Жәларбжьаратәи амилаҭтә театрқәа рфестиваль ахь

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ааԥхьара рымоуп 2025 шықәса маи мзазы Ареспублика Мари Ел аҳҭнықалақь Иошкар-Ола имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Амилаҭтә театрқәа рфестиваль ахь, ҳәа азгәеиҭеит атеатр анапхгаҩы хада Алхас Ҷолокәуа.
Август акы азы Аԥсуа драматә театр анапхгаҩи Ареспублика Мари Ел анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акультуреи акьыԥхьи амилаҭтә усқәеи рминистр Константин Иванови реиԥылара мҩаԥысит.
Амилаҭтә театрқәа рыбжьаратәи афестиваль "Маятул" ("Амца") Иошкар-Ола ақалақь аҿы имҩаԥысуеит 1992 ашықәсқәа инаркны. Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Мари Ели ркультура аминистррақәа реиҿкаарала. Раԥхьаӡа уи афин-угор жәларқәа ртеатрқәа рфестиваль акәын.
Аԥҵаҩцәа ирыдыркылаз аӡбарала, иааиуа ашықәс инаркны афестиваль аҳәаақәа ырҭбаахоит, уи Жәларбжьаратәи Амилаҭтә театрқәа ирфестивальны иҟалоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me