АУАҨЫ ИҦСҬАЗААРА ЗЕГЬЫ ҲНАПЫ ИАНУП

Дыҟаӡам ауаҩы аҧсҭазаара бзиа изымбо,уи иахәҭаку абзиарақәа зегьы ирнысыр зҭахым…Жәаҳәарада, досу данысуеит иҧсҭазааратә мҩа, имоуп иҭахрақәа,игәҭакқәа,урҭ ирыдҳәалоу ахәыцрақәа.

Аҵыхәтәантәи иҭышәынтәалам аамҭазы ауаҩы иҧсҭазаара уаанӡаа аасҭа иаҳа дахӡыӡаартә иҟалеит, избанзар иааҳакәыршан узыцәшәашеи угәы змырҭынчуеи рацәахеит.Ирҳәоит,ауаҩы ихы даҧшәымоуп,уаҵәтәи иҧеиҧш ихала ишьақәиргылоит ҳәа,аха аҧсҭазаара иаҳнарбо ахҭысқәа ишьақәдырҕәҕәоит ус шакәым.
Алахьынҵа… ари ажәа еснагь ауаа рхы-ргәы иҭагьежьуеит.Еиҳау аныҳәара ыҟам «Алахьынҵа бзиа умазааит…» ззырҳәаз изы.Ирҳәоит, иара убас, ауаҩы илахьынҵа иара иӡбоит ҳәа, иҟоуп изҳәо ауаҩы лахьынҵас изазҧхьагәаҭоу дузахырҧом ҳәа. Аха, акыр шықәса раҧхьатәи аамҭахь ҳхьаҧшыр, иаҳгәалымшәар ауам, ауаҩы иҧсҭазаара еиҳа анҵыра шамаз, аҧсра атәы уҳәозар, ақәранҵыра шыҟаз. Иҟалап, уи зыхҟьоз ауаа рыҧсҭазаара еиҳа пату ахьақәырҵоз ирыман аҭагылазаашьа ҩынҩажәижәаба шықәса ҧхьаҟа ирыҵаркуаз агәҭакы ықәыргыланы, шьаҿа-шьаҿала, имыццакӡакәа уи азнеира. Ишҧаҟоу иахьа?! Иахьа аамҭа еиҳа иццакуазшәа ҳбоит, аҿар рзы агәҭынчымра ҳаргәаҭеиуеит, иҟаӡам уаҵәтәи амш иадҳәалоу агәҭакы шынагӡахо агәрагара! Избан? Иҳахьзеи ? Арҭ азҵаарақәа зызцәырымҵуа дыҟаӡам… Аибашьра… Ари ажәа иацу азалымдара ззымдыруада?! Ҭынч аҧсҭазаара… Ари ауаҩы изы игәырҭынчгоу ак акәзароуп, аха иабаҟоу, Адунеи зегь аҿы угәы иаамыхәаша даара ирацәоуп.

«Ишәҭуеит ари адгьылаҿ ашәҭқәа,
Ишәҭуеит ари адгьыл зегьы!
Иаартуп ари адгьыл агәашәқәа,
Иаартуп ари адгьыл агәы!»

Аҧсуа поет ари ззиҳәаз ҳаҧсадгьыл Аҧсны, ииашаҵәҟьаны, акалашәа ишоуп! Ари иҧшьоу адгьыл иқәынхо ауааҧсырагьы уамашәа иссируп.
«Анцәа иишаз Адгьыл!»-ҳҳәоит зегьы. Жәытәнатәаахыс зыҧсадгьыл зыбла ҷыц еиҧш изыхьчоз, зшьала Аиааиреи Ахьыҧшымреи азаазгаз ҳауаажәлар еиқәырхагас еснагь иҳамаз, иахьагьы иҳамоу ҳ-Аҧсуара еиҳау ыҟаӡам. Уи иацу амилаҭтә хдырроуп иахьа иҳамоу , егьа ҳамылацәажәап ҳҳәаргьы, иузымҵәахуа ак акәны иҟалаз азҵаарақәа рыӡбаразы хәшәыс иамоу ак акәны иҟоу!
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҧсны дыҟаӡам змилаҭ еиуаны, саҧсуоуп ҳәа зхы зыҧ­хьаӡо, ­иҳамоу, ҳазлаҧшуа аҭагылазаашьа зымбо. Сызлацәажәо, ауаҩы иҧсҭазаара агәҭакы анагӡара алзмыршо, иаамҭаӡамкәаны ҳҿар рыҧсҭазаара ҿахызҵәо, уаҵәтәи ҳҧеиҧш хзырбгало ахҭысқәа роуп. Аибашьра иацәынхаз ­ҳве­теранцәа, ­ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа зегьы, агәҭынчымра рызцәырнагоит, ихьааргоит иҽеим амаҭәашьарқәа зхы иазырхәо, усда, усурада итәоу, аҭакҧхықәра зхахьы агара зҭахым, аҭаацәара алалара аҿҳәара ахзырҧо аҿар ахьҳамоу. Ари апроблема аӡә имацара итәым, ҭаацәарак ирыхәҭакым, аҧсуаа зегьы ҳаицҿакны иӡбатәу акоуп. Имариоуп насҭха утәаны аӡә итәы аҳәара, зынӡа имариоуп ахара аӡәы идҵара, аха иуадаҩуп амҩа иаша азыӡбара. Абраҟоуп амилаҭтә хдырра хацыркны, аидгылареи аимадареи ахьаарҧштәу. Еилкаауп, иҟаӡам ани аби зхәыҷы дҽеимхар зҭаху, иҟаӡам «убзиаха, ушьаҿа еихугаанӡа шәынтә уазхәыц» ҳәа зымҳәо, аха иҟоуп аҳәара мацара акгьы ишамыхәо еилкааны, сыҷкәын дыбзиоуп, иҽеим ҟаиҵом ҳәа агәра ганы хылаҧшра ҟазымҵо.

