Зыда ԥсыхәа ҳамам абнақәа

Ажәытәӡатәи аҳәамҭақәа инарықәыршәаны, Анцәа ихазы иалхны имаз, аха адгьылқәа ршараан иагхан иааиз аԥсуа ианаишьаз – Аԥсны аԥсабара беиоуп шәаԥыџьаԥла. Адгьыл иҵоу амазарақәа рнаҩсгьы аӡиасқәа, абнақәа, ашьхақәа, амшыни уи иаԥну адгьыл чашәқәеи уҳәа, араҟа ирацәаӡоуп иуникалтәу аекологиатә система шьақәзыргыло аԥсабаратә беиарақәа.

Аԥсны азеиԥштә дгьылҵакыра 8,665 нызқь ԥшьырқца метра ыҟоуп, уаантәи 55 наӡын инарзынаԥшуа абнақәа иааныркылоит. Аԥсны изызҳауа аҵиаақәа рбеиареи рырацәареи зыбзоуроу адгьыл аилазаашьеи ашьақәгылашьеи роуп, аха, ҳәарада, ирнаало аҳауа зҩыда ада ашәышықәсқәа инархыҳәҳәо аҵлақәа ус иргәаԥханы ирызҳарымызт.
Ҭоурыхла идыруп, иагьыҭҵаауп, Аԥсны «Колхидатәи арефугиум» ҳәа изышьҭаз аҭыԥ иахәҭакны ишыҟаз. «Рефугиум» еиҭаганы иаанаго «аҵәахырҭа» ауп. Арефугиумқәа ҳәа ирышьҭоуп иуникалтәу, ижәытәӡатәиу, ақәӡаара иаҿу аҵиаақәа ргәыԥ ахьеиқәхаз аҭыԥқәа. Убас ала, Кавказтәи афлора иахәҭаку, аиԥш-зеиԥшу аҵиаақәа акыр ирызҳарҭа ҭыԥхеит Аԥсны. Ҳтәыла абнеилачырақәа рҿы ирызҳауеит 2000 ҵиаахкы, урҭ рахьтә 180 ҵла хкы. Аиашазы, иуадаҩуп нҵамҭак аҩнуҵҟа алацәажәара аԥсабара абеиарақәа зегьы ртәы. Аха иааркьаҿны уазааҭгылозар, аҳәырԥсаррақәа ԥшьба ҳамоуп, урҭ аԥшьбагьы ҳҳәынҭқарра адгьылҵакыра 10 наӡын ааныркылоит. Урҭ ра­хьтә зегьы иреиҳабу ҳәа иԥхьаӡоуп Мысра-Ԥицундатәи, уи аԥҵан 1885 шықәса рзы. Насгьы иаракзаҵәык ауп амшын иаԥну, егьырҭ аҳәырԥсаррақәа хԥа – Риҵатәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи, Кәыдырҭатәи – ашьхаҭыԥқәа рҿы ишьҭоуп, мамзаргьы ахра иаԥнуп.
Ҳтәыла абнақәа хылаԥшра рымоуп, урҭ рҭагылазаашьеи аиҭакра ӷәӷәақәа знаҳбаало аҳауа анырра шрынаҭои ҭызҵаауа аҵарауаа рацәаҩӡам, аха иҳамоуп. Иҳамоуп анаукаҭҵааратә, абнаԥышәарҭатә станциагьы. Ус еиԥш иҟоу астанциа ду еиҿкааны аусура иаладыргеит асовет аамҭазы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. Араҟа хкырацәала аҵлахкқәа рыжәлақәа ахьеизыргоз анаҩсгьы, аԥышәарақәагьы мҩаԥысуан. Аԥснытәи абнаҭҵаара астанциаҿы иубарц улшоит адекоративтә ҟазшьа змоу аекзотикатә ҵлақәа инадыркны ақыҭанхамҩаҿы ихәарҭоу, аргылараҿы хархәара зуҭаша ахкқәа рҟынӡа.

