Аҧсны аминистрцәа Реилазаараҿы

Ииуль 11 рзы Аҧсны аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаҧысит изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан 14 зҵаара.

Ишьақәырҕәҕәаз азҵаарақәа рахьтә иҟан аҳәынҭқарратә документқәа астратегиатә ҟазшьа змоу ашәҟәы иҭагаланы апланҟаҵареи  аҳәынҭқарратә документқәа астратегиатә ҟазшьа змоу аплан ҟаҵаны ашәҟәынҵахьы аиагареи. Аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит, ари азҵаара аҭагылазаашьа шырзаҧнаҵо, аҳәынҭқарратә документқәа ашәҟәы рҭагалараҿы аҧҟарақәа рықәныҟәареи ҿҳәарас ирымои агәаҭаразы.

Анаҩстәи азҵаара азкын Аҧсны аҵәахырҭатә банк аусура иацнаҵаларц Аҧсни Урыстәылеи   аҳәааҿы «Псоу». Уи азҵаара иалнаршоит, абанк амаҵзура аиҕьтәра, ашәахтәқәа ршәара, абанк иадҳәалоу еиуеиҧшым аоперациақәа рынагӡара.

Иара убас изхәыҧшыз азҵаарақәа ируакуп  Аҧсны аминистрцәа Реилазаара анапаҵаҟа иҟоу еиуеиҧшым адокуменқәа рпроектқәа астратегиатә ҟазшьа аҭаны апланҟаҵараҿы иҟоу ауаажәларрахь ицәырганы алацәажәаразы. Ари азҵаара алшара анаҭоит аҿҳәара аҭаны ауаажәларрахь ицәыргахо адокументқәа рпроектқәа. Ари аҧҟара иқәныҟәар ауеит ауаажәларрахь алацәажәаразы ицәыргахо  астратегиатә планҟаҵара змоу апроектқәа: Аҧсны  асоциал-економикатә рҿиара  азҧхьагәаҭара – кыраамҭатәи аҿҳәара змоу; Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара  азҧхьагәаҭара  абжьаратәи ҿҳәарас измоу; Аҧсны аминистрцәа Реилазаара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа; Аҧсны атерриториатә схемақәа рпланҟаҵара апроектқәа; Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара астратегиатә ҟазшьа змоу апроектқәа;  Аҧсны аминистрцәа Реилазаара иаҵанакуа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура апроектқәа.

Ишьақәырҕәҕәоуп Аҧсни Урыстәылеи рҳәаа ахыҵра аусушьа аҧҟарақәа. Аусушьа аҧҟарақәа рахь иаҵанакуеит ауаа аҭыҧқәа рахь рынашьҭра, аҭалара, аҟазаара, анаҩс, иара убас амашьынаныҟәцаҩцәа, аидара мҩанызго амашьынақәа, аҧстәқәа аҳәаа рахгара. Арҭ аҧҟарақәа еиҿкаауп аҳәаахьчаратә усура арманшәалареи аконтроль азуреи рзы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәани инарықәыршәаны.

Изхәыҧшыз азҵаарақәа ируакуп «Афымценергетика аганахь ала анормативтә зин змоу ашәҟәынҵа». Уи атәы инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, Аҧсны аенергетика аминистр Џьансыхә Нанба. Иазгәеиҭеит афымца аганахь ала анормативтә зин змоу ашәҟәынҵа аҿҳәара анҵәара инамаданы, иацҵазарац  2025 шықәса ииун 30 рзынӡа, убри намаданы азин мчы змоу  Аекономика аминистрра  аҟнытә ииагазарц Аенергетикеи атранспорти рминистррахь. Иаҧҵоуп иҿыцу атарифқәа афымцаенергетика аганахь ала еиуеиҧшым акатегориақәа рыла. Ауаасыра  абзазараҿы зхы иазырхәо афымцамчы ахәҧса шьақәгылоуп абас: 10 киловатт инеиҳаны 20 киловатт еиҳамкәа –  500 мааҭ 1 киловатк азы; 20 киловатт еиҳаны  63 киловатт еиҳамкәа – 800 мааҭ 1 киловатк азы; 63 киловатт еиҳаны  2000 мааҭ  1 киловатк азы.

Анаплакҩы изы: 10 киловатт инеиҳаны 20 иреиҳамкәа – 600 мааҭ киловатк азы; 20 инареиҳаны 63 киловатт рҟынӡа – 1000 мааҭ 1 киловатк азы; 63 киловатт инеиҳаны – 2000 мааҭ 1 киловатк азы.

