Иццакыз хара дызцом

Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳауаажәларраҿы ицәырҵуа апроблема дуқәа иреиуоуп амҩатә машәырқәа. Аццакра иахҟьаны мчыбжьык ала хҩык, ԥшьҩык аҿар ҭахоит.

Ари аҩыза апроблема есышы­­қәса еи­ҳа иа­ктуалхоит, избанзар ама­шьынақәа змоу аҿар рхыԥхьаӡара рацәаҩхоит. Амҩатә ԥҟарақәа еилаго, еиԥхныҩлауа амҩа иану аҿар рхы иазымхәыцуазаргьы, егьырҭ ирызхәыцыр ауп. Урҭ заахо амашьынақәа рҿы иҭатәазар ҟалоит ахәыҷқәа, зцәа зтәым аҳәса…
Иахьа амашьына ақәтәаразы азин узҭо аршаҳаҭга аиура зынӡа ицәгьаӡам, ус анакәха, уи амазаара иҳанаҳәо маҷуп. Амҩатә ԥҟара аилагара азмырхакәа, арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы кны амҩа ианылоит. Амҩа хылаԥшра азҭо аҳәынҭқарратә автоинспекциа ҭыԥцыԥхьаӡа иузыргылаӡом, адыргақәа иҟоу зынӡа ирықәныҟәаӡом. Нас, ӡбашьас иамоузеи ари апроблема? Сгәаанагарала, аԥсҟы зку ауаҩы их­ала ихдырраҿы алкаа анизыҟамҵа амҩа ашәарҭара иацу, насгьы аҭакԥхықәра иду даназымхәыц, апроблема ӡбашьа амам. Аҳәынҭқарра аҟнытә амҩа аԥҟарақәа ирхылаԥшуа амашәырқәа рхыԥхьаӡара маҷхарц азы, русура дырӷәӷәароуп. Ҿырԥшыс иаагозар, аидара мҩанызго амашьына дуқәа ҽынла амҩа ианану, амашьына ласқәа аԥырхага рырҭоит, убри ҟамларц азы, урҭ ашьыжь шаанӡа, амҩа ахьынӡаҭацәу ииаслар рылшоит…
Азакәан ишаҳәо ала, амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга аиура алшоит 18 ш. рынахыс, аха иҵегь инахазаргьы ҟалоит… Амашьына ласқәа инарываргыланы, аццакра рылоуп хыԥхьаӡара рацәала ауаа зҭатәоу автобусқәагьы. Иҭатәоу апассаџьырцәа «ԥшьаала шәца» ҳәа анрарҳәо, аԥсҟы зку аргәамҵуеит, еиҳагьы ирццакны ицоит. Ас еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа иҳанаҳәоит ауаҩы иус гәхьаамкрала дшазыҟоу, амҩа иану, амашьына иақәтәоу ауаа дшырмеиҷаҳауа. Шықәсқәак раԥхьа ицәырҵит ҳа­зну аамҭазы атуристцәа рымаҵ аураҿы даара ахархәара змоу «джиппинг». Амашьына ҳаракқәа рыла, аԥсшьаҩцәа ашьхақәа, аҳаракырақәа рахь ихаргалоит, иара убасгьы иццакны иныҟәырцоит. Абас еиԥш иҟаз амашьына, ҳазну ашықәс аԥхын алагамҭаз амашәыр иақәшәеит.
Асоциалтә ҳақәа рыҟны иаҳбарҭоуп ари аҩыза ахҭысқәа шмаҷым. Ааигәа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы аилацәажәара мҩаԥган абри апроблема инадҳәаланы. Астатистика ишаҳнарбо ала, ҳазну ашықәс аа-мзы рыҩныҵҟала аԥҟарақәа еилазгаз рхыԥхьаӡара иартәеит 57 нызқьи 203-ҩык. Аилагарақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп Аҟәеи Гагреи. Ари апроблема иазхәыцыр рыхә­ҭоуп убас зхәыҷқәа амашьына рыҭаны амҩа ианызҵо аҭаацәа. Аршаҳаҭга рымамкәа, иара убасгьы ҽеила арныҟәцашьа ззымдыруа амҩа ианылоит, аригьы иахҟьо еилкаауп. Абас еиԥш аҭагылазаашьақәа раан аԥсуаа ҳҿы даара ахархәара амоуп аиуара. Аԥҟара еилазгаз иҭынха ила илшоит иус ахҩара, мамзаргьы ирмарианы ихы аҿыхра. Сгәаанагарала, ари апроблема аӡбара ирџьбараны ҳазнеир ауп, зҭынха иеилагарақәа зҵәахуа иусура дамхлатәуп, анаҩс ари аҩыза апроблема ҟамларц азы.
Амҩа уананыло аҭакԥхықәра ду шумоу ухамышҭыроуп. Ҳазегь аҩны иаҳзыԥшуп ҳҭаацәа, бзиа ҳазбо ауаа. Еснагь амҩа алԥха шәыцзааит!
Милана Ажьиба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me