Астанциа аиҳабы, аҵарауаҩ Витали Леиба иажәақәа рыла, ари аԥышәарҭатә станциа иаҵанакуа абна хьӡыс иамоуп «хә-континентк рыбна» ҳәа. Избан акәзар, уаҟа изызҳауа аҵлахкқәа рыбжьара иҟоуп аконтинентқәа хәба рҟынтәи иаагоу ахкқәа. 148 гектар зҵазкуа ари астанциа аԥҵан 1957 шықәса рзы, Асовет Еидгыла иреиӷьу аботаникцәа -аҭҵааҩцәа рыбзоурала. Аԥышәарҭатә станциаҿы изызҳауа аҵиаақәа зегьы еиҭаҳауп еиҟараны еихшоу адгьылҵакырақәа рҿы.
Аҵлақәа ирызҳауеит хәба-быжьба метра рыбжьаҵаны, еихшарсҭак еиднакылоит 155 ҵлашьапы. Иааидкыланы, абна еихшоуп 511 дгьылхәҭала, урҭ рҿы ирызҳауеит 900 иреиҳаны ахкқәа. Ари аҭыԥ еиднакыло аҵиаақәа адунеи аҿы иреиҳау адендрологиатә паркқәа рыҵашьыцыртә иҟоуп. Ари аҩыза аколлекциа змам аботаникатә баҳчақәа рацәоуп.
Аԥсны абнақәа рыҭҵаараҿы Очамчыратәи анаукаҭҵааратә абнаԥышәарҭатә станциа аусура аҵакы ахә ашьара уадаҩуп. Ҳәарада, иахьтәи уи аҭагылазаашьеи, иадкыло анапи иамоу ахылаԥшреи, еиқәырхоу ажәлахкқәа рыҵәахырҭеи зыбзоуроу астанциа амаҵ азызуаз ҳҵарауаа роуп. Витали Даҭикәа-иԥа Леиба изыҳәан ари усурҭаҭыԥ мацараны иҟаӡам. Иара ари абнаҿы изызҳауа аҵлақәа зегьы идыруеит. Уи моу ианеиҭаҳази, ишрызҳауаз аҭоурыхи ртәгьы еиҭеиҳәоит. «Абнаҭҵаараҿы иҵегьы аҿар ҳҭахәуп, иҵегь аҵарауаа еиҵагылар ауп, – иҳәоит иара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ирааӡоит абнанхамҩа аус адызулаша аспециалистцәа, аха урҭ реиҳарак рҵара аныхдыркәшалак ашьҭахь рзанааҭ ала аусура иалагаӡом. Акадрқәа рзы аизымхара шыҟоугьы, аҭҵаарадырратә станциа аусзуҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҵиаақәа ирхылаԥшуеит. Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит Аԥснытәи аԥшь-станциак рҿы – Очамчыратәи адәкаршәраҿы, Гагра, Риҵа, Ауадҳара аҳаракырақәа рҿы. Арҭ астанциақәа еиҿкаауп амшын инадкыланы еиуеиԥшым аҳаракырақәа рҿы. Аԥышәарақәа раан иалыркаауеит, зегь реиҳа аԥеиԥш змоу аҵиаақәа, ирласны изызҳауа, еиуеиԥшым аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирнаало, абнақәа рыҿиара иацхраауа, мамзаргьы ақыҭанхамҩа иаҭаху, ақалақьқәа рымҩадуқәа рырԥшӡара иацхраауа, ичмазыҩхо аҵлақәа зхычмазыҩхаз, ирыхьыз ачымазарахкы егьырҭ аҵиаақәа анырра рнаҭоу-ирнамҭоу уҳәа, комплексла иазнеины иҭырҵаауеит.
«Очамчыратәи аԥышәаратә станциа еиҿкаан даара иманшәалаз аҭыԥ аҿы. Иара адәкаршәраҿы иахьыҟоу анаҩсгьы, аҭыԥ иазааигәаны ииасуа Мықә аӡиас абна аҿиара ибзианы анырра анаҭоит, – иҳәоит астанциа аиҳабы Витали Леиба. Уи ҩажәи жәаба шықәса раахыс ари аҭҵааратә станциа напхгаҩыс дамоуп. Иҳаҩсыз ажәашықәсақәа рзы еизгаз астанциа афонд зегьы еиқәырхоуп. Аҵлақәа рызҳашьа етапла еихшаны ашәҟәы иҭаргалоит. Иҟалалоит дара раԥхьатәи 10, 20, 50 шықәса ибзианы ианрызҳауа, аха нас аҳауа рзыманшәаламхар, рызҳара аангылар, мамзаргьы ахҩаара иалагар алшоит. Аиԥш зеиԥшу аԥышәарҭатә станциақәа зегьы ҵакыси хықәкыси ирымоуп аҳәынҭқарразы ихадароу, ақыҭанхамҩаҿы хра злоу, мамзаргьы аҳауа зҩыдара иахәо, ирласны изызҳауа, ибзиангьы иҿио аҵла хкқәа рыԥшаареи рааӡареи реиԥш, аӡразы ашәарҭара иҭагылоу аҵлахкқәагьы рыжәла аизгара, реиҭаҳатәқәа рырҿиара, ахкы ҿыцқәа ралагалара. Аԥышәарҭатә станциа аҵиаақәа рколлекциа аизгараан адунеи ахи-аҵыхәеи рҟынтәи Аԥсныҟа иааргон жәабала ахкҿыцқәа. Уаанӡа Аԥсны иззымҳауаз, аха аҭыԥ знаалаз рацәахеит. Урҭ иреиоуп «Амамонттә ҵла» ҳәа изышьҭоу асеквоиаҵла дуқәа, урҭ 115 метра еиҳаны ирызҳауеит, иԥхьаӡоуп адунеи аҿы изызҳауа идыру аҵлақәа рыбжьара зегь раасҭа иауу ракәны.