Анаҩс ишьақәырҕәҕәаз азҵаарақәа рахь иаҵанакуан аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭа иҭнажьыз акьыҧхьӡқәеи рыхәҧса ашьақәыргылареи. Аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа-ҧҳа иазгәалҭеит, ааигәа ишеиҿкааз аудиошәҟәқәа аиутуб канал  рҭаҩра, иара убас ишыҭрыжьыз аметодикатә материал  уазыӡырҩуа узхәаҧшуа ашәҟәқәа. Дара русураҿы аҧхьа идыргылоит аҳара, анаҩс аҧхьареи аҩреи аус адырулоит. Лгәы иаанагоит, ас еиҧш ала абызшәа аҵара  азнеишьа имарианы ишрыцааиуа. Насгьы досу иҭел аҟны аҭагылазаашьа имоуп ихы ахархәара. Дазааҭгылеит иара убас абызшәа дырҵаразы агәыҧқәа аус шыруа абарҭ араионқәа рҟны: Очамчыра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гагра,Тҟәарчал. Сентиабр мза инаркны Гал араион аҟнгьы аусура иалагоит агәыҧ. Иазгәалҭеит иааиҧмырҟьаӡакәа арҭ агәыҧқәа шеихшоу ҩ-гәыҧкны,  арҵаҩцәа бзиақәа шрымоу, ацхыраагӡа рхы иадырхәаша шыҟоу. Ииуль анҵәамҭазы иҟалараны иҟоуп  здублиаж ҟаҵоу амультфильм «Кот в сопогах» апремиера. Излалҳәаз ала, Китаи аус адулара иаҿуп аелектронтә рҵага «Азбука» ҳәа изышьҭоу, ахәыҷқәа рхала ашәҟәы еиҧш иаартны, иаҧхьо иазыӡырҩуа аҭагылазаашьа роуеит. Уи иаарласны иаараны иҟоуп.

Анаҩс иазааҭгылан азҵаара 2024-2026 шықәсқәа рзтәи хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа «Аҧсуа-адыгеи кавказ-адыгеи ирзаҧҵоу азҵаарақәа рыӡбара. Апрограммахь иаҵанакуеит хымҧадатәи азҵаарақәа: Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых иазку ахыҵхырҭақәа рыҧшаара (аурыс бызшәа ашҟа реиҭагара, ахҳәаақәа рыҭаны рҭыжьра); Аҧсны аҭоурых аконцепциа ҿыц аиҭашьақәыргылара аҩра; ажәытәӡатәи абжьара шәышықәсақәеи, асовет аамҭеи, ҳазҭагылоу аамҭеи зҵазкуа хазы-хаз Аҧсны аҭоурых азы арҵага цхыраагӡатә аҩра (аҧсышәалеи урысшәалеи); аҧсуаа ртрадициа ргәаларшәара, ркультура, рмузыка, рхореографиа, рфольклор аизгара, аудиовидеонҵамҭақәа рыхҩылаара.

Апрограмма анагӡара иазоужьхоит 16 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтә. Уахьынтә 2024 шықәсазы – 4 миллион мааҭ; 2025 шықәсазы – 5 миллион мааҭ; 2026 шықәсазы – 7 миллион мааҭ.

Изхәаԥшыз   азҵаарақәа рыҩнуҵҟа иҟан Аҧсны афинансқәа рминистрра аколлегиа ашьақәырҕәҕәара, иара убас Гагратәи Очамчыратәи араионтә ӡбарҭақәа  рхыбрақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапаҵаҟахь аиагара.

Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дзаҩымсит  аҵыхәтәантәи  аамҭазы иҟоу амҩатә машәырқәа. Уи иазгәеиҭеит, еиҳараӡак амашьына ныҟәцаҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхы ишадырхәо, мамзаргьы амҩатә ҧҟарақәа шеиларго, иара убас амашьына ирласны ишнаҟәырцо.

Дазааҭгылеит аҵыхәтантәи ашықәсабжа иалагӡаны  амҩатә машәырқәа 70 рахьтә 39 амҩатә машәырқәа амашьына аҧсҟы арыҕьала изҿоу рыла ишыҟалаз. Ус иҟоу амашьынақәа рзы имҩаҧгатәуп апрафилактикатә ҳәаақәа ирҭагӡаны аусура.

Ирылацәажәан егьырҭ азҵаарақәагьы.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me