Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ԥхынгәымза 15 инаркны нанҳәамза 4-нӡа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» аҿы имҩаԥысуа аиԥылараҿы рхы аладырхәырц Крымҟа идәықәлеит жәиԥшь шықәса инадыркны, жәибжь шықәса зхыҵуа рҟынӡа 30-ҩык ахәыҷқәа.
Аԥсшьара анаҩсан, иалкаау ахәыҷтәы центр «Артек» аҿы аиԥылара алахәылацәа рзы еиҿыркааит еиуеиԥшым аиқәшәарақәа, аҟаза-икласс, арҵаратә программа убас егьырҭгьы. Адунеи ахи-аҵыхәеи рҟынтәи хышәҩык ахәыҷқәа еиднакылоит ари аиԥылара.
Уи алахәылацәа иҭабуп ҳәа иарҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа аиԥылара ахьеиҿикааз азы.
Ревекка Воуба