Витали Леиба иажәақәа рыла, жәашықәса рахьтә хынтә-ԥшьынтә ицәырҵуеит аҵлақәа аԥырхга ӷәӷәа рызҭо ачымазара хкқәеи ахәаҷамаҷеи. Зегьы иаҳдыруа акәны иҟоуп шықәсқәак раԥхьа ицәырҵыз ашыц хызшьаауа ахәаҷахкы макьанагьы аҵыхәтәанынӡа ишықәымҵыц. Мамзаргьы апальмаҵлақәа аԥырхага ӷәӷәа рызҭаз «долгоносик» зыхьӡу ахәаҷа иахҟьаны иахьагьы аҵлақәа рыхәышәтәра иаҿуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ашәарҭара ӷәӷәа иҭагылеит ахьаҵлақәа. Урҭ акәыкәбаа чымазара ихҭанакит. Ахьақәа ақәӡаара иаҿуп аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы рҿы. Аԥснытәи абнақәа рҿы ахьаҵлақәа рацәоуп, урҭ иаку аботаникатә екосистема иахәҭакуп. Абнақәа рҟны ахьала ичоит ахьаԥарчқәа, амшәқәа, абнаҳәақәа, аашьарақәа. Аҵлақәа аекосистема иахьалшәо анаҩсгьы, зынӡа ианыӡӡаар алшоит. Ажәлахкқәеи, аиҭаҳатәқәеи ыҟоуп, аха иазҳаанӡа, еиҵагылаанӡа, иҿиаанӡа аамҭа маҷымкәан иагоит. Уажәазы аԥшаарақәа цоит, аҵарауаа ахьаҵла аиқәырхаразы ирылшо ҟарҵоит, иҿыцу аметодқәа ртәы ҭырҵаауеит.
Зыбжьы неиҵыхны ишәаҳәо аҵар рыбжьы зҵыҩуа ари аҭыԥ аҿы анеиааира ԥсыршьагоуп, аиаҵәара иҭалаҳау абна гәазырҳагоуп. Адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтәи иаагоуи, жәытәнатә аахыс аҭыԥан изызҳауаз аҵлақәеи еинааланы иахьеицрызҳауа аҭыԥқәа зынӡа имаҷуп. Убри аҟынтәи Очамчыра араион аҿы иҟоу анаукаҭҵааратә абнаԥышәарҭатә станциа иҷыдақәоу иреиуоуп ҳәа иалыркаауеит. Аԥснытәи абнақәа рыхьчара астратегиатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа иреиуоуп. Аҵлақәа ашәарҭара ианҭагылоу мацара акәымкәа, абжьааԥнгьы иааиԥмырҟьаӡакәан ари аусура мҩаԥгалатәуп. Уи ауп изҿугьы ааԥсара аазмырԥшуа, аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа еицырдыруа ҳҵарауаа. Дара рԥышәа нарымардоит ирыҵагылаз аҿар.
Абна «апланета иаҵәа агәа­ҵәақәа» ҳәа баша иашьҭаӡам. Адунеи иқәу ашәарахи аԥсаатәи раӷьырак абнақәа рынхарҭа ҭыԥуп. Ҳабшьҭрақәа патуқәҵарыла арҭ аҭыԥқәа ирызнеиуан, ирыман абна абызшәа, уи ала ицәажәон абнараҿы. Иахьатәи аамҭазы ҳарҭ усҟакҵәҟьа абна ҳазааигәамзаргьы, зегьы акоуп ҳшьа-ҳда иалоу абзиабара ҳныруеит.

Елана Лашәриаԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me