыдарақәеи еиқәырханы.

Атомқәа злаатуа, «Нар­ҭаа ражәа­бжь нҵәара ақәым» захьӡу аԥхьажәа-аҭҵаамҭа ҳазааҭгылозар, уи – монографиа наӡааӡоуп, аԥхьарагьы гәахәароуп, аиԥш зеиԥшны аԥсышәала иҩу даҽа фольклорҭҵааратә усумҭа хатәрак аӡбахә аҳәара уадаҩуп. Хәҭакахьала, аԥхьажәа – фольклорҭҵааҩык, нарҭдырҩык иаҳасабала З. Џь. Џьапуа иҩаӡара шыҳараку арҵабыргуеит. Уи ианыԥшуеит иҭҵаарадырратә лаԥшҳәааҭбаара, идырра ҵаулақәа, насгьы ихәнацәак реиԥш ишидыруа аԥсуаа иаԥырҵаз нарҭаа репоси уи ныҟәызго егьырҭ амилаҭқәа рверсиақәагьы – атекстқәа рымацара ракәым, урҭ ирызку аҭҵаамҭақәагьы. Араҟа автор иаҩимыжьит нарҭаа ирызку аԥсуа епос иамадоу ахыцәхәыц азҵаарақәа – иӡбоу, макышьа змақәам реиԥш, иӡбам, аимак-аиҿак ҟазшьа змақәоугьы убрахь инарылаҵаны: арҿиамҭа ахылҵшьҭреи уи аперсонажцәеи асиужетқәеи, аԥсуаа репикатә традициақәа, аепос анҵареи, акьыԥхьреи, аҭҵаареи рҭоурых, нарҭаа ражәабжьҳәаҩцәа рҟазара, нарҭаа рашәақәа ртекстологиатә ҟазшьарбақәа, аепос аиҿартәышьа аҷыдарақәа уҳәа убас ирацәаӡаны.
Нарҭаа ирҟәырҷахоу изаҟаразаалак ҳәамҭак, ашәак, ҭҵаамҭак зымҩа иавамыжькәа, нарҭдырра иахьанӡа иззаихьоу алкаақәеи ишьҭнакаахьоу аҭҵаарадырратә ԥышәеи хшыҩзышьҭра рзуны, хаз-хазы еилыршәшәаны, З. Џьапуа дыззааҭгыло абарҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз азҵаарақәа зегьы, аԥхьаҩ азҿлымҳара иоуртә қәнагала иеилыркаауп рацәак ҳзышьцылам ԥсыуа наукатә бызшәа шьахәла.
Афольклортә рҿиамҭақәа наукала рҭыжьраҿы адунеитә практика ҳхаҿы ианааҳго, хымԥада, уаҟа З. Џьапуа иҿыцу илагалақәагьы аабоит. Уи атәы иазышаҳаҭуп, иаҳҳәап, ҳзыхцәажәо аҭыжьымҭа VIII атом аҿы ицәыргоу – нарҭаа репос егьырҭ афольклортә рҿиамҭақәа (амифологиатә ҳәамҭақәа, алакәқәа, ахьӡыртәрақәа, аҿаԥыц­тә жәабжьқәа уҳәа) ирылаӡҩаны иахьыҟоу ҳзырбо аматериалқәа, иара убас аԥхьаҩцәа нарҭдырра аганахьала рылаԥшҳәаа уама­кала изырҭбаауа, аԥсуа епос иатәу-иамаау зҵаарак, изаҟаразаалак информациак иавсым ҳәа ҳзырҳәо аԥшьгамҭа – зеиуахк уҭаху арба­гақәа рыла (урҭ хыԥхьаӡарала 18 рҟынӡа инаӡоит) ахарҭәаара. Хшыҩзышьҭра заҳҭаша, ари атом аҿы џьарак еизакны ҩаԥхьа ицәыргоуп егьырҭ атомқәа зегьы дасу ирыцу, аԥхьаҩ цәгьа дзырманшәало арбагақәа 10. Урҭ инарԥынҵаны, ицәыргоуп иналукааша аурыс фольклорҭҵааҩ Н. Андреев еицырдыруа иусумҭа «Аарне исистемала алакәқәа рсиужетқәа рарбага» иаваҟәыло, аҭҵаарадырра иахьатәи аҩаӡара зегь рыла ирықәшәо арбага ҿыцқәа ааба: атекстқәа рсиужет-тематикатә рбага, аепикатә персонажцәа рарбага, аепикатә дунеи аҭыԥқәа рарбага, аепикатә дунеи амаҭәарқәеи аилкаарақәеи рарбага, ажәабжьҳәаҩык иҟынтә аиҭанҵарақәа рарбага, нарҭаа рашәақәа рарбага, урысшәала ианҵоу атекстқәа рарбага, аԥсуа жәлар репос: абиблиографиатә рбага.

