Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

 Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Уи азы нанҳәамза 29, 2024 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа диит мшаԥымза 22, 1976 шықәса рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1992 шықәсазы далгеит К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1, афизикеи аматематикеи инарҵауланы рҵара азы иҷыдоу акласс.   1998 шықәсазы далгеит ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша. 1994 шықәса инаркны — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша акорреспондентс аус иуан.

2003 шықәсазы далгеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет ателехәаԥшра аҟәша ихаҭәаау акурс. 2000 шықәса инаркны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адырраҭара «Аамҭа» арҿиаратә гәыԥ анапхгаҩыс аус иуан.  2002 шықәса инаркны – Аԥсуа телехәаԥшра анапхгараҭара аинформациатә дырраҭарақәа аредактор-корреспондентс аус иуан.  

Мшаԥымза, 2005 шықәса инаркны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу Амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҵуаҩыс дҟаҵан.  

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далоуп. 2011 - 2014 шш. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор хадас дыҟан, анаҩс амобилтә еимадара «А-Мобаил» аҿы аус иуан. Лаҵарамза, 2020 шықәса инаркны жьҭаарамза  2021 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс аус иуан.  Жьҭаарамза, 2021 шықәса рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хадас  дҟаҵан. 


  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me