Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәатәи акоманда "Динамо" акапитан Даур Ахвледиани игәалашәара иазкны ԥхынгәымза 10 азы Гагра ақалақь Д. Ахвледиани ихьӡ зху астадион аҿы имҩаԥысит атурнир.
Ашьапылампыл азы Гагра ақалақь аҿы иҟоу ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкола акоманда аиааира агеит.
Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Гәдоуҭатәи академиа акоманда "Гәдоуҭа", ахԥатәи аҭыԥ – акзаара Академиа акоманда “Unity” ашьапылампыл асҩцәа.
Иреиӷьыз амбахьчаҩ ҳәа далкаан Осман Ашәба, ахәмарҩы-Алеко Кәаҵиа, ахьчаҩ-Леонид Ҵышәба, ампыл амҵарсҩы-Леон Ҳагба, ақәылаҩ-Нарҭ Оҭырба. Атурнир рхы аладырхәит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда ақалақьқәа рҟынтәи 2014 шықәсазы ииз ԥшь-командак.
Аманда Анталаа