Аԥсуа кьыԥхь аҳәаақәа зырҭбаауа

Иахьа изгәалашәо рацәаҩуп Аԥсны акультура Аминистрра иатәу ажурнал «Аԥсны аҟазара» ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ишалиааз. 1977-1978 шш. раан Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа даара еибарххан, еиҳаракгьы Аԥсны Аконституциа адкылара (аиҭакрақәа ралагалара) акәша-мыкәша.

Аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчаразы ақәԥара иабзоураны 1979 ш. асовет еищабыра ҳтәыла асоциал-економикатә рҿиара аганахьала акыр аӡбамҭақәа рыдыркылеит, иара убас рҭыжьра аԥшьган ҩ-журналк: «Аԥсны аҟазара», Аԥсны аҵара Аминистрра иатәу аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аԥсҭазаареи». Арҭ аҭыжьымҭақәа рыҩбагьы сынтәа 55 ш. рхыҵуеит.
«Аԥсны аҟазара»
1979ш. иҭыҵит ажурнал «Аԥсны аҟазара» раԥхьатәи аномер. Уи редактор хадас даиуит ашәҟәыҩҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Џьума Аҳәба, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс – апоет, апублицист Сарион Ҭаркьыл, асахьаҭыхратә редакторс – Виссарион Ҵәыџьба, аҟәша аиҳабыс – Светлана Қорсаиа.
Ишдыру еиԥш, уаанӡа аҟазара иазкны аԥсышәала иҭыҵуаз ажурнал ыҟамызт. Аԥсуа ҟазара ахырхарҭақәа зегьы зныԥшуаз аԥсышәала иҭыҵуаз ажурнал амилаҭтә ҟазара амаҵ азызуаз зегьы агәацԥыҳәара рнаҭеит, адгыларагьы аадырԥшуан.
Аредакциа аусзуҩцәа реиԥш, ажурнал аредколлегиа иалан: Азиз Агрба, Боча Аџьынџьал, Иура Аргәын, Мери Аҳашба, Валери Аҳашба, Владимир Аҵнариа, Едуард Бебиа, Олег Дамениа, Елена Малиа. Урҭ рнаҩсангьы лассы-лассы аредакциахь имҩахыҵуан, ажурнал иазҿлымҳан Алықьса Гогәуа, Валери Гамгиа, Геннади Аламиа уҳәа аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы.

Аханатә аредакциа аус­ура иҭы­шәынтәаланы еиҿкаахарц ахатә усурҭа ауадақәа амамызт. Аха, ега ус акәзаргьы, уи амаҵ азызуаз аусура еиҵадырхомызт. Ишнеи-шнеиуаз, 1985 ш. арҿиаратә еиҿкаарақәа рзеиԥш хыбра (иахьа – Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут) анрырҭа, «Аԥсны аҟазара» аредакциагьы уахь ииаган. Есааира аусура амҽхак ҭбаахон, аԥхьаҩцәагьы иргәаԥхон.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ажурнал аредакциаҿы аус руан: апоет, иаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Виачеслав Ҷыҭанаа, иара убас асахьаҭыхҩы Рауф Барцыц, акультура аусзуҩы, аиҭагаҩ Ҭамила Аршба уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ҳажәлар риааирала ианеилга, ҩаԥхьа Џьума Аҳәба инапхгарала ажурнал аредакциа аусура иацнаҵеит.
Ажурнал раԥхьатәи аредактор Џьума Аҳәба, уи ивагылаз иҩызцәа рлагала бзиа ҟарҵеит аԥсуа ҟазара аӡыргараҿы, аихьӡарақәа рыларҵәараҿы. Аредактор хада аҭыжьымҭа напхгара азиуан иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭазынӡа, 2019 ш. иԥсҭазаара далҵаанӡа. Анаҩс ажурнал аредактор хадас дарҭеит апоет, аиҭагаҩ, аԥышәа ду змоу апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа. Уи инапхгарала Аԥсны акультура аминистрра иатәу ажурнал «Аԥсны аҟазара» атрадициақәа ирыцҵо, еихаҳауа иаауеит.
«Ашколи аԥсҭазаареи»

Аԥсны аҵара аминистрра иҭнажьуа аҭҵаарадырра-педагогикатә журнал «Ашколи аԥсҭазаареи» аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыҵуеит 1979 ш. раахыс.
Ажурнал раԥхьаӡа аредакторс дыҟан Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аметодист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет (арҵаҩратә институт) аматематика акафедра адоцент Иуана Асаӡба. Уи инарҵауланы адыррақәа ирҳахьан аҵара-ааӡареи аҭҵаарадырреи рҟны, шьахәла еиликаауан алитературеи, аҭоурыхи, аҭыжьра ауси. Ари зегьы ажурнал аҵаки аиқәыршәашьеи ирныԥшуан.
Хымз ­рахьтә знык иҭы­ҵуаз ажурнал рс­татиақәа аны­рҵон арҵаҩцәа, аме­тодистцәа, аҵара-ааӡара знапы ала­кыз аӡәырҩы. Урҭ зегьы ахәы­ҷбаҳчақәа, ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа русзуҩцәа рзы ицхыраагӡақәан, аметодикатә хархәагақәа даара ихәарҭан. Ҳәара аҭахума, ажурнал акьыԥхьымҭақәа ирыԥхьон, рхы иадырхәон иара убас аҵаҩцәеи астудентцәеи. Иахьагьы иззыԥшу ҭыжьымҭоуп.
Аҭыжьымҭа аҟны аус руан: Руслан Қапба, Бабуца Абыхәба уҳәа аԥышәа змаз азанааҭдырҩцәа.
Иахьа «Ашколи аԥсҭазаареи» редактор хадас дамоуп акыр шықәса раахыс араҟа аус зуа Лиалиа Чамагәуа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me