Адинмаҵзуҩцәа ражәа

Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Виссарион (Аԥлиаа) Ауахәаматә Хеилак аилатәараҿы ҩаԥхьа Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама азинтә шьаҭа аганахьала агәҭынчымра ааирԥшит. Аилатәара аартуа, иара Аԥсны аканонтә дгылара азхом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


«Шәааи ааԥхьарак ҟаҳҵап ҳнапхгаҩцәа, аиашахаҵаратә дин ныҟәызго зегьы рҟынӡа инеиуа … Уи ҟаҳамҵар, аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ҳажәлар хра злам аҭагылазаашьа роур ҟалоит», - адинмаҵзуҩцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аиашахаҵаратә Уахәама ахада.
Аигумен Игнати (Киут) – Каман ақыҭан игылоу аԥшьаҩыцқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ аиҳабы – Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәамеи Урыстәыла Аиашахаҵаратә Уахәамеи аимадара ӷәӷәа рыбжьоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
 «Ҳара динмаҵзуҩцәас ҳшьақәгылон, доуҳала ҳазҳауан аурыс уахәамаҿы», - инаҵшьны иазгәеиҭеит аигумен Игнати.
Аилатәараҿы иҟаз адинмаҵзуҩцәа зегьы еицҿакны Аԥсны ақьырсиан дин ныҟәызго ажәлар Урыстәылатәи Аиашахаҵаратә Уахәама адгылара иабзоураны рдоуҳатә ԥсҭазаара шьақәгылоит ҳәа иазгәарҭеит. Убри аан, Урыстәылатәи Аиашахаҵаратә Уахәама исуверентәу аҳәынҭқарра акультура изеиԥшразаалак ақәыӷәӷәара шанамҭо, Қырҭтәылатәи Аиашахаҵаратә Уахәамеи Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәамеи изеиԥшразаалак еимадара ҳәа акгьы шамам инаҵшьны ирҳәон.
 Аилатәара ихы алаирхәит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Виссарион Аԥлиаа ааԥхьара зиҭаз Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me