Идыруп,ҵәак шәҵәак арбаар шалшо, уи инамаданы, уара-сара мҳәаӡакәа, еилых ҟамҵаӡакәа зегьы ҳахшара рыхдырра зырлашо, аҧсҭазаара бзиазы агәаҧхара рызҭо аҭагылазаашьа рзаҧаҳҵароуп.Уи алзыршо аҭаацәареи, абыргцәа рхеилаки, ҳҳәынҭқарра аиҳабыреи реимадара ауп. Иазхазароуп аҿар рыхшыҩ еилазго амаҭәашьарқәа Аҧсныҟа раагара, иазхазароуп «џьал зцу дсықәымшәааит» ҳәа ишәаҧырҳаҧуа ауаа амҩа ианыло аҟаҵара… Есҽны Аҧсны амҩақәа рҿы иҟало амашәырқәа ирыхҟьаны ауаа рыҧсҭазаара ҿахҵәоит, ргәы иҭаҵәыуа, рыла ак амбо, ргәы ҭаҷаҷоуп Аҧсны бжарак ауааҧсыра!
Азин изҭада «зхы иаҕоу» дызусҭазаалак, ауаҩы аҧсҭазаара агьама зымбац,зыгәҭакқәа ззынамыгӡац, заҧхьаҟа аразҟы ҧшӡа зҧеиҧшхараны иҟаз иҧсҭазаара аанкылара! Азин змада аӡә ихшара иҭархара?! Изхарада?! Ари азҵаара ықәҳаргылоит ҳбызшәадырра аҩаӡара хьаас икны,хыхь зыӡбахә сҳәаз апроблемақәа ҳанрылацәажәо,аха иаабоит шьҭа ахара зегьы ишҳаду,аӡәгьы азин шҳамам насҭха агылара! Зажәа еснагь ихәырбҕьыцыз ҳинтеллигенциа ҳаҧсуа қыҭақәа еибаркны изку, зеихшьаалатә ажәа азакәанқәа ирзакәанны иҟазарц ахәҭоу Абыргцәа,шәыда ҧсыхәа ҳамам!
Шәааи ҳаидгыланы иҳалҳаршап ҳадгьылаҿ ҭынч анхара! Еиҭах ҳрымҵаныҳәап ҳҧааимбарцәа! Иҟалааит аҭаацәа рыхшара рыцәгьара рымбо! Ауаҩы иҧсҭазаара еиҳау мал ыҟаӡам! Ҳандуцәеи ҳабдуцәеи рықәранҵыра ҳаргәырҕьо, рхы иақәгәырҕьо, аҧсҭазаара рхы ахырымбаауа аҧсуаа ҳхәышҭаарақәа дырлашо иҟалааит! Ҳаизыӡырҩып! Ҳахдырра ааҳарҧшып! Азакәан зегьы еицырзеиҧшзароуп! Шәааи досу ҳахьгылоу, ҳнапы злаку аус аҿы ҳазықәҧап аиашара, аразра, аихаҵгылара, зегь раҧхьа иргыланы Ауаҩра!

Мзиа Дауҭиа,
Ҳ.Чамагәуа ихьӡ зху
Гагратәи абжьаратә школ №1
адиректор

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me