К.Е. Ворошилов шәахь

Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Гәлиа Иасыф-иԥа Дырмит ишдыру еиԥш, аԥсуа жәлар аҵаралашарахь ркылгаразы инапы злакыз арккара- еиҿкааратә усқәа рацәан. Имҩаԥигоз анаҩсгьы, иҳәатәу иақәнагоу ҳәашьала анагашьагьы дақәшәон ианаҭахыз.

Уи ус шакәу арҵабыргоит ишәыдаагало, Асовет еидгыла иреиҳаӡоу аилазаара ахантәаҩы К.Е. Ворошилов иахь 1954 шықәса рзы иишьҭыз, ижәлар гәакьа рыгәҭыхажәа ахьааирԥшуа ашәҟәы. Иахьа уи 70 шықәса шахыҵуагьы, Жәлар рпоет усҟан иҵарны иқәиргылоз азҵаарақәа ҳаамҭазгьы инагӡаны иӡбам ыҟоуп…
Ҳаҭыр зқәу Климент Ефрем-иԥа!
Ихымԥадатәины исыԥхьаӡоит шәара шәышҟа абри асалам шәҟәы анашьҭра. Абра иааркьаҿны иарбоуп, сгәаанагарала, Аԥснытәи АССР ԥхьаҟатәи акультуреи анхамҩатә ҿиареи рзы ихадоу азҵаарақәа.
Ишдыру еиԥш, Аԥсны, Бериа инапаҵаҟа иҟаз иусуцәа имҩаԥыргоз ашьауӷатә усқәа ирыхҟьаны, иҟаҵан ҳпартиа амилаҭтә политика иаҿагыло агха ӷәӷәақәа. Ареспубликаҿы ихырбгалан, иқәхын Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла нахыс хәыҷ-хәыҷы иҿиоз еиуеиԥшым акультуратә усҳәарҭақәеи ашколқәеи.
Уажәазы, аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҟаҵоу рацәоуп: иаартуп аԥсуа школқәа, еиҭашьақәыргылоуп аурыс графика шьаҭас измаз ажәытәантәи аԥсуа алфавит, хыԥхьаӡара рацәала русура рамхра апроцесс аанкылоуп аԥсуаа, аурысцәа, аерманцәа уб.егь.

Аха иҟаҵоу азхом, РСФСР иалоу егьырҭ автономтә республикақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа аҩыза аҟаҵаразы. Аԥсны иҟоу амилаҭтә политикатә еилагарақәа раԥыхра мыццакӡакәаноуп ишымҩаԥысуа. Ԥаса рҭыԥқәа рҿы ҳзакәанқәа еилазгоз, ма урҭ реилагара иацхраауаз, иахьа рҽыԥхьаркит, аха ишаабо ала, иҟарҵац ишаҿыц иаҿуп.
Сара 80 ш. схыҵуеит. Уахәаԥшуазар, ҭынч схатә ус ҟасҵалар сылшоит. Аха Аԥсны убри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп, шәысмыргәамҵыр ауам.
Сызлахәаԥшуала, Аԥсны зегь реиҳа иӡбатәны иҟоу зҵаара хадақәаны исыԥхьаӡоит абарҭ:

1. Ашколқәа рҿы аҵарашықәс анҵәара иаҿуп. Иазхәыцтәуп иааиуа аҵарашықәс ҿыц, уи аҽазыҟаҵатәуп. Аԥснытәи АССР аҵаралашара аминистрра аҳасабтә ҿыцқәа рыӡбара иазхиаӡам – аԥсуа бызшәалеи, урыс бызшәалеи аҽазыҟаҵарақәа рырҭбаара. Даара иҽеимкәа имҩаԥысуеит, иқәырцаз аԥсуа рҵаҩцәа ркадрқәа реидкылара. Аурыс бызшәа бзианы издыруа арҵаҩцәа азхаӡом, урҭ рааԥхьаразы акгьы ҟарҵаӡом. Иуҳәар ауеит, аԥсуа школқәа рҿы аҵарашықәс хырбгалоуп ҳәа.
Ԥаса, 30-тәи ашықәсқәа раан ишыҟаз еиԥш иҟам аԥсуа Аҟәатәи апедагогикатә институт, уи зынӡа хықәкыс иамаӡам аԥсуа рҵаҩцәа реиҵааӡара.
Аԥсуа бызшәала ашәҟәқәа рҭы­жьра зуалу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа, арҵага шәҟәқәагьы уахь иналаҵаны, иамаӡам хыԥхьаӡарала иахәҭоу алитературатә усуцәа.
Акагьы ҟаҵаӡам, ахыбгалараҟынӡа инагоу аԥсуа драма аҭагылазаашьа аиӷьтәразы.
Иахәҭоу ҟаҵаӡам Аҟәатәи аурыс драматә театр ашьақәыргыларазы. Уи даара анырра ӷәӷәа анаҭоит ареспубликаҿы акультуратә ԥсҭазаара.
Ашәҟәыҩҩцәа иахьа уажә­раанӡагьы ирылымшеит, аи­ба­шьраан аамҭала иаркыз ржурнал аиҭашьақәыргылара.
Арҭ зегьы ихадаӡоу зҵаарақәоуп, аха сара избом Аԥсны анапхгара ишахәҭоу урҭ рыӡбара рҽазыркуа.