Аҭыжьымҭаҿы, томцыԥхьаӡа, ицәыргоуп еицырдыруа асахьа­ҭыхҩы Баҭал Џьапуа нарҭаа репос иазку иҭыхымҭақәа. Урҭ хыԥхьаӡарала 40-ҟа инарзынаԥшуеит (I атом иамҽханакит 9 сахьак, II атом – 4; III атом – 9; IV атом – 4; V атом – 4; VI атом – 4; VII атом – 7), аԥхьаҩ аҳәамҭақәа издырҵысуа азҿлымҳара хадырҭәаауеит. Асахьақәа, ҳәараҭахума, дара ртәала аинтерес рыҵоуп, аҟаза нага нарҭаа рҳәамҭақәа игәы ишабаз, ихаҿы ишааиз шәыгала иааирԥшит. Амала адунеитә практикаҿы афольклор наукалатәи аҭыжьымҭақәа, шамахамзар, ирыдыргалом апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа, дара ажәлар рбаҩхатәра, рнапкымҭа лыԥшаах иахылҵыз аматериалтә культура иатәышьҭроу – аргыларақәеи, анаплыхқәеи, абџьарқәеи, аорнаментқәеи уҳәа ракәымзар, дара урҭгьы ҩаӡарала – зда царҭа амам ала илыԥшааху, азхаҵара зоухьоу рахь иаҵанакуеит.
Атомқәа дырбеиоит иагьдырлахҿыхуеит хыԥхьаӡара рацәала иргәылоу амузыкатә нотақәеи нарҭаа репос анҵаҩцәеи аҭҵааҩцәеи рхаҿра цәырызго афотоматериалқәеи.
Иҟаҵоуп хәы змам аус дуӡӡа. Шәара шәазхәыц, шаҟа ԥсыуа қыҭа ирылстәыз, шаҟа жәабжьҳәаҩцәа нагақәа рҿахәы рҿыхтәыз, шаҟа мши-ҵхи ахаԥсыра батәыз, шаҟа ҵарауаа хшыҩҭрақәа рабиԥара аԥхӡаша карҭәар акәыз – адунеитә фольклор аклассикатә рҿиамҭа, абас ихьырҵәаҵәаха ҳаԥхьа иқәларц азы!
Ари аҭыжьымҭала инхарҭәааны ҳажәлар рхаҿра знубаало ажә­ытәреи иахьатәи аамҭеи ирыбжьаҵоуп наҟ-ааҟ еимаздо «аибадырга» цҳа. Иахьа инаркны набыцра ақәымкәа ахьтәы чықьмаџьа иҭаҵәахушәа иԥхьаӡатәуп азқьышықәсақәа иргәылган иаагоу аԥсуаа рдоуҳатә мал хада, «рбиблиа» – нарҭаа ирызку ажәытәӡатәи афырхаҵаратә епос.
«Нарҭаа ражәабжь нҵәара ақәым» иҳәеит ҳзыхцәажәо атомқәа реиқәыршәаҩ-рредактор З. Џьапуа, иалиршаз ауникалтә ҭыжьымҭа акәзар, ԥсра-ӡра зқәым, адунеи ауаатәыҩса зыхӡыӡаалаша культуратә ҭынхоуп.

Валентин КӘАӶӘАНИА,
академик

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me