Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩс даҭан Рауль Лолуа

Август 6 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Аԥсны Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩс даҭан Рауль Лолуа.
Рауль Лолуа 2017-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан. 2014-2015 шықәсқәа рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
2008 шықәсазы напхгара аиҭон Атеррористҿагыларатә центр, уи ашықәсан ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра азаагаразы аоперациа нанагӡон.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me