2 . Сызлахәаԥшуала, даара еилаԥаҭоуп ақыҭанхамҩатә зҵаарақәагьы. Ԥасатәи анапхгара Аԥснытәи ақыҭанхамҩа економикатә хықәкыла акәымкәа, даҽакала акәын ишазнеиуаз. 1938 ш. раахыс ихадоу хықәкны ирымаз аԥсуа қыҭақәеи ақалақьқәеи Қырҭтәылантә иаагаз ахҵәацәа рыла рҭырҭәаара акәын. Ишдыру еиԥш, Аԥсны шьхатәылоуп, адгьыл ҟьаҟьара маҷуп.
Уажәыгьы иаҿуп аԥсуа қыҭақәа рҿы ақырҭуа хҵәаҩцәа рнырхара. Урҭ рынхарақәа рзы ихыршьаауеит хәызмам абна кәазақәа. Аԥсны, курорттә зонак аҳасабала, урҭ рыда ԥсыхәа амаӡам. Зны-зынла адац ианкны иҵырхуеит акыр шықәса зхыҵуа ажь ӡахәақәа, џьара-џьара, ахҵәаҩцәа рнырхаразы еиҟарартәуеит анышәынҭрақәа (иаҳҳәап, ақыҭа Оҭҳара).
Убри аҟынтә, ари азҵаара инарҵауланы иҭҵаатәуп. Иазгәаҭатәуп, ԥхьаҟатәи ақыҭанхамҩа техникала аиқәыршәара, арахәааӡараҿы ацхыраара уҳәа убас иҵегьы. Наҟ икажьтәуп ахҵәацәа раагара иадҳәалаз анегативтә хықәкқәа. Урҭ ааха ду рырҭон аԥсуааи, аурысцәеи, аерманцәеи, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ринтересқәа. Иара убас, иазгәаҭатәуп, иҟоуп џьара-џьара убри аҩыза аҭахрақәа Аԥсны аҩныҵҟа, анхацәа ашьха ҭыԥқәа рҟынтәи акаршәрақәа рахь иааганы иахьнырхатәу.
Сгәы излаанаго ала, аусқәа усҟак ибзиам аҭаҭын ааӡараҿы, ажь ааӡараҿы уҳәа, егьырҭ Аԥсны иҟоу ақыҭанхамҩатә культурақәа рҿгьы. Еицырдыруаз аԥсуа ҭаҭын ахаҭабзиара акырӡа илаҟәит, ахыԥхьаӡарагьы иагхеит. Хәы змамыз, ашьха ҭыԥқәа рҿы ирааӡоз аԥсуа жьы ахкқәа есышықәса иаҳа-иаҳа ирыгхоит, Аԥсны ацәыӡра иаҿуп аҭыԥантәи аҩы ссирқәа рыхкқәа.

3. Хәарҭара рымаӡамкәа Аԥсны ақалақьқәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи рыхьӡқәа ԥсахын. Иаҳҳәап, Сухум ԥсахын Сухуми ҳәа, Афон ҿыц ма Ԥсырӡха-Ахали Афони ҳәа, ажәытәтәи ақыҭа Тҟәарчал-Вардисубани ҳәа. Ҭоурыхла ишьақәгылаз ақыҭақәа роурыс хьыӡқәа: Ермоловка, Андреевка, Владимировка рыхьӡқәа ԥсахын наџьнатә ара инхо ауааԥсыра ирзеилымкаауа ажәақәа рыла…
Аҭыԥантәи ауааԥсыра иџьаршьо абарҭ аилагарақәа риашаӡам иахьа уажәраанӡагьы.

4. Лабҿаба иубарҭоуп, хыхь еиқәысыԥхьаӡаз агхақәа зегьы аҭыԥ зрымоу, аҭыԥантәи акадрқәа ахьҽеим азы шакәу. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, усҟантәи Аԥсны анапхгара аусҳәарҭақәа рҿы русура иамырхит аԥсацәа, аурысцәа, аерманцәа реиҳараҩык. Иахьа уажәраанӡагьы аусҳәарҭақәа рҿы аус зуа аԥсацәа, аурысцәа, аерманқәа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Анапхгараҭаратә ҭыԥқәа рҿы иҟоу аӡәык-ҩыџьак роуп. Иаҳҳәап, Аԥснытәи араикомқәа рнапхгаҩцәа 8-ҩык рҟынтә аӡә иоуп иаԥсуоу, аурыс ма аерманы ҳәа аӡәызаҵәыкгьы дыҟам. Инықәырԥшны абас ауп ишыҟоу аҭагылазаашьа араисполком ахантәаҩцәа реилазаараҿгьы. Иубарҭоуп ианраамҭаз аҿагылара аазырԥшуаз ауаа аҭыԥқәа рыҭара шырҭахым. Иубарҭоуп, аилагарақәа ирыцхраауаз иахьынӡалшо рҭыԥқәа рҿы реиқәырхара ишашьҭоу.
Абарҭ зегьы анысҵеит иааркьаҿны, азеиԥш ҟазшьа рыҭаны. Арҭ азҵаарақәа сара исыԥхьаӡоит даара ихадақәаны, иуадаҩны. Убарҭ хьаа дус исымоуп, исуалны исыԥхьаӡоит шәара шәҟынӡа рнагара.
Иахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит авторитет змоу акомиссиа Мос­квантә Аԥсныҟа раагара. Уи акомиссиа, агәра згоит, инарҵауланы аҭыԥ аҿы ишҭырҵаауа аусқәа рҭагылазаашьа, иагьшрыцхраауа аԥсуа жәлар акультуратәи анхамҩатә ргыларақәеи рҿы ирԥыло агхақәеи ауадаҩрақәеи раԥыхраҿы.

Пату дула ишәзыҟоу
Аԥсны жәлар рпоет
Дырмит Гәлиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me