Аспорттә жәабжь

Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба идикылеит 13-14 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара абокс азы Европа ачемпионат аҿы араӡын медал занашьаз, Урыстәыла Ачемпионат аҿы аԥхьахә згаз Сандро Цымцбеи уи иазыҟаҵаҩ Едгар Қриеи.

Ҭарашь Ҳагба аспортсмен идиныҳәалеит август анҵәамҭазы Босниеи Герцеговина Баниа-Лука ақалақь аҿы имҩаԥысыз Европа Ачемпионат аҿы иаԥсоу ақәгылараз.
«Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ас еиԥш иҟоу ахҭыс ду, шәусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит», - ҳәа иҳәеит аҟәша аиҳабы.
Сандро Европа ачемпионат алахәхара иазкны ицәаныррақәа рзеиҭеиҳәеит, насгьы иаразнактәи игәҭакқәа дрылацәажәеит.
“Ачемпионат аҿы х-еиндаҭларак мҩаԥызгеит: актәи аиндаҭлараҿы аиааира згеит. Аҩбатәи аиндаҭлара иаҳа иуадаҩын, избанзар классла еиҳа деиӷьын. Ахԥатәи ақәԥараҿы аиндаҭларатә тактика ииашаны еиқәыршәан, аха зегьы сара сҟынтә ихьыԥшымызт»,- ҳәа еиҭеиҳәеит аспортсмен.
Едгар Қриа иажәақәа рыла, ачемпионат ибзианы имҩаԥысит.
Аиԥылара ахыркәшараан аспортсмен Аҳәынҭқарратә Еилакы аҟынтәи аԥаратә ҳамҭа ианашьан.
Сандро Гагра араион актәи ахәыҷтәы спорттә школ азыҟаҵаҩцәа Едгар Қриеи Елизбар Џьологәуеи рҵаҩы иоуп, раԥхьатәи зыҟаҵаҩс диман Владимир Шульгин.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me