«Ашана» аусура еихшьалан

Иуль 12 рзы акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана»  аусура аихшьалара мҩаԥысит.  Уахь имҩахыҵит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба, афонд иааиԥмырҟьаӡакәа ацхыраара азҭо аспонсорцәа, аҭаацәарақәа.

Иазгәаҭатәуп, аихшьала аҟаҵараан ишеиҿкааз афотоцәыргақәҵа «Ирылукаауа ахҿсахьақәа» захьӡу. Ари ацәыргақәҵаҿы иаарԥшын ахәыҷқәеи рҭаацәарақәеи  рсахьақәа.  Урҭ асахьақәа ҭылхуан  Арманда Авакимиан. Ацәыргақәҵа хықәкыс иаман ахәыҷқәа гәыразыла иҭәу рхаҿсахьа ԥшӡақәа рцәыргара.

Анаҩс ажәа иман акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа. Уи иҭабуп ҳәа реиҳәеит  ахәыҷқәа  рыхәышәтәразы афонд ацхыраара азҭо. Агәаанагара имоуп раԥхьаҟагьы  лҵшәа бзиала  аус еицырулап ҳәа.

Иара убас  ажәа лыман агәыҳалалратә фонд «Ашана» аиҳабы Мактина Џьынџьал. Уи иҭабуп ҳәа ралҳәеит имҩахыҵыз зегьы, иазгәалҭеит есышықәсатәи атрадициа инақәыршәаны Аԥсны амобилтә еимадарақәа, зегь раасҭа агәыҳалалра аазырԥшыз абонентцәа аҳамҭақәа шрыҭахо.

Лара дазааҭгылеит,  хықәкы хадас ирымоу  ахәыҷқәа рыцхыраара шакәу. Убри инамаданы, еиҳараӡак афонд «Ашана» иаарыԥхьоит Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтәи аспециалистцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп атравматологцәа, ахирургцәа, ахәыҷтәы неврологцәа, аԥсихиатрцәа.

Илҳәеит русураҿы хәарҭара ду шанаҭо  рхы иадырхәо  Аԥсны агәабзиарахьчареи  афонди еиҿыркааз  апроект «Абиԥара агәабзиара» захьӡу. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны  иҳаҩсыз ашықәс азы марти августи амзақәа рзы аҳақьым-аортопед Овсеп Данелиан 240 –ҩык  ахәыҷқәа дрыхәаԥшит. Урҭ рахьтә 15 –ҩык ахәыҷқәа ршьапқәа рзы амаҭәарқәа аҿаҵан.

Феврали августи  рзы ахәыҷтәы неирореаблитациатә центр «Импульс» аҟынтә аспециалистцәа 35 –ҩык  ахәыҷқәа ирыхәаԥшит, урҭ рахьтә ааҩык ҽыхәшәтәра ишьҭын.

Идырбан авидеоролик акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана»  инанагӡог аусура  атәы зҳәо. Иара убас рыӡбахә ҳәан ацхыраара ҟазҵо авалантиорцәа.

Аҵыхәтәан афонд апартниорцәеи аҩызцәеи адипломқәа ранашьан.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me