Азҵаара хадақәа рыӡбаразы

2024-2026 шықәсқәа рзтәи хықәкылатәи анаука-тхникатә программа «Аҧсуадырреи кавказдырреи иактуалтәу рызҵаарақәа рыӡбара» аусура хацнаркит.

Аҧсуаа рполитикатә, рсоциал-економикатә, рдемографиатә, ретникатә ҧсҭазаараҿы аиҭакра дуқәа анымҩаҧысуа аамҭазы аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыҭҵаара актуалра ҷыда аиуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҧсуааи Аҧсни ирызку архивтә материалқәа реизгара иадҳәалоу аус ду мҩаҧысуеит. Ус шакәугьы иахәҭоу архивтә хыҵхырҭақәа ахьмаҷу иахҟьаны аҧсуаҭҵаара иадҳәалоу акрызҵазкуа апроблемақәа жәпакы рыҭҵаараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Ҳажәлар рҭоурых иҵегьы инарҵауланы аҭҵааразы ихымҧадатәиуп аҧсуаа ирызку  адунеи ахьынӡанаӡааӡо архивқәеи, ашәҟәыҵәахырҭақәеи, абиблиотекақәеи рҿы иҵәаху аматериалқәа реизгареи аус рыдулареи.

2024-2026 шықәсқәа рзтәи хықәкылатәи анаука-техникатә программа «Аҧсуадырреи Кавказдырреи иактуалтәу рызҵаарақәа рыӡбара» ишьҭнахуа азҵаарақәа ихымҧадтәны иӡбатәқәоу иреиуоуп, - ҳәа азгәеиҭеит апроект авторцәа ируаӡәку, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Иҭанагӡо азҵаарақәа аҭҵаарадырраҿы уажәраанӡагьы рыӡбахә изныкымкәа ишырҳәахьогьы, урҭ рынагӡараҿы аусқәа реиҿкаашьеи рынагӡашьеи ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәа рыла ирҿыцтәны иҟоуп, - иҳәоит академик.

Ҳҭоурых хазырҭәаауа усны иҧхьаӡоит Џьапуа Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых иазку аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа рыҧшаара, аурыс бызшәахьы реиҭагара, ахщъаа6ъа рыцҵаны рҭыжьра. Иара убас апрограмма иамҽханакуеит Аҧсны аҭоурых аконцепциа ҿыц ашьақәыргылара, аҩра. Уи адагьы ажәытәӡеи, абжьарашәышықәсқәеи, аҳратәреи, асовет аамҭеи, ҳазҭагылоу аамҭеи зҵазкуа хазы-хаз Аҧсны аҭоурых азы арҵагатә цхыраагӡақәа рыҩра аҧсышәалеи урысшәалеи. Зураб Џьапуа ирыцҳараны иҧхьаӡоит ҳҭоурых амаҭәар ҳхатәы бызшәала иахьаҳамҵо.

Аҧсуа жәлар рдоуҳатәи рматериалтәи ҭынхақәа реиқәырхара аҳәынҭқарраа ахыдҵа хадақәа иреиуазароуп. Аҧсуаа рытрадициатә гәалашәара, ркультура, ражәатә, рашәатә, рмузыкатә, рхореографиатә фольклор аизгара, аудио-видео нҵамҭақәа рыхҩылаара, ашәақәа анотахь риагара, рҭыжьра азҧхьагәанаҭоит апрограмма. Арҭ аусхкқәа ҷыдала адыррақәеи, анапырацәеи, атехникатә еиқәыршәареи зҭаху иреиуоуп. Иазгәаҭатәуп, мшыннырцә инхо аҧсуаа рфольклортә культура амырӡразы 2009 шықәсазы Зураб Џьапуа иеиқәиршәаз апроект «Аҧсуаа Ҭырқәтәылан» усҟан Аҧсны аиҳабыра шахаҵгылаз. Убри иабзоураны инеиҧынкыланы есышықәса Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз аекспедициақәа рматериалқәа аҧсуа фольклор ахьтәы фонд шьақәдыргылоит иахьа. Иҭҵаамкәа инхоит адунеи егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу ҳдиаспора рытрадициатә культура аҭагылазаашьа. Убарҭи егьырҭ аматериалқәеи азанааҭдырратә цхыраара рҭахуп, - иҳәоит ААР апрезидент. Убриазы ари атема апрограмма иаларҵеит, иазыхиоуп анагӡара.

Иахьазы ихымҧадатәиуп  аҧсуа бызшәа алексикатә фонд Амилаҭтә цифратә еидкыла аҧҵара. Акультуратә ҵакы ҷыда змоу проектны ирыҧхьаӡоит апрограмма авторцәа. Уи иалнаршоит алингвистикатә дыргақәеи, аҧшааратә хархәагақәеи рыла ишьақәыргыланы аҧсуа текстқәа реизга ду аҧҵара. Уи абзоурала иарбанызаалак аҧсуа Убри еиуеиҧшым аҩышьа аформақәа аҭаны аинтернет аҟны рыҧшаара ҟалоит. Акорпус ашьаҭала  атерминологиатәи, аиҭагаратәи уҳәа ажәарқәа еиқәыршәахоит.

Апрограмма атематика анагӡаҩцәас иҟалоит иреиҕьу аҵарауаа, аусуразы иадрыҧхьалоит аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәагьы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы - еицырдыруа Кавказҭҵааҩ Џьорџь Хьиуитт.

Апроект аҿы ишьҭыху азҵаарақәа рымҽхак даараӡа иҭбаауп, аҧсуа гуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыҿиара, урҭ рынагӡара ада хаҭәаашьа рымам, - иҳәоит Зураб Џьапуа.

Акультуратә ҭынха аиқәырхаразы апрограмма рҩит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуеи, абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Виачеслав Чрыгбеи. Иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иадҵоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me