Мҩамш, адыррақәа рдунеи ахь!

Адыррақәа рымш! Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, агәыхыҭхыҭра, ашәҭ рацәа, аԥсҭазаара иаԥеиԥшу, гәыӷра лашала иҭәу аҭынч бзазара иазку аҵатәхәқәа... уҳәа агәырӷьареи алахҿыхреи рыла иҭәу амш! Абри амшныҳәа аԥҵан цәыббра 1, 1984 ш. рзы СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ақәҵарала.

Ашкол – дарбанызаалак ауаҩы инысымҩаҿы ихадароу аамҭоуп. Абраҟоуп, ишдыру еиԥш, еиҵагыло абиԥарақәа иахьроуа адырра, аилкаара, иахьышьақәгыло руаҩратә хаҭара, ртәыла иаԥсоу ҵеицәаны иахьеизҳауа. Цәыббра 1 – акраҵанакуеит раԥхьаӡа ашкол ашәхымс ихыҵуа рзеиԥш, азҿлымҳара ҳаракы зцу ашколтәи, астуденттәи мҩақәа рахь адыррарҳара иазынархоу ашьаҿақәа ҟазҵо зегьы рзы.

Ҳтәылаҟны иахьазы аус руеит зынӡа 153 школ: аԥсуа школқәа – 58; аурыстәқәа – 55; аԥсуа-аурыстәқәа – 16; аерман – 24.

Урҭ рахьтә ақалақьтә школқәа – 40, ақыҭатәқәа – 113, ашкол-интернатқәа – 4. Урҭ зегь рахь сынтәа ршьаҿа еихыргоит зықьҩыла ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш знапы иану ахьыбҿар. Дызусҭзаалакгьы аԥсҭазаараҿы ахааназы хашҭра изақәым адыррақәа рдунеи ахь раԥхьаӡа акәны ишьаҿа анеихигаз амш, дыҟам гәеизҳарыла изгәалазмыршәо раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, раԥхьатәи арҵаҩы, ашколтә мамзаргьы астуденттә ҩызцәа. Мҩамш шәԥеиԥшзааит аҿар!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me